https://sputnik-abkhazia.info/20231112/abaraara-lykhnasha-aaranya-maysit-1049032800.html
Абарақьаҭра: Лыхнашҭа аҽаҩраныҳәа мҩаԥысит
Абарақьаҭра: Лыхнашҭа аҽаҩраныҳәа мҩаԥысит
Sputnik Аҧсны
Акыр шықәса раахыс, есышықәса Лыхнашҭа имҩаԥргоит ибарақьаҭроу аҽаҩраныҳәа. 12.11.2023, Sputnik Аҧсны
2023-11-12T20:30+0300
2023-11-12T20:30+0300
2023-11-12T20:58+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/0c/1049028327_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_be592ba8c93d789c52088264307b5dda.jpg
Сынтәатәи аныҳәа иалахәын Гәдоуҭа араион 20-қыҭеи, Афон ҽыц ақалақьи, Ҟарачы -Черкесскынтәи абазақәеи, Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра амузеии.Аҽаҩра аныҳәа есышықәса ҭагалан имҩаԥыргоит, акоронавирустә пандемиа аныҟаз ада. Ари араион азы иныҳәа дууп. Аныҳәахь алахәылацәа инаргоит рхатәы аалыҵ, рҽаҩра, ицәырыргоит рнапкымҭақәа, еиҿыркаауеит ацәыргақәҵақәа.Аныҳәа ханарҭәаауеит акультуратә программа. Асценахь ицәырҵоит акәашаратәи авокалтәи аколлективқәа, аестрадатә шәаҳәаҩцәа. Иара убас, имҩаԥысуеит итрадициатәу аспорт хәмаррақәа, ахыци ахәымпали рыла ахысра, ҽыла ампыл асра уҳәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/0c/1049028327_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_f062b58a88ec33b8432900d12050ae35.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
афотосахьақәа, фото
Абарақьаҭра: Лыхнашҭа аҽаҩраныҳәа мҩаԥысит
20:30 12.11.2023 (ирҿыцуп: 20:58 12.11.2023) Акыр шықәса раахыс, есышықәса Лыхнашҭа имҩаԥргоит ибарақьаҭроу аҽаҩраныҳәа.
Сынтәатәи аныҳәа иалахәын Гәдоуҭа араион 20-қыҭеи, Афон ҽыц ақалақьи, Ҟарачы -Черкесскынтәи абазақәеи, Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра амузеии.
Аҽаҩра аныҳәа есышықәса ҭагалан имҩаԥыргоит, акоронавирустә пандемиа аныҟаз ада.
Ари араион азы иныҳәа дууп. Аныҳәахь алахәылацәа инаргоит рхатәы аалыҵ, рҽаҩра, ицәырыргоит рнапкымҭақәа, еиҿыркаауеит ацәыргақәҵақәа.
Аныҳәа ханарҭәаауеит акультуратә программа. Асценахь ицәырҵоит акәашаратәи авокалтәи аколлективқәа, аестрадатә шәаҳәаҩцәа. Иара убас, имҩаԥысуеит итрадициатәу аспорт хәмаррақәа, ахыци ахәымпали рыла ахысра, ҽыла ампыл асра уҳәа.

Аҽаҩраныҳәа мҩаԥысит Лыхнашҭа амҽыша, абҵара 12 рзы.

Раԥхьаӡа акәны сынтәа аныҳәа рхы аладырхәит Ҟарачы -Черкесскынтәи абазақәа.

Аныҳәа дырлахҿыхит ашәаҳәаҩцәеи акәашаҩцәеи.

Ирацәаҩын амилаҭтә маҭәала зҽеилаҳәан аныҳәахь иааз.

Аныҳәа иалахәыз ақыҭақәа ицәырыргеит ажәытә ахархәара змаз, аԥсуа ибзазаратә маҭәарқәеи анаплыхқәеи.

Досу рашҭақәа дырԥшӡеит сынтәа ироуз рҽаҩра ацәыргарала, иҟан ахәырмарҩа, аџьанџьыхәа, апырпыл, аҽыш рыԥхрақәа.

Асасцәа агьама ддырбон аԥсуа милаҭ чыс.

Қыҭақәак рашҭақәа рҿы ацә аҵәы иахаҵаны ирӡон.

Аныҳәа иалахәызи асасцәеи ирыдырныҳәалеит Атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб, Жәлар реизара аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәеи аиҳабыра реилазаара алахәылацәеи.

Сынтәатәи аныҳәа иалахәын Гәдоуҭа араион 20-қыҭеи, Афон ҽыц ақалақьи, Ҟарачы -Черкесскынтәи абазақәеи, Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра амузеии.

Ақыҭақәа зегьы рашҭақәа ауаҩы игәалаҟазаара шьҭнахарҭә, игәы хнахарҭә еиҿкаан. Зегьы барақьаҭран.

Аныҳәаҿақәа шьҭырхон аԥсуа жәлари, адунеи аҟны аҭынч ԥсҭазаареи рзы.

Аныҳәа иузаҟәымҭхо иацу ҽыла ампыл асра, адәаҟны лхааи дәрыԥшьааи реиҩызаратә хәмарра.

Аныҳәатә программа иацҵо ашҭахь ицәырҵит аҽыхәмарҩцәа.

Аҽаҩраныҳәара апрограммаҿ иара убасгьы иҟан, амилаҭтә хәмаррақәа маҷымкәан.

Ҳаамҭазы уарла-шәарла иуԥыло аҽада хәыҷы, Тыковка ахәыҷкәа даара ргәы иақәшәеит.

Аныҳәа аҳаҭыр азы, Лыхнашҭа иахыԥрааит аҳаирпланшәарыцақәа.