Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гәымба еиҭеиҳәеит "Apsny Star" аҵыхәтәантәи аконцерт шеиҿкаахо

Гәымба еиҭеиҳәеит "Apsny Star" аҵыхәтәантәи аконцерт шеиҿкаахо
Анапаҵаҩра
Амузыкатә проект "Apsny Star" асуперсезон афинал ахь инеиз рыхьӡқәа еилкаауп, амза ахыркәшамҭаз имҩаԥгахо аихшьаалатә концерт рҽазыҟарҵоит алахәцәа реиԥш аиҿкааҩцәагьы. Иаԥсахода актәи аҭыԥ, дышԥалкаахо иреиӷьӡоу, афиналтә қәгылара шымҩаԥысуа, аԥхьахәтә ҭыԥқәа рзы аҳамҭақәа шаҟа ыҟоу, амаӡақәа зегьы ааимыртызаргьы, дрылацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны "Apsny Star" амузыкатә продиусер Анри Гәымба.
Сынтәа апроект хыркәшахоит ԥхынҷкәын 22 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥгахо ақәгыларала.
Анри Гәымба иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи аконцерт аҟны аусутәқәа шырацәоу, апроект иалахәу уи аԥхьа рықәгылараан ашәак нарыгӡозҭгьы, уажәазы ҩба-ҩба рҳәароуп.
"Дара рхаҭа инарыгӡо ашәақәа рыдагьы, егьырҭ алахәцәа алархәны ахор ҳасабала инарыгӡогьы ҟалоит, аконцерт инарҭбааны еиҿкаахоит. Иҟоуп еицырдыруа аҳамҭа хада, уи анаҩсгьы даҽа ҩ-ҳамҭак алаҳгалеит. Убри аҟынтәи аҭыԥқәа, аҳамҭақәа ранашьара даҽакала иҳаӡбеит. Ажиуригьы ражәа аларгалоит, аха апродиусерцәа 10 шықәса раԥхьа ишыҟаз еиԥш, ажиуригьы азыҟаҵаҩцәагьы ирацәажәаны еицырыӡбоит", - иҳәеит Гәымба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0