Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Лыхнашҭа даҭааит

© Sputnik / Томас ТхайцукПраздник урожая в селе Лыхны
Праздник урожая в селе Лыхны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.11.2023
Анапаҵаҩра
Ҭагалантәи аҿаҩраныҳәа есышықәса Аԥсны иазгәарҭоит Лыхнашҭа. Cынҭәа имҩаԥысит амҽыша, абҵара 12 рзы.
ЛЫХНЫ, абҵара 12 - Sputnik, Бадри Есиава. Атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Лыхнашҭа даҭааит.
Гәынба атәыла ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала даԥхьеит адныҳәаларатә шәҟәы. Уаҟа инаҵшьны иазгәаҭоуп, ас еиԥш иҟоу аныҳәақәа разгәаҭара аԥсуа ҵас, ақьабз аиқәырхараз акыр шаҵанакуа.

"Ҳажәлар акыр ауадаҩрақәа рхыргахьеит, уи шаҳаҭра азнауеит ашәышықәсақәа зхыҵуа ари Лыхнашҭатәи аҭәаҵла. Иахьа ҳазегьы уаҵәтәи амш еиӷьхап ҳәа ҳгәыӷуеит. Сара агәра згоит, ҳаидгыланы иҳалшо зегьы ҟаҳҵар аҿиара, аизҳара, шыҟало. Ҳажәлар ибеиоу, насыԥ змоу, еизҳауа, иҿио ртәыла иаԥшәымацәаны ишыҟало", - ҳәа аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.

Иара убас, аныҳәа рхы аладырхәит Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб, Жәлар реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны АШәМ ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба, адепутатцәеи аиҳабыра реилазаара алахәылацәеи.
Дара қыҭацыԥхьаӡа рашҭақәа ирҭан рҿамаҿа агьама рбеит, аныҳәа алахәылацәеи асасцәеи ари ахҭыс рыдырныҳәалеит. Ирзеиӷьаршьеит аҭынчра, аманшәалара, аинҭәылара.
Праздник урожая в Лыхны - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.11.2023
Аԥсны
Лыхнашҭа аҽаҩраныҳәа азгәаҭара иалагеит
Ажәабжьқәа зегьы
0