Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ааԥын мышкы иууа, ҭагалан имзаны иуԥылоит": ахьы ҭагалани аԥхыӡқәеи

© Sputnik / Томас Тхайцук Осень в Абхазии
Осень в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.11.2023
Анапаҵаҩра
Ҭагалан иадҳәалоу аԥхыӡқәа ирыҵоу амаӡа еилышәкаарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Ахьы ҭагалан ҳҭоуп сасра -
Иарҭәырц ҳцақәа, иарԥхарц ҳагәқәа.
Аӡынра ашьҭахь ааԥынроуп. Усҟан зҽааиҵызхуа аҵлақәа риаҵәареи аҵар рыҷырҷырреи ирылыҩуеит ахандеиҩцәа рыбжьы. Дара еилашыҩкны ицәаӷәоит, илаҵоит. Аҳәса кәыкәыцыкәуа руҭрақәа ак рыгрыжьуам. Ааԥын мышкы иууа, ҭагалан имзаны иуԥылоит ҳәа ззырҳәо аамҭоуп.
Уажәы ахьы ҭагалан аҵыхәтәантәи амза ҳҭагылоуп, ус анакәха, аарыхра алҵшәақәа реихшьаалара иаамҭоуп. Сынтәатәи ҭагалан даара игәыбзыӷын. Зны-зынла ашьхарахьтә иҿыхьшәашәааӡа ԥшак нас-ҩасуан акәымзар, ҽынла еиҳарак иԥхарран, уимоу, иаалырҟьаны ԥхынгәы азы ишыҟоу еиԥшҵәҟьа амра анкацеиуазгьы ыҟан. Ааԥын мышкы иуцәахыԥо, ҭагалан имзаны иуԥылоит ҳәа рҳәозар, ҭагалан мышкы иуцәахыԥо – ишықәсханы ауп ишыҟало. Адгьыл иқәаарыхуа реиԥш уи бзианы издыруа дарбану.
Праздник Ажьырныхуа в селе Джирхва - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.11.2023
Аԥсны
"Ачуан иҭоу амҳаԥ иадыруеит": аԥхыӡқәеи жәлар разгәаҭарақәеи рахьтә

Ҭагалани аԥхыӡқәеи

Ҭагалан анхацәа тәамҩахә рымам. Хәыҷла-дула шьыжьы инаркны алашьцара иаарымнахаанӡа рымхырҭақәа ирҭоуп. Алшықәсанык ԥхӡашала иаадрыхыз рҽаҩра амш еиҭашәаанӡа аҭагалара рҽазыршәоит. Рҿаҵахәы амш иԥхасҭанатәаанӡа аԥхьакра рхәыцра иалоуп, рыԥхыӡ иалоуп.
Амшә амхырҭаҿы иҟоушәа аиԥхыӡра – аарыхра, аҽаҩра аҟалара иамааноуп.
Ԥхыӡла акалаҭи амҵәышәи раахәара – аҽаҩра ду аҟалара иадыргоуп.
Лаҵан аԥшыжәла ааухәауа ԥхыӡла иубар – ҭагалан аҽаҩра маҷ иазҳәоуп.
Акалаҭ кылҵәа уеиԥхыӡыр – амцҳәаҩ уалҳәара дузаауеит.
Иажәу акалаҭ шьҭухуа уеиԥхыӡыр – уаарыхра аԥхасҭа аиуеит.
Аԥҳә, аԥш ԥхыӡрыла рбылра – ажәлар рҿаҵахәы аӡра иазҳәоуп.
Узқәаарыхуа адгьыл ҭабго ԥхыӡла иубар – узқәымгәыӷуа гәалсрак уақәшәоит.
Быӷькаԥсан аԥхыӡ мцуп, егьаздыруам рҳәоит.
Село Ачандара в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2023
Аԥсны
Аԥсуаа рҿы аҵлақәеи, урҭ рынцәахәқәеи, рҵаки

Даҽа азгәаҭарақәак

Аӡынра хьшәашәа аҿаԥхьа уӷәӷәазарц, аҿамаҿеиԥш амҿы-амца еидгаланы иумазар ахәҭоуп. Ахәышҭаарамца угәыдыԥхало уҟаларазы ианаамҭоу амҿы азырхиатәуп. Ԥаса абнахьтә амҿы аҩныҟа излааргоз ацәқәа зҵаҳәоу уардынла акәын. Иҟоуп агәаанагара:
Ауардын аиԥхыӡра – агәамҵра, ауадаҩра иамааноуп ҳәа.
Уардынла ишауу ақыдқәа раагара – аҭаацәа ргәалсра (реилаҩынтрак) иазҳәоуп.
Дәрыҧшь ақыҭанхаҩ 73 шықәса ирҭагылоу Мери Жьиҧҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2023
Аамҭахә, мамзаргьы "Сынтәа ҳазмадоу": зҽаҩра ҭазгалаз имҩаԥырго ақьабз
/Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун Витали Ҳараниа ишәҟәы "Ашацәа рылԥха"/.
Ажәабжьқәа зегьы
0