Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа ақалақьтә еизара адепутатцәа 2024 шықәсазтәи ақалақь абиуџьет рыдыркылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание
Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.11.2023
Анапаҵаҩра
2023 шықәсазы алагалақәа рыла Аҟәа абиуџьет 1,42 млрд мааҭ иҟан, аныхрақәа рыла– 1,53 млрд мааҭ. Анаҩс Ақалақьтә еизара адепутатцәа алагалатәии аныхратәии ахәҭақәа аҽа 87,6 млн мааҭ рыцырҵеит.
АҞӘА, абҵара 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа ақалақьтә еизара адепутатцәа 2024 шықәсазтәи ақалақь абиуџьет актәи аԥхьарала ирыдыркылеит.
Алагалақәа реицҵалыҵ милиардки 740 млн 801 нызқьмааҭ ҳәа ишьақәыргылоуп, аныхрақәа реицҵалыҵ милиардки 821 млн 801 нызқьмааҭ ҳәа ишьақәыргылоуп.
Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи абиуџьетбжьаратә трансферқәа рзеиԥш мҽхакы 81 млн мааҭ ҳәа ишьақәыргылоуп.
Аҟәа абиуџьет еиҿызкаауа алагалақәа:
аиҿкаарақәа рхашәалазы ашәахтә - 38,7%,
ахашәалатә шәахтә - 48,4%,
акцизқәа - 3,2%,
адгьыл азы ашәахтә - 1,4%,
амазаразы ашәахтә- 3,2%,
ашәахтә зқәырҵо асистема ҷыдақәа - 4,4%.
2024 шықәсазы иазгәаҭоуп Аҟәа абиуџьет алагала 2023 шықәса иаҿырԥшны 220 млн 577 нызқьмааҭ рыла ашьҭыхра.
Иазгәаҭоу аизҳара алагала хадақәа – ахашәалазы ашәахтә, амазаразы ашәахтә, адгьыл азы ашәахтәқәа реизҳара, иара убасгьы ашәахтәқәа реизакра иазырхоу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгареи реизгареи алзыршараны иҟоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0