Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҭырқәтәыла еиҿкаау Аԥсуа Федерациа ахантәаҩ ҿыц далхуп

© Foto / Пресс-служба Парламента АбхазииИзбран новый глава Федерации абхазских культурных центров в Турции
Избран новый глава Федерации абхазских культурных центров в Турции - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.11.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа VIII аизара ду мҩаԥысит Ҭырқәтәыла, Измиҭ ақалақь аҟны абҵара 12 рзы. Уи иалахәын аԥсуа парламент аҟынтәи Инар Гицба, Венори Бебиа, Баҭал Џьопуа.
АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik. Ҭырқәтәыла еиҿкаау Аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа ахантәаҩыс далхуп Левенҭ Аҭрышба. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Жәлар Реизара апресс-маҵзура.
Ари аҭыԥ аҟны, иара убасгьы иқәгылан Ҳасан Чычбеи Ерџьаи Ԥачкориеи ркандидатурақәагьы.
Аизара аҟны ахада иалхра анаҩсгьы, Афедерациа ахеилак аилазаара ҿыц шьақәыргылан.
Иахьатәи аамҭазы Ҭырқәтәыла еиҿкаау Аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа иалоуп 22 дернеқь. Арҭ ахеидкылақәа аԥҵоуп, аԥсуа-абаза жәларқәа реидкылара, ретнокультура аиқәырхара, рџьынџьԥсадгьыли дареи рыбжьара аимадарақәа рырӷәаразы.
Абхазо-абазинский культурный центр открылся в турецком Йелбурдаке - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.07.2022
Аԥсны
Ҭырқәтәыла иаатит Аԥсуа культуратә центр ҿыц
Ажәабжьқәа зегьы
0