Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

70-ҩык рҟынӡа аԥснытәи ахәыҷқәа апсихиатриатә диагностика иахысит

© Sputnik / Томас ТхайцукПсихиатрическая больница в Гулрыпском районе
Психиатрическая больница в Гулрыпском районе - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2023
Анапаҵаҩра
Афонд "Ашана" Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра адгыларала урыстәылатәи аҟазауаҩ, аҳақьым-апсихиатр Оксана Мельникова дадыԥхьаланы апроект нанагӡеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 - Sputnik. 70-ҩык рҟынӡа аԥснытәи ахәыҷқәа Урыстәылеи Аԥсни рҟазауаа рыҟны апсихиатриатә диагностика иахысит. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳақьым-апсихиатр Гванца Маҷавариани.
Апроект еиҿнакааит афонд "Ашана" Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра адгыларала. Уи далахәын урыстәылатәи аҟазауаҩ, аҳақьым-апсихиатр Оксана Мельникова.
Аԥснытәи аҳақьым-апсихиатр Гванца Маҷавариани лажәақәа рыла, есыҽны аҟазауаа жәаҩык инареиҳаны зеизҳара еилагоу ачымазцәа абжьгарақәа рзыҟарҵон.

"Иҟан зҭагылазаашьа акыр ихьанҭаз ахәыҷқәа. 70-ҩык рҟынӡа абжьгарақәа рзыҟаҵан, адиагностика иахыжьын. Дара рзы иҷыдоу ахәшәтәра амҩаԥгашьа иазхәыцны иазырхиан", - ҳәа лҳәеит Маҷавариани.

Урыстәылатәи аҟазауаҩ Оксана Мельникова иазгәалҭеит, ирыдыркылаз ахәыҷқәа реиҳараҩык рыҿиара аилагара шамоу, ринтеллект агра шамоу. Аҟазауаа иазгәарҭеит аҭаацәа еснагь ианаамҭоу ахәыҷқәа ирымоу ауадаҩрақәа хырҩа шарымҭо, уи азы аамҭа анрыцәцогь шыҟоу.
"Ахәыҷы ицәажәара аҿиара ԥшьышықәсеи бжаки рзы ихнаркәшозар, уаанӡа ацәажәаратә процесс зышьақәымгылазар, ԥхьаҟа зынӡа иҟалом, мамзаргьы акыр иԥсыҽхоит. Ацәажәареи аинтеллекти еидҳәалоуп. Ахәыҷы ԥшьышықәса рышьҭахь ацәажәара далагазар, иахәҭаны иҟаз аамҭа цахьеит. Иинтеллект еиҵахоит. Убри азы аамҭа акраҵанакуеит", - лҳәеит Мельникова.
Џьынџьалԥҳа Урыстәылантәи ахәыҷтәы психиатр лааразы: иҟоу азҵаарақәа зегьы аҳаракыр ҳҭахуп - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.11.2023
Арадио
Џьынџьалԥҳа Урыстәылантәи ахәыҷтәы психиатр лааразы: иҟоу азҵаарақәа зегьы аҳаракыр ҳҭахуп
Лара лажәақәа рыла, ареспубликаҿ ахәыҷтәы психиатриа зынӡа иҟаӡам уҳәар ауеит.
"Ахәыҷтәы психиатриа иаанаго "ахәыҷы – аҳақьым" акәӡам. Арахь иаҵанакуеит аҭаацәа, икәша-мыкәша иҟоу иҩызцәа. Иара ҩ-ҟәшакны ишоуп: аҿиаратә патологиа (ахшыҩкәадара, аутизм аҟазшьақәа), апсихика ашьақәҟьара. Ахәыҷы ианаамҭоу нап идукылар иаҳа социалла иҩызцәа дрылагылоит. Урыстәыла арҭ амеханизмқәа агхақәа рымазаргьы аус руеит. Ара усеиԥш акгьы ыҟам. Ас иҟоу ахәыҷқәа анҳаднагалалак иахьаагара ҳаздырӡом", - ҳәа лҳәеит Оксана Мельникова.
Аԥсны ахәыҷтәы психологиа ашьаҭа акразы ихымԥадатәиуп аҟазауаа разырхиара, амбулатортә маҵзура аартра.
Ажәабжьқәа зегьы
0