Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аҵара министрра шәышықәса ахыҵра азгәарҭеит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукМероприятие приуроченное к 100-летию минпроса
Мероприятие приуроченное к 100-летию минпроса - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.12.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. Аԥсны аҵара министрра шәышықәса ахыҵра азгәарҭеит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны.

"Шәышықәса ирылагӡаны аминистрра шьаҿа-шьаҿала, лҵшәабзиала ҳтәылаҟны аҵарадырра аҿиара иаҿын. Дарбанзаалак ҳтәылауаҩ иҵаулоу адыррақәа иоурци, ҳауаажәларр аӷьараҳәа дрылагыларци рзы аҵара министрра ахықәкы нанагӡон",- иҳәеит Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа.

Аусбарҭа аԥҵоуижьҭеи аҵарадырра аԥҟарақәа изныкымкәа аԥсахрақәа алагалан, аамҭа иқәнаргылоз аиҭакрақәа еснагь рҽақәдыршәон иҳәеит иара.
"Аҵараҵаразы апрограммақәа, атехнологиа ҿыцқәа, арҵаҩцәа рметодика аҽаԥсахуан арҭ ашықәсқәа зегьы рзы. Аҵара система иадҳәалоу, аҿар еиҵазааӡо ҳарҵаҩцәа зегьы рџьабаазы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит", - иҳәеит аминистр.
Аԥсны аҵара аминистр иқәгылара анаҩсан, Атәыла ахада ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба. Аԥсны Жәлар Ркомиссариат аҟны аџьабаа ду рбеит Дырмит Гәлиа, Симон Басариа, Кондрат Ӡиӡариа уҳәа аӡәырҩы ҳәа азгәаҭоуп. Дара ирыбзоураны Аԥсны иҭыжьын раԥхьатәи арҵагашәҟәқәа.
Бжьаниа арҵаҩцәа зегьы ачҳареи, аманшәалареи рзеиӷьеишьеит.
Адныҳәаларақәа рышьҭахь арҵаҩцәа "Аԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы" ҳәа ахьӡқәа ранаршьеит.
Аԥсны Жәлар аҵарадырратә комиссариат аԥҵан 1921 шықәсазы, Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь. Напхгаҩыс даман ашәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩ Самсон Ҷанба.
Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак аиҳабы Владислав Арӡынба иусԥҟала ԥхынҷкәын 12 1993 шықәсазы Аԥсны АССР аҵара аминистрра аԥыхны Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵара аминистрра аԥҵан.
Ажәабжьқәа зегьы
0