https://sputnik-abkhazia.info/20260513/1062963004.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Валентин Ҭраԥшь Гәдоуҭа араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп. Абри азы адҵа инапы аҵеиҩит араион ахада Асҭамыр Аргәын ҳәа аанацҳауеит араион ахадара... 13.05.2026, Sputnik Аҧсны
2026-05-13T13:01+0300
2026-05-13T13:01+0300
2026-05-13T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/0d/1062962838_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_ef1659e485eda761dffb8674a4fdfcfb.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Валентин Ҭраԥшь Гәдоуҭа араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп. Абри азы адҵа инапы аҵеиҩит араион ахада Асҭамыр Аргәын ҳәа аанацҳауеит араион ахадара апресс-маҵзура. Валентин Ҭраԥшь 1987-1989 шш. рзы Асовет аррамаҵзура дахысуан, 1994 шықәсазы далгеит Маиҟәаԥтәи автомабил-мҩатә техникум, 2006 шықәсазы — Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет "Амашьынақәеи автомашьынатә нхамҩеи" рзанааҭ ала. Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рҿы еиуеиԥшым амаҵурақәа рҿы аус иуан 30 шықәса инареиҳаны, Аҳәынҭавтоинспекциа аусбарҭа аиҳабыс дыҟан.Ҭраԥшь – 1992-1993 шш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, ианашьоуп "Агәымшәаразы" амедал.
"Комета" Аԥсныҟа иныҟәалоит жьҭаарамза нҵәаанӡа амшқәа ирнаҭар ҳәа иҳәеит "Аԥсны амшынӷбаныҟәара" акоммерциатә усуразы адиректор ихаҭыԥуаҩ Адамыр Габуниа. Иццаку аӷба раԥхьатәи ареис азԥхьагәаҭоуп лаҵара 15 рзы. Есымчыбжьа – аҩашеи ахәашеи рзы иазгәаҭоуп ареисқәа ҩба рымҩаԥгара. Аихшанҵа инақәыршәаны аӷба Шәача абаӷәазаҟынтәи асааҭ 09:00 рзы Аҟәаҟа иқәҵуеит, амҩа 2 - 2,5 сааҭ рҟынӡа иқәхоит. "Атуристцәа рзы даара иманшәалоуп, аиҳаракгьы аԥхынтәи аамҭазы иԥшӡоу, иблахкыгоу аԥсабара иагәылаԥшуа аамҭа рацәа мгакәа рымҩа ианысуеит. Аԥхынтәи аамҭахҵәа, ауаарацәа рыҟазараан "Комета" зегь раасҭа иласу транспорт хкуп", — ҳәа ҳәа азгәеиҭеит Габуниа.
Бзыԥҭа аҳабла аҩаршьҭрақәеи аӡыршьҭрақәеи ррыцқьара иалагеит. Аусурақәа мҩаԥысуеит Шаумиан амҩаду ҩ-километрак инарзынаԥшуа ҳәа аанацҳауеит Гагра араион ахадара апресс-маҵзура. Араионтә еизара адепутат Едуард Алшәындба ишазгәеиҭаз ала аӡыршьҭрақәа аныдрыцқьалак ашьҭахь амҩадуқәа рҿы алашара ашьақәыргылареи абетонтә шьаҟақәа арсреи азгәаҭоуп.
Аԥсуа театр аҿы имҩаԥысит Шьукин ихьӡ зху аинститут абитуриентцәа ралԥшааратә еицлабра. "Атеатри акинои рактиор", "арежиссиор" абарҭ азанааҭқәа рыла алԥшаара мҩаԥысуан. Алԥшаара аихшьаалақәа рыла ихадоу аицлабрахь инашьҭуп 11-ҩык ҳәа аанацҳауеит атеатр. Алԥшаара мҩаԥыргеит актиортә ҟазара акафедра арҵаҩцәа Валери Маркини Ельдар Трамови. "Ҳара ҳазҿлымҳауп ауаҩы ари азанааҭ иаҭаху адыррақәа имоу-имаму аилкаара. Ихадоуп ауаҩы иҭеиҭыԥш, ажәабжь шеизеиҭаҳәо, аиумар шнеиго", — ҳәа азгәеиҭеит Трамов.
Валентин Ҭраԥшь Гәдоуҭа араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп. Абри азы адҵа инапы аҵеиҩит араион ахада Асҭамыр Аргәын ҳәа аанацҳауеит араион ахадара апресс-маҵзура. Валентин Ҭраԥшь 1987-1989 шш. рзы Асовет аррамаҵзура дахысуан, 1994 шықәсазы далгеит Маиҟәаԥтәи автомабил-мҩатә техникум, 2006 шықәсазы — Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет "Амашьынақәеи автомашьынатә нхамҩеи" рзанааҭ ала. Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рҿы еиуеиԥшым амаҵурақәа рҿы аус иуан 30 шықәса инареиҳаны, Аҳәынҭавтоинспекциа аусбарҭа аиҳабыс дыҟан.Ҭраԥшь – 1992-1993 шш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, ианашьоуп "Агәымшәаразы" амедал."Комета" Аԥсныҟа иныҟәалоит жьҭаарамза нҵәаанӡа амшқәа ирнаҭар ҳәа иҳәеит "Аԥсны амшынӷбаныҟәара" акоммерциатә усуразы адиректор ихаҭыԥуаҩ Адамыр Габуниа. Иццаку аӷба раԥхьатәи ареис азԥхьагәаҭоуп лаҵара 15 рзы. Есымчыбжьа – аҩашеи ахәашеи рзы иазгәаҭоуп ареисқәа ҩба рымҩаԥгара. Аихшанҵа инақәыршәаны аӷба Шәача абаӷәазаҟынтәи асааҭ 09:00 рзы Аҟәаҟа иқәҵуеит, амҩа 2 - 2,5 сааҭ рҟынӡа иқәхоит. "Атуристцәа рзы даара иманшәалоуп, аиҳаракгьы аԥхынтәи аамҭазы иԥшӡоу, иблахкыгоу аԥсабара иагәылаԥшуа аамҭа рацәа мгакәа рымҩа ианысуеит. Аԥхынтәи аамҭахҵәа, ауаарацәа рыҟазараан "Комета" зегь раасҭа иласу транспорт хкуп", — ҳәа ҳәа азгәеиҭеит Габуниа. Бзыԥҭа аҳабла аҩаршьҭрақәеи аӡыршьҭрақәеи ррыцқьара иалагеит. Аусурақәа мҩаԥысуеит Шаумиан амҩаду ҩ-километрак инарзынаԥшуа ҳәа аанацҳауеит Гагра араион ахадара апресс-маҵзура. Араионтә еизара адепутат Едуард Алшәындба ишазгәеиҭаз ала аӡыршьҭрақәа аныдрыцқьалак ашьҭахь амҩадуқәа рҿы алашара ашьақәыргылареи абетонтә шьаҟақәа арсреи азгәаҭоуп.Аԥсуа театр аҿы имҩаԥысит Шьукин ихьӡ зху аинститут абитуриентцәа ралԥшааратә еицлабра. "Атеатри акинои рактиор", "арежиссиор" абарҭ азанааҭқәа рыла алԥшаара мҩаԥысуан. Алԥшаара аихшьаалақәа рыла ихадоу аицлабрахь инашьҭуп 11-ҩык ҳәа аанацҳауеит атеатр. Алԥшаара мҩаԥыргеит актиортә ҟазара акафедра арҵаҩцәа Валери Маркини Ельдар Трамови. "Ҳара ҳазҿлымҳауп ауаҩы ари азанааҭ иаҭаху адыррақәа имоу-имаму аилкаара. Ихадоуп ауаҩы иҭеиҭыԥш, ажәабжь шеизеиҭаҳәо, аиумар шнеиго", — ҳәа азгәеиҭеит Трамов.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/0d/1062962838_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_ef30bb1f8e4376c79bc17f6681b16b9d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио