Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи ар УАМ иатәу адҵаҟаҵаратә ҭыԥқәа ҩба ҭадырхеит

© Sputnik / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота гаубиц "Мста-Б" в южном секторе СВО
Работа гаубиц Мста-Б в южном секторе СВО - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Арбџьармчқәа арратә операциа ҷыдаҿы рнапынҵақәа рынагӡара иаҿуп.
АҞӘА, абҵара 6 - Sputnik. Урыстәылатәи ар Донецктәи Жәлар Рреспублика Красноармеискии Новоселовкеи араионқәа рыҟны украинатәи адҵаҟаҵаратә ҭыԥқәа ҩба ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Аоператив-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи, аракетатә ари, артиллериеи иҭадырхеит: Донецктәи Жәлар Рреспублика Красноармеискии Новоселовкеи араионқәа аиланхарҭақәа рыҟны УАМ 53-тәи амеханизациа зызу атылтә адҵаҟаҵаратә ҭыԥи 31-тәи амеханизациа зызу абригадеи", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Урыстәыла аҳаир хыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла украинатәи адронқәа жәба карыжьит.
Аусбарҭа иара убасгьы иаанацҳауеит, Купиантәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла украинатәи арбџьармчқәа ржәыларақәа ҩба шаԥырҟәҟәааз. Аӷа ицәыӡқәа - 45-ҩык асолдаҭцәа, автомашьынақәа ҩба.
Краснолимантәи ахырхарҭаҿы агәыԥ "Центр" аибашьцәа иаԥдырҟәҟәааит украинатәи амеханизациа зызу 60-тәи абригада ажәылара. Иҭархоуп 250-ҩык рҟынӡа аибашьцәа, аибашьыгатә кәылӡмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа ԥшьба.
Донецктәи ахырхарҭаҿы урыстәылатәи аруаа еиԥдырҟьеит 79-тәи Украина адесант-жәыларатә бригада ажәылара, амеханизациа зызу 93-тәи абригада атехникеи аруааи ҭархоуп. Киев иацәыӡит 270-ҩык рҟынӡа асолдаҭцәеи, аибашьыгатә кәылӡмашьынақәа ҩбеи, апикапқәа хԥеи, арадиолокациатә станциа AN/TPQ-37.
Херсонтәи ахырхарҭаҿы урыстәылатәи ар иҭадырхеит 55-ҩык рҟынӡа асолдаҭцәа, автомашьынақәа ҩба.
Ажәабжьқәа зегьы
0