https://sputnik-abkhazia.info/20231126/khamas-itany-irymaz-urystylaua-douryshit-1049231369.html
ХАМАС итҟәаны ирымаз урыстәылауаҩ доурышьҭит
ХАМАС итҟәаны ирымаз урыстәылауаҩ доурышьҭит
Sputnik Аҧсны
Уаанӡа Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа адырра ҟанаҵахьан аимак иалагеижьҭеи ишҭахахьоу 20-ҩык урыстәылауаа, ҩыџьа тҟәаны ишрымоу, быжьҩык шыбжьаӡу. 26.11.2023, Sputnik Аҧсны
2023-11-26T19:40+0300
2023-11-26T19:40+0300
2023-11-26T19:40+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/1a/1049230964_0:113:2501:1519_1920x0_80_0_0_1fb3936b883cc75fd92b75fb919fe79c.jpg
АҞӘА, абҵара 26 - Sputnik. Исламтәи аҿагыларатә ҵысра (ХАМАС) итҟәаны ирымаз урыстәылауаҩ доурышьҭит. Абри атәы л-Telegram-канал аҿы илҳәеит Урыстәыла АДәАР аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова.Захарова иазгәалҭеит иоурышьҭыз ауаҩы аханатә аиҭныԥсахлара асиа дшанымыз, уи зыбзоуроу урыстәылатәи адипломатцәа ишиашоу ХАМАС ахаҭарнакцәа иахьрацәажәоз шакәу.ХАМАСаа ракәзар, инаҵшьны Telegram аҿы ирҳәеит урыстәылауаҩ дшоурышьҭыз "Урыстәыла ахада Владимир Путин иҟаиҵо аусқәеи Урыстәыла Палестина иахьадгылоуи азы". Аинышәара амчра аиуит абҵара 24 инаркны. Аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа инарықәыршәан, аинышәара аамҭа иалагӡаны ҩ-хәҭак рыла израильтәи атҟәацәа шәҩык рҟынӡа рхы иақәиҭыртәыр алшоит 300-ҩык палестинатәи абаандаҩцәа реиҭныԥсахрала.Иацы асектор Газа амч аиуит Израили ХАМАСи рыбжьара ахымца ԥшьымш аанкылара, Катар абжьаҟазарала. Ари аилаӡара аԥҟарақәа инарықәыршәаны, уи жәамш рҟынӡа инаӡар ҟалоит. Аганқәа атҟәацәа еиҭнырԥсахлоит ҳәа еицәажәеит. ХАМАС 13-ҩык атҟәацәа рхы иақәиҭнатәхьеит, урҭ рыбжьара иҟоуп аҳәсеи ахәыҷқәеи. Израиль акәзар, иоунашьҭхьеит палестинатәи атҟәацәа ҩ-гәыԥк. Уи адагьы есыҽны асектор Газа ахь инашьҭхоит 200-200 еидарамҩангага агуманитартә цхыраара рыманы, ԥшьба-ԥшьба машьына абылтәы наргалоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20231122/putin-asektor-gaza-ay-ear-abama-aiaara-iakhyliaaua-dalatsazheit-1049163516.html
https://sputnik-abkhazia.info/20231126/tsakhal-iaraznak-gaza-aibashra-khatsnarkueit-aamalati-ainyshara-ashakh-1049226396.html
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/1a/1049230964_162:0:2337:1631_1920x0_80_0_0_edadb28ab5e92702d38a56b8cc15ec86.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
ХАМАС итҟәаны ирымаз урыстәылауаҩ доурышьҭит
Уаанӡа Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа адырра ҟанаҵахьан аимак иалагеижьҭеи ишҭахахьоу 20-ҩык урыстәылауаа, ҩыџьа тҟәаны ишрымоу, быжьҩык шыбжьаӡу.
АҞӘА, абҵара 26 - Sputnik. Исламтәи аҿагыларатә ҵысра (ХАМАС) итҟәаны ирымаз урыстәылауаҩ доурышьҭит. Абри атәы л-Telegram-канал аҿы
илҳәеит Урыстәыла АДәАР аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова.
"Акыр ҳаззыԥшыз ажәабжь абыржәы ажурналистцәа ирзеиҭасҳәеит. Урыстәылатәи адипломатцәа ХАМАСаа ирыҿцәажәаны уи алдыршеит. Иахьа урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы змоу ауаҩԥсы Аџьар Ҟаԥшь дарҭеит", - ҳәа лҩит лара.
Захарова иазгәалҭеит иоурышьҭыз ауаҩы аханатә аиҭныԥсахлара асиа дшанымыз, уи зыбзоуроу урыстәылатәи адипломатцәа ишиашоу ХАМАС ахаҭарнакцәа иахьрацәажәоз шакәу.
ХАМАСаа ракәзар, инаҵшьны Telegram аҿы ирҳәеит урыстәылауаҩ дшоурышьҭыз "Урыстәыла ахада Владимир Путин иҟаиҵо аусқәеи Урыстәыла Палестина иахьадгылоуи азы".
Аинышәара амчра аиуит абҵара 24 инаркны. Аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа инарықәыршәан, аинышәара аамҭа иалагӡаны ҩ-хәҭак рыла израильтәи атҟәацәа шәҩык рҟынӡа рхы иақәиҭыртәыр алшоит 300-ҩык палестинатәи абаандаҩцәа реиҭныԥсахрала.
Иацы асектор Газа амч аиуит Израили ХАМАСи рыбжьара ахымца ԥшьымш аанкылара, Катар абжьаҟазарала. Ари аилаӡара аԥҟарақәа инарықәыршәаны, уи жәамш рҟынӡа инаӡар ҟалоит.
Аганқәа атҟәацәа еиҭнырԥсахлоит ҳәа еицәажәеит. ХАМАС 13-ҩык атҟәацәа рхы иақәиҭнатәхьеит, урҭ рыбжьара иҟоуп аҳәсеи ахәыҷқәеи. Израиль акәзар, иоунашьҭхьеит палестинатәи атҟәацәа ҩ-гәыԥк. Уи адагьы есыҽны асектор Газа ахь инашьҭхоит 200-200 еидарамҩангага агуманитартә цхыраара рыманы, ԥшьба-ԥшьба машьына абылтәы наргалоит.