Урыстәыла

Урыстәыла иаарԥшуп Украинантәи анапхгара змаз анарколабораториақәа

© Sputnik / Илона ХварцкияАрхивное фото.
Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.11.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 28 - Sputnik. Урыстәыла аполициаа иаадырԥшит Украинантәи анапхгара змаз анарколабораториақәа рҳа ҳәа аанацҳауеит "МВД Медиа" Telegram-канал.

"Ишьақәыргылоуп Москва, Псков, Риазан робластқәа рҿы анарколабораториақәа еиҿкаауижьҭеи акыршықәса шҵуа. Иахьазы аполициауаа иааныркылеит 21-ҩы, урҭ рахьынтәи 12-ҩык украинаа роуп", — ҳәа аҳәоит акьыԥхьымҭаҿы.

Псковтәи аобласт аҿы иаарԥшын хә-тоннак апрекурсорқәеи 150 кьыла рҟынӡа амефедрони. Зынӡа иаарԥшын 1,5 тонна "асинтетика", 35 тонна иара азырхиаразы амаҭәашьарқәа.
Ишьақәыргылоуп аус иадырԥхьалоз ауаа Украина ишырыԥшаауаз, Урыстәылаҟа анхара иақәшаҳаҭыз, анаркотикқәа рҭыжьразы ахыбрақәа қьырала иганы амыругақәеи амаҭәашьарқәеи аахәаны анаркотикқәа ҟарҵон. Аусҭҵаара мҩаԥнагоит Урыстәыла АҩАР аусҭҵааратә департамент.
Ажәабжьқәа зегьы
0