Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Агуманитартә проект "Миссия Добро" аҩынтә раан Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп

© SputnikРоссотрудничество
Россотрудничество - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.12.2023
Анапаҵаҩра
Апроект "Миссия Добро" Аԥсны иҟоу Россотрудничество имҩаԥнагоит. Иара раԥхьаӡакәны атәылаҿ имҩаԥган 2022 шықәсазы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Жәларбжьаратәи агуманитартә проект "Миссия Добро" Аԥсны имҩаԥгахоит ԥхынҷкәын 11 - 16 рзы, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество анапхгаҩы Дмитри Федотов.
Федотов иажәақәа рыла, 2022 шықәсазы аҳақьымцәа-волонтиорцәа ирылшеит 80-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа, зныҟәара, зҽыриашара, згылара проблемаз ргәаҭара.

"Ауснагӡатә алкаақәа иҟанаҵаз ала ҳара еилаҳкааит Аԥсны апроблемақәа абри аганахь ишыҟоу. Уи азы иҳаӡбеит амедицинатә усҳәарҭа аҳамҭа азыҟаҳҵарц – ашьапсыргәыҵаҩызра заанаҵы иаазырԥшуа амедицинатә мыруга – планкостоп", – иҳәеит иара.

Сынтәа, апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит аҟазара-классқәа, ахәыҷқәа аус рыдызуло арҵаҩцәа-апсихологцәа рзы астол гьежьқәа иҳәеит Федотов. Иара убасгьы иазгәаҭоуп зыртәашьа, зшьапсыргәыҵаҩызра еицаку ахәыҷқәа рзы аортопедиатә консультациақәа рымҩаԥгара. Ари Урыстәылеи Аԥсни рҳақьымцәа рыбжьара асистемала аинырра алнаршоит ҳәа иҳәеит Россотрудничество анапхгаҩы.
"Амиссиа азырхоуп арезерв аԥҵара. Ҳақәгәыӷуеит иҷыдоу ахәыҷқәеи адуцәеи ирныруа ауаажәларра аинформациа нарҭбааны рыҭара алшап ҳәа, аҟазауаа рԥышәа еизҳап ҳәа", – иҳәеит Федотов.
Апроект "Миссия Добро" Аԥсны иҟоу Россотрудничество имҩаԥнагоит агәабзиарахьчара аминистрреи, аҵара аминистрреи, ахәыҷтәы фонд "Ростоки" рыцхыраарала.
Ажәабжьқәа зегьы
0