https://sputnik-abkhazia.info/20231112/byba-aatsa-abyzsha-khchany-iareit-ara-khya-ishakhaz-iazrymeit-1048964980.html
Быҭәба: ҳҭаацәа ҳабызшәа хьчаны иҳарҭеит, ҳара ҳхәыҷқәа ишахәҭаз иҳазрымҭеит
Быҭәба: ҳҭаацәа ҳабызшәа хьчаны иҳарҭеит, ҳара ҳхәыҷқәа ишахәҭаз иҳазрымҭеит
Sputnik Аҧсны
Ҳасан Быҭәба Ҭырқәтәыла иоуз ааӡара, аԥсуа ақыҭақәа рҿы ахеиқәырхараз иҟаз аԥҟарақәа, Аԥсныҟа даныхынҳә иара ишиҭыхыз еиԥш аԥсҭазаара шыҟамлаз, насгьы ихәыҷқәа... 12.11.2023, Sputnik Аҧсны
2023-11-12T17:55+0300
2023-11-12T17:55+0300
2023-11-12T17:55+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
зхьышьҭра змырӡыз
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/07/1048964815_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_779e2e5dfebd4f0d3c3f09e9424fe96a.jpg
Зхьышьҭра змырӡыз: Ҳасан Быҭәба иҭоурых иазкны
Sputnik Аҧсны
Зхьышьҭра змырӡыз: Ҳасан Быҭәба иҭоурых иазкны
Ҳасан Аԥсныҟа дааит 20 шықәса раԥхьа. Аԥсны знык иаҳбандаз, нас уаҳа ҳҭахӡам ҳәа ҳхәыцуан ҳәа азгәаиҭоит аиҿцәажәараҿы иара. Аибашьра ианалага Ҳасан Аԥсныҟа дзымааит, уи зыхҟьаз атәы еиҭеиҳәеит."Саар сҭаххеит еибашьра, сыҷкәынан, сбылуан, аха саб мап икит. Ақыҭараҿы сара сакәын ҷкәынас иҟоу. Ҳажәла ныҟәызгаша аӡәгьы дыҟаӡам, аӡә даҳҭахуп, аибашьраҿы уҭахар алшоит ҳәа саиҳәеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳасан Быҭәба.Ҳаизаны ажәытә аԥсуа шәақәа ҳарзыӡыруан, уи арадио аҟынтә ианҳаҳалак ҳҭынчхон ҳәа игәалаиршәоит Ҳасан."Ақыҭа уалҵны ақалақь ахь укылсыр убызшәа аҳәара азин умаӡамызт. Ақыҭараҿы аҭырқәшәала уцәажәар ԥхашьара дуун, убызшәа уҳәар акәын. Ҳара убас ҳааӡан. Уи ҳҭаацәа иҳарҭеит, аха ҳара ҳхәыҷқәа иҳазрымҭеит", - ҳәа азгәеиҭеит Быҭәба.Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/07/1048964815_101:0:1238:853_1920x0_80_0_0_b45fb226e6d3bf759bc6efbef9075ee2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, зхьышьҭра змырӡыз, аудио
аԥсны, аподкаст, зхьышьҭра змырӡыз, аудио
Быҭәба: ҳҭаацәа ҳабызшәа хьчаны иҳарҭеит, ҳара ҳхәыҷқәа ишахәҭаз иҳазрымҭеит
Ҳасан Быҭәба Ҭырқәтәыла иоуз ааӡара, аԥсуа ақыҭақәа рҿы ахеиқәырхараз иҟаз аԥҟарақәа, Аԥсныҟа даныхынҳә иара ишиҭыхыз еиԥш аԥсҭазаара шыҟамлаз, насгьы ихәыҷқәа аԥсшәа ахьырзымдыруа шхьааиго, абарҭқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Ҳасан Аԥсныҟа дааит 20 шықәса раԥхьа. Аԥсны знык иаҳбандаз, нас уаҳа ҳҭахӡам ҳәа ҳхәыцуан ҳәа азгәаиҭоит аиҿцәажәараҿы иара. Аибашьра ианалага Ҳасан Аԥсныҟа дзымааит, уи зыхҟьаз атәы еиҭеиҳәеит.
"Саар сҭаххеит еибашьра, сыҷкәынан, сбылуан, аха саб мап икит. Ақыҭараҿы сара сакәын ҷкәынас иҟоу. Ҳажәла ныҟәызгаша аӡәгьы дыҟаӡам, аӡә даҳҭахуп, аибашьраҿы уҭахар алшоит ҳәа саиҳәеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳасан Быҭәба.
Ҳаизаны ажәытә аԥсуа шәақәа ҳарзыӡыруан, уи арадио аҟынтә ианҳаҳалак ҳҭынчхон ҳәа игәалаиршәоит Ҳасан.
"Ақыҭа уалҵны ақалақь ахь укылсыр убызшәа аҳәара азин умаӡамызт. Ақыҭараҿы аҭырқәшәала уцәажәар ԥхашьара дуун, убызшәа уҳәар акәын. Ҳара убас ҳааӡан. Уи ҳҭаацәа иҳарҭеит, аха ҳара ҳхәыҷқәа иҳазрымҭеит", - ҳәа азгәеиҭеит Быҭәба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.