https://sputnik-abkhazia.info/20231115/aaraua-uasil-aba-nasy-symoup-akha-zeg-ryla-skhazynoup-a-saom-1049067992.html
Аҵарауаҩ Уасил Аҩӡба: насыԥ сымоуп, аха зегь рыла схазыноуп ҳәа сҳәаӡом
Аҵарауаҩ Уасил Аҩӡба: насыԥ сымоуп, аха зегь рыла схазыноуп ҳәа сҳәаӡом
Sputnik Аҧсны
Алитератураҭҵааҩ, ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырра аусзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара... 15.11.2023, Sputnik Аҧсны
2023-11-15T16:26+0300
2023-11-15T16:26+0300
2023-11-15T16:26+0300
аԥсны
авидеонҵамҭақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/0f/1049071626_0:0:1280:720_1920x0_80_0_0_8ad3eea28c95cebf0b1e977898e3d398.jpg
Алитератураҭҵааҩ, ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырра аусзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу, Гь. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Уасил Аҩӡба 65 шықәса ихыҵит. Аҵарауаҩ иныҳәамш аҽны арадио Sputnik аефир ахь ааԥхьара иаҳҭеит, иара изанааҭ, ихатә ԥсҭазаара, игәҭакқәа ртәы дҳазрылацәажәеит.Жәохә шықәса инареиҳаны Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт напхгара аиҭон. Уасил Шамониа-иԥа аџьабаа ду адибалеит аибашьраан иқәыццышәааз аҭҵаарадырра ахәышҭаара аиҭарҿиара, иара дзышьҭаз, иагьынаигӡаз ахыдҵа хадақәа иреиуоуп Аԥсуа институт аҿы аԥсышәала адиссертациақәа рыхьчара алыршареи, ақыҭақәа рҿы дырҩегь афольклор анҵара азыхынҳәреи уҳәа аԥсуа ҭҵаарадырразы аихьӡарақәа жәпакы.Иара инапы иҵыҵит ашәҟәқәа: "Аԥсуа роман", "Аамҭа ашьҭақәа", "Алаԥшҳәаа", ҩ-томкны еидикылаз агазеҭ "Аԥсны" 1919–1921 шықәсқәа, убас хыԥхьаӡара рацәала астатиақәа, аԥхьажәақәа, ажәахәқәа. Еизганы иҭижьхьеит ашәҟәыҩҩы Мушьни Аҳашба акьыԥхь зымбацыз иҩымҭақәа. Иара убас ааигәа ҩ-томкны иҭыҵыз "Аԥсуа енциклопедиа" аредактор хадас дамоуп."Насыԥ сымоуп, ҳәарас иаҭахуи, аха шьоук реиԥш исҳәаӡом иааҟасҵаз зегьы бзиоуп, схазыноуп зегь рыла, даҽазнык амҩа санылар убас сықәсуан ҳәа. Мап. Агхақәа сыман, исырҽеиша ыҟан, аха иааидкыланы сахьынӡааиз сааит, исылшаз сылшеит", - иҳәеит Аҩӡба.Шәахәаԥш Sputnik Аԥсны астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/0f/1049071626_161:0:1121:720_1920x0_80_0_0_451f6e8d1b1d435dde43ace670753aa7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
авидеонҵамҭақәа, видео
Алитератураҭҵааҩ, ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырра аусзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу, Гь. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Уасил Аҩӡба 65 шықәса ихыҵит. Аҵарауаҩ иныҳәамш аҽны арадио Sputnik аефир ахь ааԥхьара иаҳҭеит, иара изанааҭ, ихатә ԥсҭазаара, игәҭакқәа ртәы дҳазрылацәажәеит.
Жәохә шықәса инареиҳаны Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт напхгара аиҭон. Уасил Шамониа-иԥа аџьабаа ду адибалеит аибашьраан иқәыццышәааз аҭҵаарадырра ахәышҭаара аиҭарҿиара, иара дзышьҭаз, иагьынаигӡаз ахыдҵа хадақәа иреиуоуп Аԥсуа институт аҿы аԥсышәала адиссертациақәа рыхьчара алыршареи, ақыҭақәа рҿы дырҩегь афольклор анҵара азыхынҳәреи уҳәа аԥсуа ҭҵаарадырразы аихьӡарақәа жәпакы.
Иара инапы иҵыҵит ашәҟәқәа: "Аԥсуа роман", "Аамҭа ашьҭақәа", "Алаԥшҳәаа", ҩ-томкны еидикылаз агазеҭ "Аԥсны" 1919–1921 шықәсқәа, убас хыԥхьаӡара рацәала астатиақәа, аԥхьажәақәа, ажәахәқәа. Еизганы иҭижьхьеит ашәҟәыҩҩы Мушьни Аҳашба акьыԥхь зымбацыз иҩымҭақәа. Иара убас ааигәа ҩ-томкны иҭыҵыз "Аԥсуа енциклопедиа" аредактор хадас дамоуп.
"Насыԥ сымоуп, ҳәарас иаҭахуи, аха шьоук реиԥш исҳәаӡом иааҟасҵаз зегьы бзиоуп, схазыноуп зегь рыла, даҽазнык амҩа санылар убас сықәсуан ҳәа. Мап. Агхақәа сыман, исырҽеиша ыҟан, аха иааидкыланы сахьынӡааиз сааит, исылшаз сылшеит", - иҳәеит Аҩӡба.
Шәахәаԥш Sputnik Аԥсны астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.