Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Жәларбжьаратәи афорум "Аус бзиақәа раамҭа" аатит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукМеждународный форум "Время добрых дел" открылся в Сухуме
Международный форум Время добрых дел открылся в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Агәабзиаратә ԥкрақәа змоу ахәыҷқәа аус шрыдулатәу азы ауаажәларра разхьарԥшра иазку Жәларбжьаратәи афорум "Аус бзиақәа раамҭа" аадыртит Аҟәа ашәахьа, ԥхынҷкәын 18 рзы.
Ҩымш рыҩнуҵҟа аекспертцәа згәабзиаратә лшарақәа, зныҟәара ԥку ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи акраамҭатәи рреабилитациа азнеишьа, ичмазцәоу ахәыҷқәеи урҭ ргәакьацәеи реизыҟазаашьа, ахәыҷқәа рзы ареабилитациеи аҿиареи рыпрограммақәа ирылацәажәалоит.
Ауснагӡатә алагамҭаз Аԥсны иҟоу Аурыс ҩны анапхгаҩы Дмитри Федотов иазгәеиҭеит арҭ рҩызцәа аусмҩаԥгатәқәа ареспубликаҿы реиҿкаара акыр шаҵанакуа. Анаҩс Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба еизаз ирзеиҭеиҳәеит "Аус бзиақәа раамҭа" изныкымкәа ишымҩаԥыргахьоу, ари афорум алҵшәа бзиақәа шаанарԥшхьоу.
Аԥсны Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа лакәзар, инаҵылшьит афорум ауадаҩрақәа змоу, ацхыраара зҭаху ахәыҷқәа агәыӷра шрынаҭо.
"Ҳәара аҭахума, ҳҵараиурҭақәа рҟны ирацәоуп еиуеиԥшым апроблемақәа змоу ахәыҷқәа - уи рыхшыҩ аԥкра, ма рымаха-рышьаха рмыхәара уҳәа. Убри азы ҳара ҳгәы иахәоит абас аусеицура ахьҳалшо, абзиара ахьыҟашәҵо ахәыҷқәа рганахьала адагьы, аҭаацәеи ауаажәларреи рахьгьы", - лҳәеит лара.
Афорум иалахәхарц ареспубликахь иааит "Ахәышәтәратә педагогика ацентр", Ахәыҷқәа-ахымхәацәа русқәа рзы аиҿкааратә хеилак, Урыстәыла Ауаажәларратә палата иатәу зылшарақәа ԥку ауаа ирзырхоу егьырҭ ацентрқәа уҳәа русзуҩцәа. Ауснагӡатә аԥшьнагеит иагьеиҿнакааит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра, Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрреи, Аҵара аминистрреи, ахәыҷтәы фонд "Ростоки" рыдгыларала.
Афорум хықәкыс иамоуп агәабзиаратә ԥкрақәа змоу ахәыҷқәа аус рыдулара ауаажәларра разхьарԥшра, иааԥхьоу аекспертцәа еиҳа апроблемақәа зцу азҵаарақәа рылацәаржәара, рԥышәа аԥснытәи рколлегацәа ирымардарц алшара рыҭара.
Россотрудничество - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.12.2023
Аԥсны
Агуманитартә проект "Миссия Добро" аҩынтә раан Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0