https://sputnik-abkhazia.info/20231224/antsa-imautsa-amaalytsa-asuaa-ryntsakhrat-panteon-ay-iaanyrkylo-ay-1049454403.html
Анцәа имаҵуцәа: амаалықьцәа аԥсуаа рынцәахәратә пантеон аҿы иааныркыло аҭыԥ
Анцәа имаҵуцәа: амаалықьцәа аԥсуаа рынцәахәратә пантеон аҿы иааныркыло аҭыԥ
Sputnik Аҧсны
Аԥсуаа рдунеихәаԥшышьаҿы амаалықьцәа иааныркыло аҭыԥ атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа. 24.12.2023, Sputnik Аҧсны
2023-12-24T15:35+0300
2023-12-24T15:35+0300
2023-12-24T15:35+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/0b/1047925578_0:161:3067:1886_1920x0_80_0_0_85470509fe2ece2a7c281152a681b37d.jpg
Аԥсуаа рмифологиатә дунеихәаԥшышьа ала амаалықьцәа Анцәа имаҵуцәаны иаарԥшуп. Урҭ амҵәыжәҩақәа рымоуп, иԥыруеит, ажәҩан иалоуп. Бжеиҳан иҳалалу, иқьиоу хаҿсахьақәоуп, аха иаҩысҭааханы, иџьнышқәаны ианцәырҵуагьы ыҟоуп. Ирҳәоит аҩсҭаа ихаҭагьы анкьаӡа зны дмаалықьын ҳәа, Анцәа иаҳәшьаԥа иакәын. Аха Анцәа иажәа наимыгӡо, диҿагыло, ацәгьарақәа ҟаиҵо даналага, дшәиины ажәҩан аҟынтә адгьыл ахь дылбааишьҭит, даҩысҭаахеит.Аԥсуаа егьырҭ рынцәахәқәа реиԥш, амаалықьцәа уаҩы ибо иҟам. Амала ауаҩы данилак нахыс, досу ихатә маалықь димоуп, дицрымшәо дицуп, дихылаԥшуеит ҳәа иԥхьаӡоуп. Ирҳәоит ауаҩы иарӷьа жәҩа амаалықь дықәтәоуп, иарма жәҩа – аҩсҭаа. Абри аҟынтәигьы иаауазар ҟалап аныҳәарақәа рымҩаԥгараан арыӷьала агьежьра – Анцәа имаалықь "Амин" ациҳәоит, Анцәа иҟынӡа уажәақәа наигоит ҳәа иԥхьаӡаны. Иара убасгьы ашьыжь уангыло арыӷьала ушьаҿа неихугар, уусқәа аманшәалара рыцзаауеит ҳәа иазгәарҭоит.Афольклорист Сергеи Лад-иԥа Зыхәба иҟаиҵаз анҵамҭақәа руак ишҳанаҳәо ала, амаалықьцәа ажәҩан аҟынтәи ианылбаауа арбаӷьқәа ирбоит, аиқәҿыҭра иалагоит.Ажәа "амаалықь" ахаҭа ауриа бызшәа аҟынтә аӡәырҩы ажәларқәа ирылаҵәеит: арабцәа, аџьамцәа, атиурк бызшәақәа рҟны "мелек" рҳәоит, иара убасҵәҟьа аингушцәа, ачеченцәа, аварцәа, ауаԥсаа рҟынгьы. Аԥсуаа ари ажәа ахәыҷы ԥшқагьы идыркылоит, избанзар аԥшқа "амаалықь" еиԥш дыцқьоуп. Аиҳаракгьы ахәыҷы шықәсык ихыҵаанӡа дыжәҩантәуп, амаалықьцәа дрылоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Убри аҟнытә акәзаргьы ҟалап шықәсыкнӡа ахәыҷы ԥшқа идҳәаланы иршьо азгәаҭарақәа еиҳа изырацәоу. Убраанӡа Анцәа имаалықьцәа дрылазҭгьы, шықәсык нахыс ишьапы адгьыл иқәиргылоит, ауаа дрылоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Акыр иҟазшьарбагоуп ашәҟәыҩҩы Кәасҭа Гьерхьелиа 1992 шықәсазы Гәдоуҭа араион, Лаҭа ақыҭан иҭахаз ирзикыз ажәақәа: "Амаалықь иҿаԥхьа иқьиоуп ақәыџьмагь, ақәыџьмаҵәҟьагь дажьжьоит, аԥшқа дабар…" ҳәа. Автор уи ахлымӡаахра иақәшәаз ахәыҷқәа амаалықьцәа ирыдикылоит, иагьааирԥшуеит ацқьара аҿаԥхьа агыгшәыгра шымчыдоу, аха ари аҩыза згәаӷьуа дыздукылара гыгшәыггьы шыҟам…Аԥсуа мифологиаҿы амаалықь ихала хаз иалкаау хаҿсахьаны шамаха иубаӡом, урҭ еицны ауп ишуԥыло, арацәа хыԥхьаӡараҿоуп иара атермингьы ахархәара шарҭо – "амаалықьцәа" ҳәа. Дара ишырҳәо ала, ирацәоуп. Амала хаз-хазы ахьыӡшьарақәа рыманы иаҳԥылаӡом абиблиаҿы ишыҟоу еиԥш.Хылҵшьҭрала амаалықьцәа ирзааигәоуп аԥааимбарцәа. Аԥааимбарцәагьы Анцәа ицҳаражәҳәаҩцәоуп уҳәар ауеит, Анцәа иажәа нарыгӡоит. Иара ахәыҷы ԥшқа ихьӡшьараҿгьы "амаалықь" инаваргыланы "аԥааимбаргьы" ахархәара амоуп. Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа арҭ ахаҿсахьақәа ирызкны иҳамоу анҵамҭақәа маҷуп, убри аҟнытә дара раарԥшышьагьы инагӡаны ихаҭәаам.
https://sputnik-abkhazia.info/20231202/Lash-ash-ast-aaaatsa-alash-zaakhaz-ishyrkhyrua-iazkny-1028743447.html
https://sputnik-abkhazia.info/20231029/adunei-aaaray-ineirts-ioup-adunei-aara-iazku-amifa-1048787036.html
https://sputnik-abkhazia.info/20231105/isysha-ikhchny-dton-imsysha--ishapany-astsaa-abyga-zku-1048927184.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/0b/1047925578_169:0:2898:2047_1920x0_80_0_0_4cf2f7eb646cbe24a42489480601ac96.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
жәлар рдоуҳа
Анцәа имаҵуцәа: амаалықьцәа аԥсуаа рынцәахәратә пантеон аҿы иааныркыло аҭыԥ
Есма Ҭодуаԥҳа
НААР аҭҵаарадырратә усзуҩ
Аԥсуаа рдунеихәаԥшышьаҿы амаалықьцәа иааныркыло аҭыԥ атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Аԥсуаа рмифологиатә дунеихәаԥшышьа ала амаалықьцәа Анцәа имаҵуцәаны иаарԥшуп. Урҭ амҵәыжәҩақәа рымоуп, иԥыруеит, ажәҩан иалоуп. Бжеиҳан иҳалалу, иқьиоу хаҿсахьақәоуп, аха иаҩысҭааханы, иџьнышқәаны ианцәырҵуагьы ыҟоуп. Ирҳәоит аҩсҭаа ихаҭагьы анкьаӡа зны дмаалықьын ҳәа, Анцәа иаҳәшьаԥа иакәын. Аха Анцәа иажәа наимыгӡо, диҿагыло, ацәгьарақәа ҟаиҵо даналага, дшәиины ажәҩан аҟынтә адгьыл ахь дылбааишьҭит, даҩысҭаахеит.
Аԥсуаа егьырҭ рынцәахәқәа реиԥш, амаалықьцәа уаҩы ибо иҟам. Амала ауаҩы данилак нахыс, досу ихатә маалықь димоуп, дицрымшәо дицуп, дихылаԥшуеит ҳәа иԥхьаӡоуп. Ирҳәоит ауаҩы иарӷьа жәҩа амаалықь дықәтәоуп, иарма жәҩа – аҩсҭаа. Абри аҟынтәигьы иаауазар ҟалап аныҳәарақәа рымҩаԥгараан арыӷьала агьежьра – Анцәа имаалықь "Амин" ациҳәоит, Анцәа иҟынӡа уажәақәа наигоит ҳәа иԥхьаӡаны. Иара убасгьы ашьыжь уангыло арыӷьала ушьаҿа неихугар, уусқәа аманшәалара рыцзаауеит ҳәа иазгәарҭоит.
Афольклорист Сергеи Лад-иԥа Зыхәба иҟаиҵаз анҵамҭақәа руак ишҳанаҳәо ала, амаалықьцәа ажәҩан аҟынтәи ианылбаауа арбаӷьқәа ирбоит, аиқәҿыҭра иалагоит.
Ажәа "амаалықь" ахаҭа ауриа бызшәа аҟынтә аӡәырҩы ажәларқәа ирылаҵәеит: арабцәа, аџьамцәа, атиурк бызшәақәа рҟны "мелек" рҳәоит, иара убасҵәҟьа аингушцәа, ачеченцәа, аварцәа, ауаԥсаа рҟынгьы. Аԥсуаа ари ажәа ахәыҷы ԥшқагьы идыркылоит, избанзар аԥшқа "амаалықь" еиԥш дыцқьоуп. Аиҳаракгьы ахәыҷы шықәсык ихыҵаанӡа дыжәҩантәуп, амаалықьцәа дрылоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Убри аҟнытә акәзаргьы ҟалап шықәсыкнӡа ахәыҷы ԥшқа идҳәаланы иршьо азгәаҭарақәа еиҳа изырацәоу. Убраанӡа Анцәа имаалықьцәа дрылазҭгьы, шықәсык нахыс ишьапы адгьыл иқәиргылоит, ауаа дрылоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Акыр иҟазшьарбагоуп ашәҟәыҩҩы Кәасҭа Гьерхьелиа 1992 шықәсазы Гәдоуҭа араион, Лаҭа ақыҭан иҭахаз ирзикыз ажәақәа: "Амаалықь иҿаԥхьа иқьиоуп ақәыџьмагь, ақәыџьмаҵәҟьагь дажьжьоит, аԥшқа дабар…" ҳәа. Автор уи ахлымӡаахра иақәшәаз ахәыҷқәа амаалықьцәа ирыдикылоит, иагьааирԥшуеит ацқьара аҿаԥхьа агыгшәыгра шымчыдоу, аха ари аҩыза згәаӷьуа дыздукылара гыгшәыггьы шыҟам…
Аԥсуа мифологиаҿы амаалықь ихала хаз иалкаау хаҿсахьаны шамаха иубаӡом, урҭ еицны ауп ишуԥыло, арацәа хыԥхьаӡараҿоуп иара атермингьы ахархәара шарҭо – "амаалықьцәа" ҳәа. Дара ишырҳәо ала, ирацәоуп. Амала хаз-хазы ахьыӡшьарақәа рыманы иаҳԥылаӡом абиблиаҿы ишыҟоу еиԥш.
Хылҵшьҭрала амаалықьцәа ирзааигәоуп аԥааимбарцәа. Аԥааимбарцәагьы Анцәа ицҳаражәҳәаҩцәоуп уҳәар ауеит, Анцәа иажәа нарыгӡоит. Иара ахәыҷы ԥшқа ихьӡшьараҿгьы "амаалықь" инаваргыланы "аԥааимбаргьы" ахархәара амоуп. Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа арҭ ахаҿсахьақәа ирызкны иҳамоу анҵамҭақәа маҷуп, убри аҟнытә дара раарԥшышьагьы инагӡаны ихаҭәаам.