https://sputnik-abkhazia.info/20231216/asnyti-aazalkhytsa-akriptovaliuta-zyraua-amainera-27-ryshaait-1049469859.html
Аԥснытәи аҳазалхыҩцәа акриптовалиута зырҳауа амаинерқәа 27 рыԥшааит
Аԥснытәи аҳазалхыҩцәа акриптовалиута зырҳауа амаинерқәа 27 рыԥшааит
Sputnik Аҧсны
Акриптовалиута арҳаразы амаругақәа Аԥсныҟа ралагаларазы аԥкрақәа рыҿҳәара изныкымкәа инахон, аҵыхәтәаны инахеит 2023 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа. 16.12.2023, Sputnik Аҧсны
2023-12-16T09:15+0300
2023-12-16T09:15+0300
2023-12-16T09:31+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аԥсны амаинингтә фермақәа раҿыхра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/02/1044403691_0:203:2923:1847_1920x0_80_0_0_34f92058913214c8bb4de0fc4c206aa6.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ирԥшааит акриптовалиута зырҳауа амаинерқәа 27. Абри атәы аанацҳауеит АҲЕ апресс-маҵзура.Автомашьына ангәарҭа, ирбеит "Whatsminer M 50" захьӡу аппаратқәа, урҭ аџьармыкьаҿы рыхә хә-миллион мааҭк рҟынӡа инаӡоит. Зеиԥшла уи иннахуеит 90 кВт⋅с рҟынӡа афымцамч.Иахьатәи аамҭазы АҲЕ аусзубцәа амаинерқәа изакәанымкәа Аԥсныҟа рыиагара шыҟалаз атәы аилкаара иатәуп.Аԥсны аиҳабыра ареспубликахь акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа ралагалара азин ааннакылеит 2020 шықәсазы. Уи ашьҭахь акырынтә аҿҳәара инахахьан. Уажәы 2023 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа аҿҳәара шьақәыргылоуп.2020 шықәса раахыс ауааԥсыра ирылгоуп 6 000 аппарат инареиҳаны, убри аан Аԥсны Аҳазалхратә еилакы адыррала 2016 - 2020 шықәса цәыббрамзанӡа атәыла иалагалоуп 66 000 "машьынка" инареиҳаны, 2020 шықәса раахыс акәзар - 27 нызқь цыра инареиҳаны ареспублика иалгоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/02/1044403691_95:0:2826:2048_1920x0_80_0_0_77faa5fa66cb32770ebffed2b50e4871.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аԥсны амаинингтә фермақәа раҿыхра
ажәабжьқәа, аԥсны, аԥсны амаинингтә фермақәа раҿыхра
Аԥснытәи аҳазалхыҩцәа акриптовалиута зырҳауа амаинерқәа 27 рыԥшааит
09:15 16.12.2023 (ирҿыцуп: 09:31 16.12.2023) Акриптовалиута арҳаразы амаругақәа Аԥсныҟа ралагаларазы аԥкрақәа рыҿҳәара изныкымкәа инахон, аҵыхәтәаны инахеит 2023 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ирԥшааит акриптовалиута зырҳауа амаинерқәа 27. Абри атәы аанацҳауеит АҲЕ апресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилаки Аҳәынҭқарратә автоинспекциеи русзуҩцәа аԥшьаша, ԥхынҷкәын 14 асааҭ 22:00 рзы агәаҭаратә ҭыԥ "Мысра" аҿы иааныркылеит автомобиль Toyota Noah . Уи аԥсҟы икын Аҟәаҟа зымҩа хаз Аԥсны атәылауаҩ.
Автомашьына ангәарҭа, ирбеит "Whatsminer M 50" захьӡу аппаратқәа, урҭ аџьармыкьаҿы рыхә хә-миллион мааҭк рҟынӡа инаӡоит. Зеиԥшла уи иннахуеит 90 кВт⋅с рҟынӡа афымцамч.
Иахьатәи аамҭазы АҲЕ аусзубцәа амаинерқәа изакәанымкәа Аԥсныҟа рыиагара шыҟалаз атәы аилкаара иатәуп.
Аԥсны аиҳабыра ареспубликахь акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа ралагалара азин ааннакылеит 2020 шықәсазы. Уи ашьҭахь акырынтә аҿҳәара инахахьан. Уажәы 2023 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа аҿҳәара шьақәыргылоуп.
2020 шықәса раахыс ауааԥсыра ирылгоуп 6 000 аппарат инареиҳаны, убри аан Аԥсны Аҳазалхратә еилакы адыррала 2016 - 2020 шықәса цәыббрамзанӡа атәыла иалагалоуп 66 000 "машьынка" инареиҳаны, 2020 шықәса раахыс акәзар - 27 нызқь цыра инареиҳаны ареспублика иалгоуп.