Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниеи ауаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиеи реиԥылара мҩаԥысит

© Sputnik / Томас Тхайцук Администрация Президента РА
Администрация Президента РА  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2023
Анапаҵаҩра
Аиԥылараҟны ирылацәажәан аҳәынҭқарреи ауаажәларреи рыԥсҭазаара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан ааигәа Апарламент иаднакылаз, аԥсуа милаҭ иаҵанакуа ажәлақәа реиҭашьақәыргылара ҳәаақәызҵо азакәанқәа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рреспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиеи реиԥылараан ирылацәажәеит актуалтә зҵаарақәа. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аиԥылараҟны ирылацәажәан аҳәынҭқарреи ауаажәларреи рыԥсҭазаара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа, ааигәа Апарламент иаднакылаз, аԥсуа милаҭ иаҵанакуа ажәлақәа реиҭашьақәыргылара ҳәаақәызҵо азакәанқәа ариашарақәа рылагалара азҵаарагьы налаҵаны.
Аԥсны Апарламент аилатәара мҩаԥысит ԥхынҷкәын 7 рзы. Апарламент аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Атәылауаҩратә ҭагылазаашьазы актқәа" аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала аԥсахрақәа аланагалеит.
Арҭ аԥсахрақәа азакәанԥҵараҿ иҟаз агха хадырҭәаауеит, заԥсуа милаҭреи заԥсуа жәлеи реиҭашьақәыргылара зҭахыз аԥкрақәа рхырхуеит. Урҭ рахь иаҵанакуеит иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо, иаԥсуыуаау (иабазоу), XIX–XX ашәышықәсақәа раантәи аҭоурыхтә хҭысқәа ирхырҟьаны змилаҭра зцәыӡыз, атәылауаҩра змам ахаҿқәагьы.
Здание Парламента Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.12.2023
Аԥсны
Апарламент ишьақәнарӷәӷәеит аԥсуа милаҭреи аԥсуа жәлеи реиҭашьақәыргылараз азин
Ажәабжьқәа зегьы
0