https://sputnik-abkhazia.info/20231121/vladimir-zanaria-70-shysa-ikhyra-iazkyz-aaaradyrrat-konferentsia-maysit--1049157257.html
Владимир Занҭариа 70 шықәса ихыҵра иазкыз аҭҵаарадырратә конференциа мҩаԥысит
Владимир Занҭариа 70 шықәса ихыҵра иазкыз аҭҵаарадырратә конференциа мҩаԥысит
Sputnik Аҧсны
Еицырдыруа аԥсуа поет, ауаажәларра-политикатә усзуҩ Владимир Занҭариа иубилеи азгәеиҭеит цәыббра 27 рзы. 21.11.2023, Sputnik Аҧсны
2023-11-21T17:07+0300
2023-11-21T17:07+0300
2023-11-22T11:07+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/15/1049150814_0:114:1207:793_1920x0_80_0_0_b7398d3edd5c8c3bb9646efbb767556c.jpg
АҞӘА, абҵара 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Владимир Занҭариа 70 шықәса ихыҵра иазкыз аҭҵаарадырратә конференциа "Агәацԥыҳәареи ахандеиреи рымҩала" мҩаԥысит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы. Ашәба иазгәеиҭеит аиубилиар иџьабаа ду шаду "Аԥсуа биографиатә жәар", Дырмит Гәлиа ихьӡ зху агуманитартә ҭҵаарақәа Аԥснытәи ринститут асессиақәа шамахамзар дышрылахәу, жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциақәа рҟны дшықәгылало. Занҭариа аҵарауаа азхьеирԥшуеит, алитератураҭҵааратә темақәа реиԥш алитературеи афиласофиеи реиныррақәа ҳәа иҳәеит Ашәба. "Зегьы ибзианы ижәдыруеит амилаҭ-хақәиҭратә қәгылараҿ илагала, амилаҭ телехәаԥшреи арадиои, акьыԥхьи ршьапы рықәгылара иадиҵаз иџьа. Владимир Занҭариа иоуп агәрагара ду иҭаны "Лыхнытәи ашәҟәы" атекст иадырԥхьаз 1989 шықәсазы", - ҳәа иҳәеит Аинститут адиректор. Адныҳәаларатә ажәахә ашьҭахь дықәгылеит Ҟарачы-Черқьестәыла жәлар рпоет Лариса Шебзухова. Лара инаҵшьны иазгәалҭеит Владимир Занҭариа иахьа Аԥсны ҳаамҭазтәи акультуратәи ауаажәларратәи ҵакыраҿы ҷыдала иалкаау аҭыԥ шимоу. "Владимир Занҭариа иинтересқәа ирыҵанакуеит акультура, аҭоурых, ауаажәларратәии адинтәи доуҳа, иацтәи амши иахьатәи амши рҭоурыхтә даҟьақәа. Иҭиҵаауа аматериал анализ инаҭоит алшара иҟалараны иҟоу азԥхьагәаҭара", - ҳәа лҳәеит лара. Владимир Занҭариа ирҿиамҭақәа ирыхцәажәо иқәгылеит Аинститут алитература аҟәша аусзуҩцәа Дифа Габниаԥҳаи Инал Гыцбеи. Аконференциаҟны ирыԥхьан аҳәаанырцәтәи аҵарауааи алитераторцәеи иҟарҵаз адныҳәаларақәа ртекстқәа. Владимир Занҭариа – апоет, апрозаик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ауаажәларра-политикатә усзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара ианашьоуп, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ ҳәа ахьӡ ихуп, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа р-Ассоциациеи Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи дрлахәылоуп, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аԥхьахә алауреат.
https://sputnik-abkhazia.info/20230927/zanaria-eieieit-ishysa-dshyrzyou-aty-1048269332.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230927/zyma-iagylou-apoet-akademik-vladimir-zanaria-70-shysa-ikhyit-1048176950.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/15/1049150814_0:1:1207:906_1920x0_80_0_0_de30d884d94ec97b165f39ec0b9bff1c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
Владимир Занҭариа 70 шықәса ихыҵра иазкыз аҭҵаарадырратә конференциа мҩаԥысит
17:07 21.11.2023 (ирҿыцуп: 11:07 22.11.2023) Еицырдыруа аԥсуа поет, ауаажәларра-политикатә усзуҩ Владимир Занҭариа иубилеи азгәеиҭеит цәыббра 27 рзы.
АҞӘА, абҵара 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Владимир Занҭариа 70 шықәса ихыҵра иазкыз аҭҵаарадырратә конференциа "Агәацԥыҳәареи ахандеиреи рымҩала" мҩаԥысит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы.
"Владимир Константин-иԥа аԥсуа ажәа, алитературадырра, акритика рыҿиара ихәҭаа ду алоуп, илшамҭа рацәоуп аԥсуа-аурыс культуратә еимадарақәа рырӷәӷәаразы. Илирикатә рҿиамҭақәа ириеӷьу аԥсуа поезиа антологиа иагәылоуп, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҭижьхьеит 25 шәҟәы, 150 кьыԥхьымҭа", - ҳәа иҳәеит Аинститут адиректор Арда Ашәба ауснагӡатә аартуа.
Ашәба иазгәеиҭеит аиубилиар иџьабаа ду шаду "Аԥсуа биографиатә жәар", Дырмит Гәлиа ихьӡ зху агуманитартә ҭҵаарақәа Аԥснытәи ринститут асессиақәа шамахамзар дышрылахәу, жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциақәа рҟны дшықәгылало. Занҭариа аҵарауаа азхьеирԥшуеит, алитератураҭҵааратә темақәа реиԥш алитературеи афиласофиеи реиныррақәа ҳәа иҳәеит Ашәба.
"Зегьы ибзианы ижәдыруеит амилаҭ-хақәиҭратә қәгылараҿ илагала, амилаҭ телехәаԥшреи арадиои, акьыԥхьи ршьапы рықәгылара иадиҵаз иџьа. Владимир Занҭариа иоуп агәрагара ду иҭаны "Лыхнытәи ашәҟәы" атекст иадырԥхьаз 1989 шықәсазы", - ҳәа иҳәеит Аинститут адиректор.
Адныҳәаларатә ажәахә ашьҭахь дықәгылеит Ҟарачы-Черқьестәыла жәлар рпоет Лариса Шебзухова. Лара инаҵшьны иазгәалҭеит Владимир Занҭариа иахьа Аԥсны ҳаамҭазтәи акультуратәи ауаажәларратәи ҵакыраҿы ҷыдала иалкаау аҭыԥ шимоу.
"Владимир Занҭариа иинтересқәа ирыҵанакуеит акультура, аҭоурых, ауаажәларратәии адинтәи доуҳа, иацтәи амши иахьатәи амши рҭоурыхтә даҟьақәа. Иҭиҵаауа аматериал анализ инаҭоит алшара иҟалараны иҟоу азԥхьагәаҭара", - ҳәа лҳәеит лара.
Владимир Занҭариа ирҿиамҭақәа ирыхцәажәо иқәгылеит Аинститут алитература аҟәша аусзуҩцәа Дифа Габниаԥҳаи Инал Гыцбеи. Аконференциаҟны ирыԥхьан аҳәаанырцәтәи аҵарауааи алитераторцәеи иҟарҵаз адныҳәаларақәа ртекстқәа.
Владимир Занҭариа – апоет, апрозаик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ауаажәларра-политикатә усзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара ианашьоуп, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ ҳәа ахьӡ ихуп, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа р-Ассоциациеи Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи дрлахәылоуп, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аԥхьахә алауреат.