Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Еицырдыруа ахьыӡқәа: актиор Даур Арухаа

Еицырдыруа ахьыӡқәа: актиор Даур Арухаа
Анапаҵаҩра
Атеатр зыԥсҭазаара иузаҟәымҭхоны иҟалаз, 30 шықәса инареиҳаны асценаҟны адрама, атрагедиа, акомедиатә қәыргыламҭақәа ирылахәу, акритика пату ззақәу Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист, Аԥсуа драматә театр актиор Даур Арухаа иахьа иира мшуп, 55 шықәса ихыҵит.
Актиор еиҭеиҳәеит ажәбатәи акласс аҟны дантәаз раԥхьатәи ироль ашкол аҟны ақәыргыламҭаҿы ишынаигӡаз. Далгеит Қарҭтәи атеатралтә университет. Уи ашьҭахь аус иуан Ахәаԥшҩы қәыԥш итеатр аҟны Аҟәа. Уи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ианырблы ашьҭахь, 1993 шықәсазы Аԥсуа драматә театр аҟны аусура далагеит.
Даур Арухаа атеатртә сценаҿы раԥхьаӡа иихәмарыз ахәаахәҭҩы ироль амшьҭа бзиан ҳәа иԥхьаӡоит. Аспетакль "Ахәаахәҭҩи амаалықьи" (А. Кучаев) аибашьра ашьҭахь арежиссиор Алхас Шамба иқәиргылеит.
30 шықәса рыҩнуҵҟа актиор Даур Арухаа инаигӡахьеит 40 роль инацны, еиуеиԥшым ажанрқәа рҿы.
"Акритика удумкыло аҽхәаԥхьыӡ мацара удукыло уалагар, иҟалап уа уахьыҟоу уаанхар, уаҳа иузымҳар. Актиор инакәызаалак акритика дашьҭазароуп. Сара сактиорхеит ҳәа знык зхы зыԥхьаӡаз, уа дахьыҟоу даанхоит. Сара макьана сактиорӡам, аҵара сҭоуп", - иҳәеит Арухаа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0