Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны АҩАР аусзуҩцәа амаиниг хархәагақәа 130 инареиҳаны илыргеит

© AFP 2023 / LARS HAGBERGМайнинг биткойнов рассматривается на BitFarms в Сент-Хьясинте, Квебек
Майнинг биткойнов рассматривается на BitFarms в Сент-Хьясинте, Квебек - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.11.2023
Анапаҵаҩра
Акриптовалиута арҳареи амаининг азы амаругақәа атәылахь ралагалареи ҟалом ҳәа аԥҟара алагалан 2022 шықәсазы, уи аахыс аҽҳәара акырынтә иацырҵахьеит.
АҞӘА, абҵара 23 – Sputnik. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа Аҟәеи, Гәылрыԥшьи, Очамчыреи рраионқәа рыҟны 131 маининг хархәага рылыргеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҩАР апресс-маҵзура.

Ԥақәашь ақыҭан ахатәыҩны аҟны иԥшаан Хьымца Ҷыҭанаа итәыз акриптавалиута арҳаразы амаругақәа 86.

Аҟәа араион Баслаҭа ақыҭан Альберт Каталанӡиа имхын 30 маруга.
Дранда, Курченко лымҩаду аҟны игылоу аҩнқәа рыҟны иԥшаан Андроник Тепекиан иитәыз амаругақәа хԥа, Армен Тепекиан итәыз ԥш-маругак. Даҽа х-маругак дәылган Аиааира амҩаду ала, урҭ итәын Даур Бахтаӡе.
Оҭари Кәыҵниа итәыз амаругақәа хԥа аус руан Аҟәа, Ешба имҩаду аҟны игылоу ауадарацәа змоу аҩны аҟны.
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара акриптовалиута арҳареи амаининг азы амаругақәа атәылахь ралагалареи ҟалом ҳәа аԥҟара аҿҳәара иацырҵеит ԥхынҷкәын 31 2023 шықәсанӡы.
Аԥсны Аҳазалхратә еилакы адыррала 2016 - 2020 шықәсқәа рыҩнуҵҟа атәыла иалагалоуп 66 000 "машьынка".
Ажәабжьқәа зегьы
0