Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьынџьалԥҳа Урыстәылантәи ахәыҷтәы психиатр лааразы: иҟоу азҵаарақәа зегьы аҳаракыр ҳҭахуп

Џьынџьалԥҳа Урыстәылантәи ахәыҷтәы психиатр лааразы: иҟоу азҵаарақәа зегьы аҳаракыр ҳҭахуп
Анапаҵаҩра
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи ахәыҷтәы омбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳаи реиԥылараҿы иззааҭгылаз азҵаарақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаҩ. Иара убасгьы далацәажәеит Аԥсны ахәыҷтәы психиатрцәа разымхара ицәырнаго ауадаҩрақәа ртәы.
Аԥсны апсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы иҟаӡам ахәыҷтәы ҟәша, иҳамаӡам зегьы еицаҳзеиԥшу асиагьы уи аганахьала ацхыраара зҭаху рзы ҳәа азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа арадиоефир аҿы.
"Иара ахәыҷтәы психиатрцәагьы маҷны иҳамоуп. Ҳара иҳаздырӡом ус еиԥш ацхыраара зҭаху Аԥсны ахәыҷқәа шаҟаҩы ыҟоу. Иҟоуп ахәыҷқәа згәабзиара инагӡаны иҭҵаам апсихиатриа аганахьала. Иумоу ачымазара узымдыруазар, ишыхәшәтәтәугьы уздырӡом. Зҭак ҳамам азҵаарақәа аҳаркырцаз аминистри сареи ҳаицәажәон. Иаҳҭахуп ааԥхьара лаҳҭарц Ростовнтәи иреиҳаӡоу аквалификациа змоу апсихиатр Оксана Мельникова. Абҵара 19 рзы лара лаара азгәаҭоуп. Ҩымчыбжь ирҭагӡаны араионқәа зегьы ҳархысырц ҳгәы иҭоуп. Уи анаҩс ҳгәы инаагоит ахәыҷқәа рсиа ашьақәыргылара ҳалшоит ҳәа, уи агәабзиарахьчара аминистрра иаҭахоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0