Урыстәыла

Урыстәыла ачарыц кьакьа алгара азин аанкылоуп лаҵара 31 2024 шықәсанӡа

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтарт посевной озимой пшеницы в Краснодарском крае
Старт посевной озимой пшеницы в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.12.2023
Анапаҵаҩра
Агрометеорологиатә ҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны 2023 шықәсазы ачарыц аазрыхуа атәылақәа реиҳарак раалыҵ ианеиҵаха 20-нтә илаҟәуеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 12- Sputnik. Урыстәыла аамҭала ачарыц кьакьа алгара азин аанкылоуп лаҵара 31 2024 шықәсанӡа, абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Аԥсны ари асиа иаҵанакӡом.
"Аӡбра азырхоуп афатәаалыҵтә шәарҭадара аиқәыршәара, ачарыц кьакьа аалыҵ ахәқәа рышьақәыртәара", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аамҭала ачарыц кьакьа аекспорт азин ааннкылара иаҵанакуам аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа рыла имҩаԥырго аашьҭрақәеи агуманитартә цхыраарақәеи, Аахыҵ Уаԥстәылагьы налаҵаны.
ЕАЕС атәылақәа - Ермантәыла, Белоруссиа, Киргизиа, Ҟазахстан рахь ачарыц аекспорт ҟалоит ишьақәыргылоу аквотақәа инарықәыршәаны, Ақыҭанхамҩа аминистрра азин ыҟаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0