Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҳәатәи аҳәашьеи: Аконституциа аԥсахрақәа ралагалара иазкны

Аҳәатәи аҳәашьеи: Аконституциа аԥсахрақәа ралагалара иазкны
Анапаҵаҩра
Иарбан еиҭакрақәоу Аконституциа иадгалатәу ҳтәылаҿы аполитикатә, асоциалтә ԥсҭазаара ҭышәынтәаланы иҟаларцаз, абри азы арадио Sputnik аефир аҿы ргәаанагарақәа ртәы еибырҳәеит Аԥсны ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, азиндырҩы Гиви Габниа, Ауаажәларратә усзуҩ, Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аԥсуа бызша арҿиаразы агәыҳалалратә фонд ахада Леуан Миқаа, Жәлар Реизара V ааԥхьара адепутатс иҟаз Ахра Кәакәасқьыр.
Абҵара 26 Аԥсны азакәан хада - Аконституциа иамшуп.
Адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" амҩаԥгаҩцәа Инал Лазбеи Елеонора Коӷониаԥҳаи аполитикеи, акультуреи, асоциалтә ԥсҭазаареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ганрацәала ирылацәажәалоит. Арадио Sputnik Аԥсны астудиахь иаарыԥхьалоит еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы зхатә гәаанагара змоу аполитикцәа, аусдырыҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа. Адырраҭара ишиашоу ицо аефир аҿы есԥшьаша иҟоуп асааҭ 13 инаркны 14-нӡа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0