Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Купиансктәи ахырхарҭаҿы ажәыларақәа жәаба аԥырҟәҟәаауп

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПодготовка экипажей танков Т-90 "Прорыв"
Подготовка экипажей танков Т-90 Прорыв - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2023
Анапаҵаҩра
Ари ахырхарҭаҿы УАМ иацәыӡит иацәыӡит 60-ҩык, атанк "Leopard-2", аршьаҟауаа реибашьыга машьынақәа хԥа, ҩ-кәылӡмашьынак, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика".
АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik. "Мраҭашәаратәи" ар ргәыԥ уахыки-ҽнаки рыла Купиансктәи ахырхарҭаҿы ажәыларақәа жәаба аԥдырҟәҟәааит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара амнистрра.

""Мраҭашәаратәи" ар ргәыԥ уахыки-ҽнаки рыла Купиансктәи ахырхарҭаҿы УАМ амеханизациа зызуу 21-тәи ажәыларатә гәыԥи 115-тәи ажәыларатә гәыԥи, адесант-жәыларатә 95-тәи агәыԥи ржәыларақәа жәаба аԥдырҟәҟәааит авиациеи, артиллериеи рхархәарала Харьковтәи аобласт аилахәырақәа Синьковка, Лиман Первыи, Терны рҟны", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Краснолимантәи ахырхарҭаҿы Киев иацәыӡит 220 солдаҭ, танкк, х-кәылӡмашьынак, хә-автомашьынак, артиллериатә шьақәгыла "Zuzana 2". Донецктәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаауп ажәыларақәа жәба.
Авиациеи артиллериеи УАМ аибашьцәа ааха рырҭеит Клещеевкеи Андреевкеи. Зынӡа Киев иацәыӡит 190-ҩык аибашьыҩцәа, БМП "Bradley" назлоу хә-ршьаҟауатә машьына, ҩ-автомашьынак, ҩ-гаубицак "Мста-Б", артиллериатә шьақәгыла "Акация", х-гаубицак Д-30.
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп 90 солдаҭ, х-пикапк, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", Запорожиатәи ахырхарҭаҿы – 30 еибашьҩы, ҩ-автомашьынак, агаубица Д-30, Херсонтәи ахырхарҭаҿы – 50 солдаҭ, х-автомашьынак, артиллериатә шьақәгылақәа М109 "Paladin", "Krab", агаубица "Мста-Б".
Аоператив-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи, аракетатә ари, артиллериеи 113 раион рҿы УАМ аруааи атехникеи ршьаҟьеит, аоперативтә ҟазшьа змоу актәи УАМ абригада акомандаҟаҵаратә ҭыԥ ааха аҭоуп. ПВО ахархәагақәа икарыжьит 25 украинатә дрон, HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа ҩба.
Над Волновахой поднят флаг ДНР - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.12.2023
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи ар Херсонтәи ахырхарҭаҿы аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба ықәрыцҟьааит
Ажәабжьқәа зегьы
0