Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Згәы еицамкуа аҵарауаҩ: Валери Бигәаа 80 шықәса ихыҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукВалерий Бигуаа
Валерий Бигуаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2023
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа аетнолог, аҭоурыхтә ҭҵарадыррақәа рдоктор, Аҵарадыррақәа Аԥснытәи ракадемиа алахәыла-акорреспондент, апрофессор Валери Бигәаа 80 шықәса ихыҵит. Аиашазы, уи ахаҵара уадаҩуп, избанзар, Валери џьара акала иԥимкыц ирҿиаратә гәаҳәара, ашәҟәқәа шиҩыц иҩуеит, аусура дышныҟәац дныҟәоит, алаф шиҳәац иҳәоит, уимоу, аинтернет аҿгьы зирамш азгәазҭо зегьы дрыдныҳәалоит, ацәгьара ззыҟалаз аҭаацәа дрыдашшылоит… Ус анакәха, шьҭа гәыҩбарак цәырҵуеит: "ҳҵарауаҩ абысҟак ихыҵҵәҟьама"? Убри инамаданы, сара исҭаххеит аиубилиар ихаҭа сиқәшәарц, ҭынч, гәата-бӷата, аҭҵаарадырратә усқәа, апоезиа, иаҳхаагаз аибашьра, ҳажәлар иахьатәи рыԥсҭазаашьа, уҳәа, проблемақәак ҳрылацәажәарц. Уи иаргьы дақәшаҳаҭхеит, уимоу, хаизырцәажәашагьы ҵәыцақәак аԥсыуаҩыкгьы аанаҳкылароуп, иҳәеит! Саргьы мап ицәысымкит: ахьтәы бырқәам аауртырц азы, ахьтәы цаԥха уԥшаароуп...
– Валери, уаб ихьӡ сҳәаӡом, ҳаиқәлацәоушәа аицәажәара ҳауршьцылахьеит уара уеиҵбацәа. Сара ибзианы исгәалашәоит, "Алашара" аҿы ҿыц аусура саналагаз, 35 шықәса раԥхьа, уара ҳредакциахь ирлас-ырласны уааилон. Араҟа аус иуан даара пату зқәуҵоз уҩыза гәакьа, апоет Рауль Лашәриа. Усҟан, иареи сареи ҳкабинетқәа еидын азы, шәара гәыблылатәи шәеицәажәарақәа рахь снеиԥхьон Рауль. Нас, ибзиан исгәалашәоит, аредакциа аусзуҩцәа абжаҩык ҳуманы "Нарҭаа" рахь ҳаугон, ара иаҳзеибымҳәаз уа еибаҳҳәап, ҳәа. Сара урҭ ашықәсқәа иахьагьы ихааӡа сгәы иҭоуп, уара ишԥоугәалашәо?
– Уара уҷкәыноуп, Анатоли. Уҷкәынра шьардахааит! Ишубо еиԥш, сара сықәра кыр инаскьахьеит, сгәынкыларагьы сықәра иацнаскьеит. "Нарҭаа" сгәаҿы инымхеит, аҽаҵәахит. Аиеи, Раули сареи ҳанқәыԥшӡақәаз ҳаибадырит, ҳагьеиҩызцәахеит. Апоезиа агәыбылрагьы ҳаиднакылон ҳәарада, аха, еиҳарак, иареи сареи ҳаидызкылоз иара иҭынчшьеи сара сыласышьеи ракәын – афизикатә закәан аус ауан ҳабжьара. Аҩызара атәы ануҳәа, сцәа сааҭаӡыӡааит, изуцәызӡари. Сара аҩызцәа хазынақәа сыԥхахьеит, Ваниа Абыхәбеи, Кәыри Ҵәыџьбеи инадыркны Валикәа Шамбеи, Жора Амҷбеи, Котик (Владимир – А.Л.) Ҵнариеи рҟынӡа. Рыԥсы сакәыхшоуп – ианакәызаалак урҭ сара, аҵарадырра ду змаз, сызҿыԥшуаз уаан: цәашьыла сымҩа ырлашо, саԥхьа игылан. Иара Рауль ԥсаҭашкәакәагьы убас. Егьи. Уабхьӡ сҳәом, уҳәеит. Ииашаны иҟауҵоит. Иугәаласыршәоит, абхьӡыла аицәажәара аԥсуаа иаҳтәым. Ҳусгьы алам. Уи аурыс итәуп, иара иантропонимтә модель ауп. Аԥсышәала аурыс антропонимтә культура аҟаҵара ҳара иаҳуалӡам. Жәынгьы-ҿангьы аԥсуа изы ахьӡ аҵкьыс еиҳау мал ыҟаӡам. "Ахьӡ игеит", – рҳәеит, "ахьӡ ааигеит", – рҳәеит, "ахьӡ ичаԥеит", – рҳәеит. Деиҳабы-деиҵбы ихьӡ ала иацәажәалатәуп. Ус ауп ишыҟоу егьи аицәажәашьатә формулагьы: "уара", "шәара". "Шәара" цәырҵит Англызтәыла ажәаҩатәи ашәышықәсазы, асоциалтә еиҟарамра иахҟьаны. Нас уи культуратә дыргахеит европаа рзы умҳәозар. Шьалуа Инал-иԥа сара саб иҵкьыс кыр диҳабын. Ҳәарас иаҭахузеи, "шәара", ҳәа, сиацәажәон. Ҽнак ус сеиҳәеит, иара ишиҟазшьаз еиԥш, ираамсҭашәаны, атакт ҟәымшәышә аҵаҵаны: "Валери, уареи сареи ҳетнографцәоуп, ҳажәлар рмилаҭтә культура аҭҵаара ҳнапы алакуп. Сара саныҷкәыназгьы Дырмит ду "уара" ҳәа иасҳәон". Убринахыс абри аҵарауаҩ хатәра саниацәажәоз, – "уара", – сҳәон.
– Уара, усҟангьы иахьагьы, зхатә гәаанагара инавагыла-аавамгыло, зажәа змыԥсахуа ҵарауаҩуп. Аҭҵаарадырраҿы иулшахьоу рацәоуп: аԥсышәалагьы аурысшәалагьы аҩра узеиԥшуп, арҿиамҭа-хатәрақәа кыр аԥуҵахьеит, урҭ злаԥуҵаша адырра умоуп, уазыҟаҵоуп. Ҭхьына ақыҭа иалҵыз арԥыс уԥсҭазааратә мҩа ахы анбаки, ишԥаки, дарбан ҵарауаҩу иулоу абаҩхатәра гәазҭаз, иуқәныҳәаны амҩа уқәызҵада?
— Аҟәаҟа саара шыҟалаз абас ауп. Аа-класск рҿы сантәаз Ҭхьына иааит Аҵара аминистрра аҟынтә комиссиак. Аҽны сара ашкол ахь смааӡеит – цәаӷәатәык сыман. Адырҩаҽны санааи, акласс дааҩнашылет ҳарҵаҩы, Сицилиа Еоугьан-иԥҳа. Уаанӡа, – "шәысзаԥхьа абри стетрад" ҳәа наҳәаны илысҭахьаз аацәырганы спарта инықәылҵеит, лыччаԥшь-хаа насхьыршаны. Ианаасырт, хԥа-ԥшьба ҳәоу зныз саламшәҟәык агәылан: "Валери! Уажәеинраалақәа срыԥхьеит. Даара исгәаԥхеит. Уара заԥхьаҟа акы зылҵуа ҷкәыноуп. Аа, абааԥсы, аҩра уаҟәымҵын. Ашәҟәқәа урыԥхьала. Саламла, Руслан Қапба". Сышьҭыԥрааны, ажәҩан сзаламлеит ауп. Саҟара сыцнаҵеит, сгәы шьҭнахит, схы-сгәы азҭанаҵеит сзыԥхьаз. Чачхалиаԥҳа Сицилиа аинститут даналга, рҵаҩыс ҭхьынаа даҳзаарышьҭит. Руслани лареи курск аҿы аҵара рҵозаарын, еиҩызцәан. Сырҵаҩ лакәын мацара акәым – дысгәаԥхон, бзиагьы дызбон. Аха, игәаӷьны лара лахь исызҳәомызт. Аиаша уасҳәап, Анатоли, абри асалам шәҟәы Аҟәаҟа исыԥхьо иалагеит. Хымԥада слитераторхароуп ҳәа аҽазыҟаҵара салагеит саргьы. Жә-класск саалган жәабарахь саниас, мызкы аҟара ааҵхьан еиԥш, Леуа Џьергьениа хыс дызмаз гәыԥҩык аԥсуа қыҭақәа ирылан, ҳашкол аҿгьы инеит, змузыкатә лымҳаҵыр змоу ахәыҷқәа ралԥшааразы. Зыԥсаҭа бзиахаша, абри амузыкант ду, сааганы Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа сҭеиҵеит, нхарҭалагьы сеиқәиршәеит. Аиаша уасҳәап, иаразнакы амузыкатә ҟазара бзиа избеит, егьсықәҿион, акымкәа-иҩбамкәа амузыкатә инструментқәа асырҳәо, ашәақәакгьы аԥысҵанда сҳәо аҟынӡа, аха иаарласны аԥышәарақәа ҭины, ашкол саналга, аинститутгьы сҭалеит. Анахьгьы-арахьгьы аамҭак ала аҵара ҟалашьа анаму, сгәы шхьаауаз амузыка нысмыжьыр амуит.
Аинститут ахԥатәи акурс аҿы сыштәаз арра сцеит. Хышықәса сыхганы, саныхынҳә, аҭоурыхтә факультет уахынлатәи аҟәшахьы сиасит, курск ала ишеиҵазгьы. Иҟалаз уиоуп. Быжь-шықәса анысхыҵуаз аамҭазы саб машәырла дҭахеит – сзаҵәын, сыбӷа ӷәӷәамызт. Аԥара сышәҭ ҳәа, саб иашьцәа рнапы аныԥшылара ԥхасшьеит, ирылшоз ала ишсыҵгәозгьы. Чахәк ахьсырҳашаз ҭыԥк сыԥшааит. Мызқәак ааҵуаны еиԥш, Кандид Ҭарба, сганы, ансамбль салеиҵеит, кәашаҩык иаҳасаб ала. Аха исауаз сызхомызт. Шықәсык анаҩс, арзаҳал ҩны аусура саҟәыҵит. Рҵаҩыс аусура салагеит азанааҭтә техникум аҿы. Аԥшьбатәи акурс аҿы сантәаз, ҳкурс аҿы Аԥсны аҭоурых даҳзаԥхьон аԥсуа ҵарауаҩ ду Гьаргь Ӡиӡариа. Абраҟа уи астудентцәа зегьы (ҩынҩажәи ҩыџьаҩык) темак-темак ҳаиҭеит, иҭаҳҵаарц, иааҩырц азы. Сара исиҭеит кьыс змамыз атема: "Роль газеты "Аԥсны" в абхазском революционном движении" (ажәытәтәи агазеҭ). Мызкы аҟара садхалеит, аха изҩит, сара стәала. Амала, иахьысҵазгьы сгәалашәом, ишысҵазгьы сгәалашәом, абри, аҵарадырратә усумҭақәа рҩышьатә формақәа здыруан. Дшааиц еиԥш, хәылбыҽхак данааи, дааҳалаԥшын, дҳазҵааит: "Бигәаа уарбану?" Сара соуп, сҳәеит сара, сҩагыланы, сгәы ҭыҵны ицо. Анаџьалбеит, ишахәҭаз исзымыҩӡеи скурстә усумҭа, аасгәахәт. Аҵәҵәа аныҟалалак адеканат аҿы унеи, иҳәеит апрофессор. Еиҳагьы сшәеит. Аҵәҵәа аныҟала, адеканат сныҩналеит, сҵысҵысуа. Ӡиӡариа, ишьамхы еиқәыршәны, астол дахатәан. "Иҟоу уасҳәап, дад! Аинститут ушаалгалак аспирантурахь уҳашьҭуеит. Аҵара ҵала". Сылабжышқәа аахаҟәҟәалеит… Аинститут саналга, Азанааҭеидгылақәа русбарҭаҽы аус зуаз Воуба Вова Сократ-иԥа Гәылрыԥшь сишьҭит Акультура аҩны адиректорс. Аха ԥыҭрак ашьҭахь Аҟәатәи аекскурсиатә биуро ахь сиасит, аметодист еиҳабыс.
Аинстиут салгеижьҭеи ҩышықәсаҟа ааҵуаны еиԥш, сзыҩнатәаз акабинет иааҩналт Жора Амҷбеи Вова Агрбеи. Иԥышәырччо. "Георгий Алексеевич уиҭахуп, уҳаццароуп", – рҳәеит. Срыццеит, ражәа ҩбамтәкәа. Георги Алексеи-иԥа икабинет аҿы Шалуа Инал-иԥеи иареи еидтәаланы еицәажәон. Жореи Вовеи, аа дааҳгеит абрагь, рҳәан, сымахцә снанкны акабинет сныҩнадырԥалеит. Аҵарауаа дуқәа аҩыџьагьы, насхаҵгыланы снадыртәеит. Гьаргь ду, даацәажәан, – хымз умоуп, нас Қарҭҟа уцароуп, аспирантура уҭалароуп, уҽазыҟаҵа, уетнографхоит, – иҳәеит. Шьалуагьы ицирӷызит. Аҭыԥ ҳцәумырӡроуп, иҳәеит уигьы. Мап скит. Сазыҟаҵаӡам, шәсырԥхашьар сҭахым, сҳәеит сара. Инеихәаԥшы-ааихәаԥшит. Ишырцәымыӷхазгьы гәасҭеит. Иауазар, ҽааны сцоит, ибзианы сҽазыҟаҵаны, сҳәеит, исҳәо сацәыԥхашьо. "Уара, Шьоҭа (ус акәын иҩызцәа шишьҭаз Ӡиӡариа), абри аҷкәын ииҳәо хшыҩуп, сынтәатәи аспирантура ҳцәыӡыргьы, иаҳцәыӡааит, ишԥаҟаҳҵари, ҽаангьы, иахьа еиԥш иааиуеит, Анцәа иҳәозар", – иҳәеит Шьалуа Инал-иԥа.
Ицәгьамкәа аекзаменқәа сҽырзыҟасҵеит. Здаҟам хәшьаралагьы сҭалеит, – сыҽхәом, иудыруаз. Аетнографиатә занааҭ ала. Академик Георги Читаиа инапхгарала уаҟа адиссертациагьы сыхьчеит. Абри снапхгаҩ ду ибзоуроу даара ирацәоуп, иахьа сара, абарҭ шәеиԥш иҟоу, ауаабарақәа шәыгәҭа сгылартә сҟаларц азы. Ажәакала исҳәозар, абри ауаҩ ашәҟәыԥхьара агьама сиркит, ажьаӷьырҩага скылхны. Шьыжьы инаркны, хәылбыҽханӡа академиатә библиотекаҿы сҽазыҟасҵон. Асабшеи амҽышеи рзы ада. Уимоу, сзылгаз аспирантураҿы сааникылар иҭаххеит, Оҭари Жорданиагьы дысниҵеит, ҳдиректор Георги Меликишвили иаҳәаны, аха сара мап ицәыскит, – саазышьҭыз аинститут ахь сцоит, – сҳәеит. Убри адагьы уи аԥсуааи аԥсуа традициатә культуреи дрыхцәажәон ажәҩан аҟынӡа ихагаланы. Аԥсаҭеи аџьыкаци – Читаиеи, Ӡиӡариеи, Инал-иԥеи сара адгьыл аҿы иҟаз сынцәахәқәа ракәын. Сынтәа иҭыҵыз сышәҟәқәагьы, акакала, дара ирыхьӡнызҩылеит.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Бигәаа ишәҟә ҿыцқәа ирызкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.12.2023
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Бигәаа ишәҟә ҿыцқәа ирызкны
– Валери, уара ҳаԥсуа қыҭақәа зегьы рҿы, шамахамзар, ушьапы ахьықәумыргылац дгьыл-ҿаҵак ыҟаӡам, зегьы урхысхьеит. Урыхьӡеит даара акры здыруаз, иреиӷьӡаз ҳаԥсуа быргцәа, ахьхьаҳәа иаауртит урҭ рыхшыҩ аҭра, хәызмаӡам ҳатрадициақәеи ҳкьабызқәеи ирыдҳәолоу аетнографиатә материалқәа рацәаны иануҵеит. Ааигәа радиола сузыӡырҩуан, уаҟа иуҳәеит, уи аҩыза уажәы нҵашьа шыҟам, избанзар, усҟан узыҿцәажәоз аӡәырҩы шьҭа рыдунеи рыԥсаххьеит… Шаҟа аанагоузеи ианаамҭоу ауаа рацәажәара, ирдыруа мыӡырц азы, ражәа ақьаадахь аиагара. Уи дунеик аиқәырхара иаҩызоуп. Уажәы иугәалауршәар сҭахуп урҭ ашықәсқәа, укалами уқьаади кны ақыҭақәа уанрылаз, зегьы бзиа убаны рыҩныҟақәа уаннаргоз, акка-ккаҳәа, арбаӷьқәа аҿыҭра иалагаанӡа иубоз-иуаҳауаз ранҵара ушаҿыз...
- Иашоуп. Санқәыԥшыз акыр сныҟәеит, акыр збеит, акыр саҳаит, абыргцәа дуқәа срыниеит, дареи сареи ҳаиқәлацәоушәа, ҳаиҩызцәоушәа, ҳаизааигәахеит. Усҟан урҭ ирдыруаз, урҭ ирҳәоз рацәан. Аҳәатәы рыман, аҳәашьагьы рдыруан. Адәы иқәызгаз аетнографиатә материалқәа сышәҟәқәа иргәылоуп, урҭ рылоуп дара шызҩызгьы. Еиҳарак сара исхамышҭуа сгәаҿы инхаз аекспедициақәа иреиуоуп Асоветтә ҳәынҭқарреи Америкатәи аштатқәеи иреиуаз аҵарауаа ргәыԥ саналахәызтәи аамҭа. Абри аус еиҿызкааз Ниу-Иорктәи ауниверситет апрофессор Сулла Бенет лоуп. Темас иҭаҳҵаауазгьы ақәра ду нызҵыз аԥсуа быргцәа ракәын, егьмаҷҩымызт дара. Ҷлоу мацара 90 шықәса ирҭысхьаз абыргцәа рхыԥхьаӡара ҩажәижәааҩык ыҟан. Иахьа Аԥсны ахи аҵыхәеи еимударгьы, жәохәҩык-ҩажәаҩык иреиҳам урҭ реиԥш иҟоу абыргцәа. Сажәа рацәамхозар, ҷлоуаа ҳасасцәа ишырԥылаз атәы салацәажәоит. Асасцәа анысҳәа, сызҽу американтәи иааз рымацара ракәӡам. Асоветтә институтқәагьы рацәаны иалахәын аекспедициа. Иҟан маскәантә, ленинградынтә, киевынтә, қарҭынтә. Ҳара – ҳара ҳакәын, Аԥсуа институт аҽы аус зуаз аетнографцәа, Шьалуа Инал-иԥа ҳаԥхьа днаргыланы. Амала, аекспедициа иалахәыз аетнографцәа рымацара ракәын ҳәа угәы иаанамган. Уи иалахәын иара убас, аԥсихологцәа, аҳақьымцәа, афилософцәа, асоциологцәа, жәлар рпедагогика ҭызҵаауаз аҵарауаа. Аха аԥсыуа чеиџьыкак иаҳмырҟьашьыцызт. Шьалуа Инал-иԥа икабинет ахь дсыԥхьан, дсызҵааит: "Хаҵеибагак дыҟоуп, Иван Лагәыуа ҳәа, Ҷлоутәи азеиԥшнхамҩа ахантәаҩыс аус иуеит дудыруама?" Дышԥасзымдыруеи, дагьҳамаҳәуп, сҳәеит сара. Ус акәзар, Георги Алексеи-иԥа амашьына уиҭоит, уҳазца Ваниа иҟынӡа, асасцәа ҳаманы ҳнеир цәгьа иаабом, иҳәеит Шьалуа ду. Инықәыршәны Ҷлоу аконтораҿы сцеит, Ваниа иасҳәеит асасцәа иаҳҭоу закәытә сасцәоу, урҭ иахьа рнапы злаку аԥсуа быргцәа рыбзазашьа аҭҵаара шакәу. "Уаҳа алацәажәара аҭахӡам, шәаа шәысасцәа шәыманы!" – сажәа ааҿахиҵәеит, официалла Иван Михаил-иԥа ҳәа ажәлар еицырдыруаз Ваниа Лагәыуа. Схылԥа аҵыс шҭахәмаруаз мацара Аҟәаҟа сааит. Мшыс иалаҳхыз аҽны, Аԥсны аиҳабыра иҳарҭаз автобус ду ала, Ҷлоу агәаҿы ҳнеит. Уаҟа Ваниа даҳзыԥшны дтәан. "Бзиала шәаабеит!" иҳәан, сасгьы аԥшәымагьы аԥсшәа реиҳәеит Ваниа аԥсышәала, аурысшәа шьахәлаҵәҟьа ишидыруазгьы. Сара сахьгылаз, саҟара сыцлеит: (дзакәытә аԥсыуа хаҵоузеи, иараби. Нас, ԥшьаала, "ислужебка" ала ҳаԥхьа дҩагылан, иаб иҩны ҳнеигеит. Иашьеиҵыб Сергеи дынхон уа. Аҩнеихачаԥа ашҭа ҭбааҭыцә аганаҿы ашьаԥа еиҵҳәаны игылан. Ашҭа иҭагылаз ахьаца амҵан ижыцәӡа иҟаз мшәык ҿаҳәан. Ҳасасцәа ари анырба, рпатреҭыхгақәа аус ддыруит даара. Амшә-цәышәшә ахы зшьышьырц зҭахқәазгьы ҟалеит, аха иацәшәеит. Ус ааигәара инеиуан аҟароуп. Иаргьы асасцәа дахьқәа шаҳҭааз адырзар акәхап, аҽырбара иаҿын, ирыхәаччон. Ус, аԥсыуа маҭәала рҽеилаҳәаны, роупақәа ирҭашьшьы, рҽыџьбарақәа рыҵахәмаруа, азар ҳәо, ашҭа иааҭалт жәпаҩык ҷлоуаа рбыргцәа. Напеинҟьарахеит, авидеоҭыхрахеит. Лгәы иахәацәазар акәхап, аҵәыуара далагеит, инеимаҭәаны, Ниу-Иорктәи ауниверситет иатәу аҵарадырратә институт "Ауаҩы" адиректор Вера Рубен. Ҳбыргцәа еицлабны, аҽырхәмарра ианалага, ҳасасцәа хагахарц ақәыркит. Аишәахь ҳаннарга, урҭ шанханы, аҵысхш ада акгьы згым аишәа архиашьа иахәаԥшуан. Уинахыс аныҳәаҿақәа, аныҳәаҿақәа, аныҳәаҿақәа… Урҭ еиҭазгашазгьы ауаагьы ыҟан. Нас шәаҳәарахеит кәашарахеит, хысрахеит. Абас, ҿыки бзыки ишырзымҳәашаз ала ԥсаҭашкәакәа Ваниа Лагәыуа асасцәадахьқәа мҩаԥигеит. Ҳирԥшӡеит. Иабацәа дуқәа ишыҟарҵалоз еиԥш, хаҵаҵас иара итәала дныҟәеит. Аԥсуара агәы ҟаиҵеит, ихыԥшьыхаауа. Аиаша уасҳәап, Анатоли, абарҭ, аҳәаанырцәынтә иааз аҵарауаа, дара асовет ҵарауаагьы нарылаҵаны, ирҿысҵааз рацәоуп сара, абри иубо, еиҳаракгьы адәы иқәу аетнографиатә материалқәа реизгашьа аганахь ала. Инарҭбааҵәҟьаны уи схы иасырхәон ианакәызаалак, схы иасырхәоит иахьагьы.
– Деигәырӷьаны, уара уӡбахә кырынтә иҳәо саҳахьан, сара схаҭагьы даара пату зқәысҵоз апоет, аиҭагаҩ, акритик ду Владимир Аҵнариа. Уи бзиа ибон агитараҿы ашәаҳәара, уаргьы бзиа иубоит, иагьуқәҿиоит. Шәҩыџьагьы ашәа еицышәҳәалозма?
– Еиҭасҳәоит, Котики Жореи сареи, ҳааицрымшәо ҳаицын, уахынла дасу ҳаҩныҟақәа рахь ҳцон акәымзар. Ԥсроума, бзароума, зегьынџьара ҳаиццон, уимоу, амшын ахь ҳцозаргьы, ҳаицызар акәын. Котик еиԥш, Жорагьы ашәа иҳәон ибзианы – ибжьы ҵарын, ихаан, иӷәӷәан. Жора иҿоума, сара сҿоума, иара Котик иҿоума, џьара еишәа-шкәакәак ҳнахатәар, агитарарҳәареи ашәаҳәареи ҭаҳҵон. Амала, Котики сареи агитарарҳәашьа ҳзырҵаз Игор Ҵнариа иакәын. Игор ашәаԥҵарагьы даара дазҟазан. Котики сареи ателехәаԥшралагьы ҳаицықәгылахьан. Ҭина Қәарсиа лоуп уахь ҳназыԥхьаз.
– Валери, асахьаркыратә литературахь ухьасрыԥшыр сҭахуп, маҷк иадамзаргьы. Уара аханатәаахысгьы ҳжурнал даара иазҿлымҳау, инҭырҳәыцааны иаԥхьо ҳаԥхьаҩцәа уреиуоуп. Ибзианы издыруеит угьама, ҳаҭырла уззыҟоу ҳашәҟәыҩҩцәа, урҭ рырҿиамҭақәа. Аха, сара сеиԥш, егьырҭ ҳаԥхьаҩцәагьы еилыркаар рҭахуп, абас агьама бзиа змоу ҳҵарауаҩ, аԥсуа литература аҟынтә иарбан рҿиамҭақәоу ирлас-ырласны уззыхынҳәуа, изусҭцәада урҭ ашәҟәыҩҩцәа?
– Имырхьааӡакәа, даара сеиҵаурӷәӷәеит. Ишудыруа еиԥш, аҵарадырреи аҟазареи ашәҟәыҩҩреи знапы алаку рахьтә, аӡәы ибзырӡы уҳәар, егьи, зыбзырӡы умҳәаз, игәы нхоит. Ари апроблема аганахь ала, акгьы хьаас имкӡакәа аиаша ҭыцҟьааны изҳәоз, изыҩуаз Владимир Аҵнариа (Котик – А.Л.) иакәын. Изеицәааӡари – зызҩа зӡаз, лԥа дагеит – Котик идунеи иԥсахит, ҳлитературатә критикагьы адунеи аԥсахит. Ҵәылаҵарада, гәыблыла иҟаҵоу акритика аҭахуп ҳарҽиаратә дунеи, неилых ҟамҵакәа, зегьынџьара – уиами нас зегь раасҭа аԥсуаа иаҳзааигәоу, иаадыруа: аҵарадырраҿы, асахьаҭыхраҿы, амузыкаҿы, ахореографиаҿы… Мамзар ҳҭыԥ ҳзахымсӡакәа, ҳзықәгылоу анышә ҳкәаҳалоит. Доуҳала еиԥш, интеллектлагьы ҳшьақәхоит, ҳтәанхалоит. Аиаша — аҵабырг аҩсреи аибарҽхәареи аиҵашьыцреи ҳҵыршәаауеит. Лымкаала узҵаарахь сиасуеит. Дырмит – Дырмит иоуп, Иуа – Иуа иоуп, Баграт –Баграт иоуп. Иара ианаамҭаз аԥсуа проза еихеиҳаит Иван Папасқьыр. Аконкурс иалаҵатәӡам ира убас Таифи Рушьбеии – аԥсуа поезиаҿы урҭ рҭыԥ хазуп, аԥҵамҭа хьыршәыгәқәа ҳзынзыжьыз поетцәоуп. Поет гәылымҵәахқәоуп. Жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа ирылхны иҩу ажәеинраала ссирқәа дравторуп Платон Бебиа, апатриоттә жәеинраала џьашьахәқәа инапы иҵыҵит Борис Гәыргәлиа, абаҩхатәра ҷыда злаз поетын, шәҟәыҩҩын Витали Амаршьан. Рыхьӡқәа мҳәакәа срывсыр ҳақым, анарцәгьы снарышьҭуам, аԥсуа литература аҭоурых зышьҭа анымҵуа ианызҵаз Алықьса Џьениеи, Шьоҭа Ҷкадуеи, Шьалодиа Аџьынџьали, Џьума Аҳәбеи, Мушьни Миқаиеи, Никәала Кәыҵниеи. Апрозаҽы аӡәы дсызилаҵом Даур Занҭариа. Уи иҩымҭақәа, Аԥсны аҩнуҵҟа еиԥш, анҭыҵгьы, зинтеллект ҳараку, згьама хьаҳәа-ԥаҳәа амам аԥхьаҩ уи игәалашәара дамҵахырхәоит. Абаҩхатәра Анцәа ираҭәеишьеит, аха ираҭәаз аԥсынҵры римҭеит Леолиа Тәанԥҳаи Инна Ҳашԥҳаи. Иахьа дыррадула ҳлитература иаҵагылоу ргәыԥ ирылыҳәҳәоит, зкаламҵар еицамкыц, зкалам ала аԥсуаа ҳахьӡ ҭызго, ҳаргьы зыхьӡ ҳалаҽхәо ашәҟыҩҩцәа-хатәрақәа: Алықьса Гогәуеи Мушьни Лашәриеи. Сара ишеилыскаауала, збаҩхатәрагьы здыррагьы еицназго поетцәоуп, шәҟәыҩҩцәоуп: Геннади Аламиа, Даур Наҷҟьебиа, Владимир Занҭариа, Гәында Сақаниаԥҳа, Гәында Кәыҵниаԥҳа, Инна Ҳаџьымԥҳа. Аҿарацәа рахьтә сара зегьы дрылыскаауеит Аинар Ҷыҭанаа. Угәы иалымсын, Анатоли, уажәеинраалақәа жәпакы сышхырхуагьы, абас суҿаԥшуа, усзырҽхәом. Ушьҭахь исҳәо – сара сыламыс иатәуп.
– Ҳлитератураҿы имаҷҩым аҵарауаа-апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа, аҵарадырра аусгьы, алитературатә-рҿиаратә усгьы еилазыгӡо, еицназго. Уара апоезиаҿы ус мыцхәы уҽыумҟьозаргьы, иҭужьхьеит уажәеинраалақәа еидызкыло шәҟәык, ҳжурнал "Алашара" аҿгьы зны-зынла ҳааургәырӷьалоит. Ус анакәха, ҽыҩ бзик уақәтәоуп, рашькгьы увакуп.
– Апоезиаҽы сара сызлаҽхәаша акгьы ҟасымҵеит. Анаԥшҩы дхыршәҩуп, аӡәгьы игәы иалымсааит, аклассикатә жәеинраала аиҿартәышьала иаԥҵам апоезиа сгәахьы исзаагом. Ашәа згәылмыҩуа ажәеинраала, сара сзы иажәеинраалам, егьа ҵарадыррала еиқәыршәаны иҩызаргьы, егьа философиатә, психологиатә еидара иаҵазаргьы. Аҽакала исҳәозар, апоезиа – ашәоуп, ашәагьы поезиоуп. Дац-ԥашәлагьы ажәытә ҭоурых иагәылалоит дара арҿиара хкқәа аҩбагьы шеимазаку. Егьыс, сара сетнографиатә усумҭақәа ртәы салацәажәозар, хазы иҭсыжьхьоу, хәыҷи-дуи, жәаҩа шәҟәы ыҟоуп. Убырҭ рахьтә ҩба – ашкол ахьӡала акьыԥхь збаз аԥсуа жәлар рҭоурых иазку рҵагатә цхыраагӡақәоуп. Руакы аҭырқәшәахь еиҭаганы Сҭампылтәи ашәҟәҭыжьырҭаҿы алашара алырбеит ҳаҳәшьа, Маҳинур Ҭуна (Папааԥҳа). Саԥхьаҩцәа ирдыруазар сҭахуп убырҭ рахьтә зегьы раасҭа џьабаа здызбалаз 2018 шықәсазы Масқәа иҭыҵыз "Ритуальный мир традиционной религии абхазов" смонографиеи, сынтәа Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет иҭнажьыз "Анцәахаҵара – абхазская традиционная религия" зыхьӡу егьи смонграфиеи шракәу. Убри азы акәхап урҭ сара сҩымҭақәа зегьы изреиӷьасшьогы. Иааидкыланы, урҭ ҩажәашықса рықәсырӡит. Аамҭа рацәа згаз аетнографиатә материалқәа реизгароуп, ҳәарада. Урҭ сыстол ианықәла, аҩра уамак садымхалеит. Амала, аҵыхәтәантәи ашәҟәы зҩит уаанӡатәи смонографиа ашьаҭала, аха даҽа ԥшь-хык ацысҵеит, ахьӡгьы, ишубо еиԥш, даҽак ала ицәажәоит. Избанзар, уаанӡатәи иагыз "Родовой культ как институт традиционной религии абхазов" ашәҟә ҿыц аҿы аҭыԥ азыԥшаара сара азин снаҭоит аԥсуа традициатә дин, дунеихәаԥшышьак аҳасаб ала, Аԥсуара – аԥсуа жәлар ркультура асуперкультура – злеибыҭоу асубкультуратә системак аҳасаб ала ахәаԥшра, насгьы, сымшәа-смырҳа, ҭоурыхла иара иахәҭоу ахьӡ ахьӡҵара. Шьҭа аԥсуаа иҳалшоит, ҿыӷәӷәала ҳцәажәо, Анцәахаҵара Иудаизми, Индуизми, Синтоизми реиԥш иҟоу амилаҭ дин дуқәа рываргылара.
– Валери, сынтәа иҭыҵыз уара ушәҟәқәа хԥа уиубилеи ԥшӡа иақәыршәаны иҭыҵит. Уи иаҳәо уи ауп, уара арҿиаратә гәаҳәара шумац иумоуп, ухы-уԥсы ззукыз аус-ԥшьа амаҵ шууц иууеит. Аҽаганкахьалагьы – Аԥсуа традициатә дин иазку умонографиақәа рҭыҵра ус дуны иҟалеит аԥсуаҭҵаараҿы. Акыр улшеит. Арахь, сара ишыздыруала, ухы удыруа уааҟалеижьҭеи уыҩуа аԥсуа милаҭтә проблема уашьҭан, аибашьра аныҟала, абџьар аанызкылаз ахацәа урывагылт, аҵыхәтәантәи аамҭазгьы агәамбзиарақәа ухҭаркит. Излеидубалозеи абарҭ зегьы?
– Узҵаарақәа рҭак аҟаҵара сзымариам, насгьы аамҭа агоит. Аха, иааркьаҿӡаны акәзаргьы, сҽырзысшәоит. Аԥсуа жәлар рмилаҭтә ҵысра салахәын сара 1967 шықәса инаркны. Усҟан сара курск аҿы аҵара сыцызҵоз Валери Касланӡиеи Валери Кәарҷиеи реиԥш, саргьы "Ҩажәижәаҩык ркомиссиа" салан. Акомиссиа напхгара азызуаз Ҭамара Шьаҟрылԥҳаи Џьума Аҳәбеи ракәын. Урҭ иаарҳәоз ҳара ҳзы изакәанын. Ладеи-ҩадеи иҩтәызаргьы, ҳаҩуан.Убысҟан ауп, раԥхьаӡа, – "Аԥсны Қырҭтәыла иалымҵыр ҟалом!" – анаҳҳәаз аԥсуаа, афилармониа аанкыланы ҳахьтәаз. Шәҟәыла-быӷьшәыла ҳус аиқәыршәараҿы дара аџьабаа рбеит Шамил Ҳаџиби Олег Шамбеи. Ихы цәырымгацәакәа, маӡа-аргама даара иаҳхылаԥшуз чынуаҩын Акомпартиа Аԥснытәи обком амаӡаныҟәгаҩ Валериан Кәабахиа. Масқәаҟа ицаз ашәҟәы аорегинал, Џьума иҳаиҭан, Валери Касланӡиеи сареи, ҭоуиҭадала Ҭхьына иганы, саб иашьа Бигәаа Африкан иҿы иаҳҵәахит. Кыршықәсагьы уа иман уи. Уинахысгьы, исылшоз ала, еизарак иадамхаргьы, ҳажәлар реизарақәа схы рыгысмырхеит. Аибашьра аангьы хазы сымгылт. Ԥыҭраамҭак Тҟәарчалтәи арратә гарнизон аҿы скомисарын, нас, абргцәа рхеидкыла иҟарҵаз адҵала, Гәдоуҭаҟа сцеит, ахҵәацәа Гәыдоуҭанӡа иаазгон "адәыӷба" ала ҽырҩашьаны. Владислав Арӡынба урҭ изаарыцҳаз ажәа иасҳәарц азы. Гәдоуҭеи Тҟәарчали рыбжьара ихыз "ацҳа" аныԥҵәа, санзымгьежь, аԥсшьарҭа ҩнқәа рҿы зҭаацәа зманы инхоз абжьыуаа снарылалан, сара сеиԥш, зықәра еиҩызшахьаз, аха зшьамхы инанагоз рыла "Абжьыуаа", ҳәа рота-хәыҷык еизызгеит Аԥсны афырхаҵа Витали Чирикбаиа хыс дызмаз Гагратәи арратә гарнизон аҿы. Ԥыҭрак акемпинг аҿы ҳаанкыланы ҳиман Витали. Нас, – "ԥхьаҟа!" – анырҳәа, Гәдоуҭаҟа, ар рыштабхадахь ҳааишьҭит. Цәыббрамзазтәи ажәылараан, "Уазбақь-ахаҵа" шаҳҳәоз, Гәымсҭа ацҳа ҳақәсны, Ачадара ҳааит, ақырҭқәа "гаубицала" ишҳаххысаауаз мацара. Аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа астратегиатә ҵак ду змаз Гәымсҭатәи ацҳа ҳахьчон, ҳаруаа иҭадырцәыз Шьромеи Камани, иара убас Аҟәа Ажәытә аҳаблеи Аҳабла ҿыци рҟны зҽыҵәахны иҟаз ақырҭуа еибашьцәа рҟынтә ррыцқьара ҳаҿын. Аҟәа агәаҟынӡа харуаа аннеи, снапаҵаҟа иҟаз сеибашьцәа, сзынкыло сыҟазма, ақалақь ахь иҩт. Саргьы, сзеицәада, сҳәан, сеихеит.... Ажәакала, сыуаажәлар срывагылан. Исылшаз рацәак ыҟамзаргьы, саҿын, сылақәа цқьа ишырымбоз аӡәгьы имырдырӡакәа. Сгәабзиара аӡбахә аҳәара еиҳагьы исцәыцәгьоуп. Аибашьра ашьҭахь ауниверситет ашьапы иқәыргылатәхеит, ҳреқтор Алеко Гәарамиа ҳивагылт Аԥсны аҩнуҵҟа иҟаз алекторцәа зегьы. Аус аауан, алекциақәа мҩаԥаагон хәыда-ԥсада, зны-зынла чахык-ҩчахык анҳарҭоз атәы сымҳәозар. Уаҳа акгьы анысзымхәыц, Гәылрыԥшь ақыҭан, хыҵакырҭахәыҷык ԥшааны, аԥшаарыхраеи, аҟәыдаарыхреи, ауҭраҟаҵареи напы асыркит. Убырҭ рыдагьы, ажәқәа ҩба анысҵеит, аҳәа анысҵеит, акәытқәа анысҵеит, сҭаацәа амла иасмыркит, ауниверситет ахьгьы смаар ада ԥсыхәа сымамызт аха. Убраҟоуп сгәыхьгьы ахьҵысыз, схыхьгьы ахьҵысыз. Ҩынтә-хынтә Масқәа аклиникақәа рҿы сышьҭалахьеит. Ҩажәихԥа шықәса ҵуеит сара, шамахак акәымзар, аиарҭеи сареи, жьи напхыци реиԥш, уаҩы ҳаизеилымхуа сыҟеижьҭеи. Алабақәагьы сдыркит еишьҭагыланы исҭаауаз счымазарақәа. Иҟан аамҭак аҩышьеи аԥхьашьеи ҿыц рҵара санаҿызгьы. Уара иудыруеит, уажәы исыхьуа еиҳагьы еицәоуп, аха имгәыӷкәа иԥсхьада? Судышшылошәа иҟалеит иахьа, аха уи сара схатә ҭоурых ауп. Исылаԥшны издыруа, гәыбӷан шсимҭо здыруеит.
– Валери, уара иахьа уеиҵаҩҩы, Анцәа дуқәныҳәаны уҟоуп. Ухшара, умаҭацәа – унҵыра иацызҵо, узыргәырӷьо ауаа урылатәоуп. Уи еиҳау акгьы ыҟаӡам. Уџьабаа ишмыӡыз убоит, уҩнаҭа агәырӷьабжьи аччабжьи агым. Насгьы, умаҭеиҳабы даара уиқәгәыӷны уцәажәо саҳахьеит, аҵара даара бзиа ибоит, агәынкылара хазына имоуп, уҳәоит. Мышкызны, иҟалоит, иабду еиԥш, жәлары дыргәадураны дҟаларгьы.
– Уҿы, изҳәаз хьыла иҭәааит, Анатоли Лагәлаа. Ауаҩы игыу аҵкьыс, ицу гәазҭо арԥысуп, уара. Сара шаҟа сыгу аҟара, Анцәа иуциҵааит! Иуҳәаз иашоуп, смаҭацәа ахҩыкгьы – сыԥҳазаҵә лҳәыҷқәа – сара исыԥсҭазаароуп. Аҵара бзиа избо ҳәа уаанӡа зыӡбахә уҳәоз смаҭеиҳабы Леуан, зны, бабаду уара суеиԥшхар сҭахуп иҳәеит. Бабаду уара дукәыхшоуп! Сара усеиӷьхароуп! - сҳәеит саргьы ҭакк аҳасаб ала. Даара сгәы урҟәандеит, сгәалаҟара шьҭухит иахьа, Анатоли.
– Иахьатәи уареи сареи ҳаицәажәара агәахәара ду снаҭеит, Валери. Аԥсҭазаараҿы акыр збахьоу, акыр заҳахьоу, акыр иалаԥшхьоу ауаҩы есымша ииҳәаша имоуп, зца ҭәны игылоу анхаҩы диҩызоуп. Валери, уара аԥсуа изы зегьы иреиҳау агәырӷьара ду уашаҳаҭуп – уи Аԥсны Ахақәиҭра ашьақгылароуп. Сара ибзианы исгәалашәоит, уаргьы иуҳәеит, зегьыҵәҟьа акәымзаргьы, аибашьраан иубаз аџьабаа. Хашҭра сзақәым усҟан угитара ианҵаны иуҳәоз ашәақәа, урҭ ҳажәлар ргәы шьҭырхуан. Иахьа, ҳхақәиҭра ҩеижәижәаба шықәса ахыҵит. Адунеи аҿы ҳахьӡ цәгьамкәа ирылаҵәеит, ҳбызшәеи ҳдемографиеи рпролемақәа аҭыԥ иаҳзықәҵар. Абри аҩыза аамҭа бзиа ҳзаагаразы ҳинтеллигенциа раԥхьа игылақәоу, ҟәышра згым, ихәыцуа, арагәаԥшь иалху уреиуоуп уара. Иугәаламшәои, Лев Толстои ииҳәаз: "Жить, значит делать из себя художественное произведение..."
- Ҳазшаз Анцәаду, духылаԥшуа, уааигоит макьана, угәабзиара егьа иуашәшәыразаргьы, шьҭарнахысгьы иуаҭәеишьааит ужәлар ирызноугарц иуҭаху рызноугартә еиԥш, алшара Анцәа иуиҭааит! Уи – уҭҵаарадырратә рҿиамҭақәа, ушәҟәқәа, игәышьҭыхгоу уашәақәа, уажәеинраалақәа роуп, ахаан ԥсра рықәымкәа, уаҵәы игыло аҿар ҵәатәышьаҟаны ирыҵагылаша. Уара ауаҩы уаниԥыло уиеигәырӷьоит, адунеи азна уразуп, уаниԥырҵуагьы, мшаԥныҳәахәыҷык изынужьуеит. Саргьы уи анасыԥ саҵанакит!..
- Абзиараз ҳаиқәшәалааит, абзиа еибаҳҳәалааит!
– Абзиара иақәшәаша, дад!
Ажәабжьқәа зегьы
0