Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Афондқәа "Ашанеи" "Кьарази" ракциа 450 хәыҷы ашықәсҿыцазтәи ргәаҳәара нанагӡоит

© Foto / АПСНЫПРЕСС Новогодняя акция благотворительных фондов "Ашана" и "Киараз" "Ашанаҵла"
Новогодняя акция благотворительных фондов Ашана и Киараз Ашанаҵла - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.12.2023
Анапаҵаҩра
Афондқәа "Ашанеи" "Кьарази" ракциа еицымҩаԥган 2022 шықәсазы, усҟан 250-ҩык алахәылацәа ргәаҳәарақәа нагӡан.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Агәыҳалалратә фондқәа "Ашанеи" "Кьарази" ракциа "Ашанаҵла" 450 хәыҷы ашықәсҿыцазтәи ргәаҳәара нанагӡоит
Ахәыҷқәа ргәаҳәарақәа зну ашәҟәқәа аԥҟасахьақәа рыҭаны акультура-усутә ҭыԥ Гәыма игылоу аԥсаӡ аҿы ихыршьит.
70 шәҟәы афонд "Ашана" зхылаԥшуа ахәыҷқәа иртәуп, уи анбан "А" ала иалкаан, "Кьараз" зхылаԥшуа ахәыҷқәа рышәҟәқәа анбан "Кь" ала иарбан. Изҭахәу зегьы ашәҟәқәа ргар рылшоит ԥхынҷкәын 13 инаркны 18 рҟынӡа асааҭ 11:00 - 17:00 рыҩнуҵҟа "Гума" аплатформа аҟны. Аҳамҭа афондқәа рофисқәа рахь инагатәуп.
Афонд "Кьараз" ахаҭарнак Камма Гоԥиаԥҳа илҳәеит ахәыҷқәа аиҳарак – амаҭәа, ашьапымаҭәа, ахаа-мыхаақәа рыӡбахә шырҳәо.
"Арҭ агәаҳәарақәа аамҭа иазымԥсахыцт. Иматериалтәым агәаҳәарақәа ртәы анырыҩу ҳгәырӷьоит. Иҟоуп зыгәҭыхақәа, зхьаақәа ртәы ҳзызыҩуа. Ахәыҷы игәаҳәара анузынагӡа амч иоуеит, агәыӷра изцәырҵуеит", - лҳәеит лара.
Афонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа иазгәалҭеит сынтәа асаламшәҟәқәа маҷк ишеиҵо – згәабзиара шьақәгылаз ахәыҷқәа аҽалархәра шырҭахымхаз, урҭ ирҳәеит сынтәа егьырҭ ахәыҷқәа ргәаҳәарақәа наӡарц.
"Ирыҩуа шамахамзар аҽеиҭанакӡом. Ахәыҷқәа амультфильмқәа рфырхацәа бзиа ирбоит, арҿиара бзиа ирбоит, иҟоуп амаҭәа ԥха зҭаху. Жәа-шәҟәык еиҳа ҳгәы зырцыхцыхыз Аҵаа Бабадуи асҭыԥҳаи ирзынҳажьит", - лҳәеит лара.
Ашәҟәқәа жәгалар шәылшоит ԥхынҷкәын 13 -18 асааҭ 11:00 - 17:00 рыҩныҵҟа "Гума" аҟынтә аҳамҭа афондқәа рофисқәа рахь инагатәуп.
Ԥхынҷкәын 26 рзы зегь раасҭа иалыркааз 20 гәазыҳәара нагӡахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0