Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ачуан иҭоу амҳаԥ иадыруеит": аԥхыӡқәеи жәлар разгәаҭарақәеи рахьтә

© Sputnik / Томас ТхайцукПраздник Ажьырныхуа в селе Джирхва
Праздник Ажьырныхуа в селе Джирхва - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.11.2023
Анапаҵаҩра
Аԥхыӡқәеи аԥсуа жәлар разгәаҭарақәеи рахьтә ҿырԥштәқәак ҳзеидылкылеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба иажәабжьқәа руак аҟны заманалаҵәҟьа иааирԥшуеит аԥсуаа рыбзазара: "Ахәышҭаараҿы амҿқәа еиҿажьны, амца агәгәаҳәа еиқәны, аҽҳәаҿ агара ҵысуа, архнышьнаҿ икнаҳауп ахьурӡы…"
Ишаадыруа еиԥш абысҭа ҳмилаҭтә чыс хкқәа ираԥхьагылоуп, пату ақәуп. Абысҭа ууразы иазурхиароуп ахьурӡы (ахьы ауразы аӡы). Абысҭа зларуа ачуан иахьӡуп "ахьурӡы чуан". Иара лымкаала абысҭа иазкуп, даҽа фатәык алаҟарҵом. Ипашәӡа, ицқьаӡа ирымоуп, ианаарҭаххалак аамҭазы рхы иадырхәарц.
Ҳазлацәажәо атематикала жәлар рҟәыӷара иарҿиаз ажәаԥҟақәа иреиуоуп: "Ачуан иҭоу амҳаԥ иадыруеит", "Ачуан ду аӷьӷьарагьы дууп", "Ачуан иҭоу зымфаша, (ззымфаша) аца иҭоу дахыбаауеит; зычуан иҭоу зымфаша, игәыла ица иҭоу дазыԥшуеит; ачуан иҭаз зымфаша, аца иҭаз дахыбаауан" - аҵыхәтәантәи ажәаԥҟақәа шынеишабаку ауаҩ ԥсыцәгьа изкуп. Зхатәы ззымфаша даҽаӡәы итәы данахыбаауа, данеиҩаӡо, имихырц аниҭаху абас изырҳәоит.
Приготовление абысты. - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.10.2021
Аԥсуа ичеиџьыка агәҭылса: абысҭа иазку афактқәа жәаба

Аԥхыӡқәа

Аԥсуа мца иахакнаҳау ахьурӡы цәажәоит ахәаҭахәаҭаҳәа. Амца арба-арбо, ахьурӡы чуан аҿы иууа абысҭа даҽакхоит, еиҳа игьамахоит. Акҿыҩраҟны ицхыраагӡоу ачуан иалшоит аԥхыӡқәа рҿы еиуеиԥшым адыррақәа узаанартыр.
Ԥхыӡла афатә зҭоу ачуанқәа хаз-хазы рыргылара – аџьынџь аизҳара, аҭаацәа реиҿыҵра иамааноуп.
Ачуан ҭацә аиԥхыӡра – амҩан аиқәымшәара, аҿаҵахәы аӡра иамааноуп.
Ачуан ҭацә кнухуа ԥхыӡла иубар – ашәарыцараҿ аиқәымшәара иазҳәоуп.
Ажәеиԥшьаа ачуан кнарҳауа уеиԥхыӡыр, - ашәарыцараҿ аиқәшәара ду иазҳәоуп.

Ажәлар разгәаҭарақәа

Аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа ҳрызхьаԥшуазар, урҭ рахьтә имаҷым иахьатәи ҳтема иақәшәо.
Амца иахакнаҳау ачуан иаду арацәа амца акыр амш цәгьахоит рҳәоит.
Аҭаацәара иаламлац аԥҳәызба ачуан иҭырго аҵыхәтәантәи абысҭа ҿахра афара бзиа илбозар, акыраамҭа дҭаацәарахом.
Абысҭа ануулак ашьҭахь ачуан икыдло ачхәар афара бзиа избо изы аҭаацәара анаԥиҵо аҽны амшцәгьа иқәшәоит рҳәоит.
Абысҭа нанҵаны ачуан амҳабысҭа нҭаршәны иаанужьыр, ҵасым, "аҭаацәа реиҳабы ииҳәо дақәымшәо дҟалоит".
Аӡы амца иахьахакнаҳау агәара-гәараҳәа аҭаацәа ирылашыр ҵасым рҳәоит.
Ачуан аҵа акәицқәа ацраланы икыдыблаауа ианалага – амшцәгьа.
Ачуан иҭырго аҵыхәтәантәи аҿахра аӡӷаб илырҭомызт, ахьча дигоит ҳәа.
Ачуан еиқәаҵәа аҵеџь иҭшьны аӡы ртар, ақәа леиуеит ҳәа иԥхьаӡан.
Абхазская деревня - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2020
"Счеиџьыка уаӷрамгылан": аишәаҿы ахымҩаԥгашьа аетикет
Ажәабжьқәа зегьы
0