Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

2024 шықәса инаркны ахәыҷы ииразы иҟарҵо ашәарақәа шьҭыххоит

© Sputnik / Леон Адлейба Младенец
Младенец  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.12.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара "Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциалтә ԥгаԥсеи аџьахьчареи Рфонд абиуџьет аҟынтәи иршәо изныктәиу ашәарақәа рхышәаҵышәа ашьақәырӷәӷәаразы" ақәҵара аԥсахрақәа аларгалеит.
Абарҭ ашәарақәа рхышәаҵышәа абас иҟоуп:
ахәыҷы данилак, аҭаацәа руаӡәк ма рҩыџьагьы (аус руазар) – 27 000 мааҭ роулоит, уаанӡатәи ашәарақәа - 22 000 мааҭ;
ахәыҷы данилак, аҭаацәа руаӡәк ма рҩыџьагьы (аус рымуазар) – 22 000 мааҭ роулоит, уаанӡатәи ашәарақәа - 17 000 мааҭ.
Ақәҵара амчра аиуеит 2024 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны. Анагӡашьа ахылаԥшра анапы ианҵоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциалтә ԥгаԥсеи аџьахьчареи Рфонд.
Ажәабжьқәа зегьы
0