Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гаграа аӡы рызнагара аус еиҿкаауп

© Sputnik / Акоп КущянОтключения воды
Отключения воды - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.11.2023
Анапаҵаҩра
Аӡы зҵалаз аӡыҭгагастанциақәа раанкылара иахҟьаны ауааԥсыра ӡыда иҟоуп абҵара 26 раахыс.
АҞӘА, абҵара 29 – Sputnik, Бадри Есиава. Гаграа ӡыла реиқәыршәара аус еиҿкаауп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит АУН "Автонхамҩаҷыда" адиректор Ҭимур Бигәаа.
"Кемпинг аиԥш иҟоу амикрораионқәа рахь аӡы анагара адагьы ахатә сектор аҟынтә аҭел иаҳзасуеит. Зегьы ргәы ҳзыҟаҵом, шәҩык азыҳәа ҟазҵо рҟынтә 90-ҩык ҳрыхьӡоит. Иҟоуп уи згәамԥхо, аха ҳара иҳалшо ала аус аауеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Бигәаа иҳәеит аӡы анагара шымҩаԥырго атехникатә акқәа ԥшьба – "Автонхамҩаҷыда", Алаҳаӡи Лӡааи ақыҭақәа рӡымҩангагақәеи Гагра араион АҶА амцарцәагатә машьынеи.
Иара иҳәеит апроблемақәа шцәырҵуа џьоукы-џьоукы хә-тоннак иҟоу аӡеизакырҭақәа дырҭәырц ианрыҳәо. Ари залшом, аӡы ахьыҟам аҭыԥқәа рахь еихшалатәуп.
"Асеиԥш залшаӡом. Ҳӡымҩангага ԥшь-тоннаки бжаки роуп иакуа. Ухы адагьы егьырҭгьы урызхәыцлароуп", - иҳәеит иара.
Гагра ауааԥсыра ӡыла ишеиқәдыршәо азы аинформациа асоциалтә ҳақәа рҿы икьыԥхьуп, уахыки-ҽнаки ирылагӡаны 250 рҟынӡа аҭел исзасуеит ҳәа иҳәеит Бигәаа. Мышкы ахы-аҵыхәала амашьынақәа 200-нтә рҟынӡа аӡы мҩаныргоит.
Подстанция Дранда  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.11.2023
Аԥсны
Гагра араион аҿы алашара аиура шьақәыргылоуп
Бигәаа иҳәеит амшынцәқәырԥара ду ашьҭахь амшын иаԥну аҭыԥқәа рҿы иҟаз аӡыҭгага станциақәа аԥслымӡи ахаҳәи шрықәнажьыз, ауааԥсыра ӡыда ишынхаз.
"Апроблемақәа дууп. Аӡыҭгагақәа ррыцқьара мацара уахыки-ҽнаки ҳадхалеит. 3-4 метра аԥслымӡ ахьықәнажьлаз ыҟоуп. Анаҩс агрегатқәа еимыхны иҳарԥшшар акәхеит" ҳәа иҳәеит Бигәаа.
Иҟоу аинформациала Гагра ауаа ӡыла реиқәыршәара аҽа мшқәак аҭаххоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0