Урыстәыла

Андреи Стенин ихьӡ зху аиндаҭларахь аусумҭақәа рыдкылара иалагеит

© Sputnik / Алексей ФилипповЦеремония объявления Гран-при и победителей конкурса фотожурналистики имени Андрея Стенина 2023 года
Церемония объявления Гран-при и победителей конкурса фотожурналистики имени Андрея Стенина 2023 года - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2023
Анапаҵаҩра
Аицлабра мҩаԥыргоит 2014 шықәсазы Украина иҭахаз амедиагәыԥ "Россия сегодня" афотокорреспондент Андреи Стенин игәалашәаразы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Андреи Стенин ихьӡ зху аиндаҭларахь аусумҭақәа рыдкылара иалагеит.
Аиндаҭларахь аусумҭақәа рыдыркылоит ахьыӡҳәақәа ԥшьба рыла: "Моя планета", "Портрет. Герой нашего времени", "Главные новости", "Спорт", сынтәа иацлеит "Вид сверху". Уи иабзоураны аконкурс аилахәылацәа аракурс ҿыц ала аҭыхразы алшара роуеит.
"Жәашықәса ирылагӡаны афотоҭыхыҩцәа ҿарацәа рзы зеиԥш ыҟам еиндаҭларахеит, дара рыбла иабаз, ишабаз, ргәаанагара, аракурс ҿыцқәа рыла иҭырхыз ӡырыргартә алшара рымоуп. Стенин ихьӡ зху аконкурс жәларбжьаратәи афотоафишаҟны ҳтыс дууп", - лҳәеит аконкурс ахылаԥшҩы Оксана Олеиник.
Арзаҳалқәа рыдыркылалоит хәахәкыра 15 рҟынӡа, аԥхьахәтә фонд иартәоит 125, 100, 75 нызқь мааҭ актәи, аҩбатәи, ахԥатәи аҭыԥқәа рзы. "Гран-при" - 700 000 мааҭ.
Работа Имаго российского фотографа Владислава Некрасова. Портрет. Герой нашего времени, одиночная фотография, 1-е место  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2023
Ҿыцбарала: 2023 шықәсазы Андреи Стенин ихьӡ зху аицлабра иаиааиз
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху жәларбжьаратәи афотожурналистика аконкурс хықәкыс иамоуп аҿар адгылара рыҭареи ауаажәларра ҳаамҭазтәи афотожурналистика ахықәкы разхьарԥшреи.
Есышықәса уи иалахәхо атәылақәа рхыԥхьаӡа иацлоит. Сынтәа ажиури алахәылацәа ирыхәаԥшит 50 тәыла рҟынтәи иаарышьҭыз х-нызқь рҟынӡа афотосахьақәа. Урҭ рыбжьара раԥхьаӡа акәны Бурунди, Бахреин, Босниеи Герцеговинеи рҟынтәи аусумҭақәа нарышьҭит.
Аицлабра Жәларбжьаратәи аинформациатә дгылара арҭоит: аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik, RT ателеканали апортали, амедиахолдинг Independent Media (ЮАР), ажәабжьтә маҵзура ANA (ЮАР), Shanghai United Media Group (SUMG) (Китай), агазеҭ China Daily (Китаи) аинтернет-портал, аинтернет-портал The Paper (Китаи), амедиаҳа Al Mayadeen (Ливан).
Ажәабжьқәа зегьы
0