Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Арежиссиортә лабораториа "Сандро": РУСДРАМ аҿы аҽазыҟаҵарақәа шцо

© Sputnik / Леон Адлейба Режиссерская лаборатория "Сандро"
Режиссерская лаборатория Сандро - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.11.2023
Анапаҵаҩра
Арежиссиортә лабораториа аҳәаақәа ирҭагӡаны иазырхио х-ескизк "Ажьабаӷьқәеи аҳәрымаҭқәеи", "Ахьча Махаз", "Харлампои Деспинеи" ахәаԥшцәа ирыдгалахоит абҵара 25 рзы.
АҞӘА, абҵара 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Фазиль Искандер ирҿиамҭақәа рыла арежиссиортә лабораториа "Сандро" мҩаԥысуеит РУСДРАМ аҿы абҵара 22 - 25 рзы.
Иаарыԥхьаз хҩык урыстәылатәи арежиссиорцәа ирыдыргалеит ароман "Сандро Чегемтәи" аҟынтә ирҭаху новеллак-новеллак алырхырц, хымш рыла аспектакль аескиз аздырхиарц, ахәаԥшцәеи аексперттә хеилаки ахәшьараҭаразы ирызцәырыргарц.
Ахәаԥшцәеи аекспертц́әеи рыбжьыҭарала иалыркаауа аескиз, 2024 шықәсазы спектакль ҳасабла иқәыргылахоит. Арежиссиортә лабораториа аҳәаақәа ирҭагӡаны иаздырхио х-ескизк "Ажьабаӷьқәеи аҳәрымаҭқәеи", "Ахьча Махаз", "Харлампои Деспинеи" абҵара 22 аахыс аус рыдыруылоит.
"Фазиль Искандер ирҿиамҭа "Ажьабаӷьқәеи аҳәрымаҭқәеи" аус адаауылоит. Алабораториахь ааԥхьара соуит Ольга Никифорова лҟынтәи. Лареи сареи ҳаибадыруеит уаанӡатәи алабораториа аахыс. Аповест саԥхьеит ажәабжь "Аҷкәыни аибашьреи" ашьҭахь. Аповест аԥхьара саналага ажәабжь аҽакала избеит. Аповест аҿы иубо амчхархәара акыр иԥсыҽзар, ажәабжь аҿы иҽакуп, имҽыӷуп", - ҳәа иҳәеит арежиссиор Игор Лебедев.
Иара иажәақәа рыла, ари алабораториа уаанӡа дызлахәхахьаз зегь раасҭа икьаҿуп. Хымш роуп ҿҳәарас иамоу. Убри азы аусурақәа ирццакны имҩаԥысуеит. Ацәахаҵәҟьа ҳамам ҳәа иҳәоит Лебедев.
Здание РУСДРАМа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.11.2023
Аԥсны
РУСДРАМ алахәхоит Санкт-Петербург имҩаԥысуа атеатртә фестиваль
13 шықәса зхыҵуа Азра Хан-иԥа РУСДРАМ атеатртә студиа "Чик" аҿы аҵара лҵоит, аескиз "Ахьча Махаз" ақәыргылара далахәуп. Лара раԥхьаӡа акәны далахәуп арежиссиортә лабораториа.
"Ааԥхьара ахьсырҭаз џьасшьоит. Ааигәа ақәыргыламҭахь абилеҭ аасхәеит, аха усҟан схахьгьы иҟамызт схаҭа салахәхоит ҳәа. Уаанӡа аспектакль "Чиполино ихҭысқәа" аушьҭратә спектакль салахәхахьан уи азы асцена аԥышәа сымоуп", - ҳәа лҳәоит актриса қәыԥш.
Ақәыргыламҭа "Харлампои Деспинеи" инапы алакуп арежиссиор Василиос Самуркас. Иара изынгьы арежиссиортә лабораториа алахәхара иаалырҟьан иҟалаз акоуп.
"Москва сыҟан. Арежиссиорцәа руаӡәк дзымааит. Иракли Хынҭәба адырра сиҭеит, иуылшозар Аԥсныҟа уаҵәыҵәҟьа уааи ҳәа. Анцәа иџьшьаны хԥаҟа шықәса раԥхьа Искандер сиԥхьеит. Исыӡбеит раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа саарц. Агәахәара ду сымоуп уи азы. Аҩны сыҟоушәа схы збоит. Аԥсны даара иԥшӡоуп. "Харлампои Деспинеи" алсхит. Абырзен тема сара сзы аинтерес аҵоуп. Сеигәырӷьоит атеатр хазына артистцәеи сареи аескиз ахьеицымҩаԥааго", - ҳәа иҳәеит Самуркас.
Арежиссиортә лабораториа "Сандро" Фазиль Искандер диижьҭеи 95 шықәса аҵра иазкуп. Апроект адгылара анаҭеит атеатр аофициалтә партниор, аилахәыра "А-Мобаил".
Ажәабжьқәа зегьы
0