Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Адунеи ақәӡаараҿы инеирц иҟоуп…": адунеи ааҳәра иазку амифқәа

© AFP 2023 / HANDOUTНа этом снимке НАСА, полученном 21 апреля 2020 г., показан вид Земли
На этом снимке НАСА, полученном 21 апреля 2020 г., показан вид Земли - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.10.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсуа мифологиаҿы иаҳԥыло адунеи ааҳәра иазку аҳәамҭақәа ртәы Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа ланҵамҭаҿы.
Амифологиатә ҳәамҭақәа рҿы иалкаау аҭыԥ рымоуп адунеи ааҳәра иазку ажәабжьқәа. Адунеитә мифологиа аҟын ишаарԥшу еиԥш, аԥсуаа рдунеихәаԥшраҿгьы ихадароу ԥсабаратә мчқәаны иԥхьаӡоуп амца, аӡы, аҳауа, адгьыл. Аԥсуаа ркосмогониатә мифқәа рыла зегь зшаз, "ҳаиҳа мчы змоу", "ҳазшаз" Анцәа иоуп. Уи аамҭак дадҳәалаӡам, уи дыҟан есымша, иара иоуп зегь знапы иаку, изшаз адунеи. Аԥсуаа рҿы иҟоуп амифқәа Анцәа адунеи шишаз, аеҵәақәа шцәырҵыз, ауаа шишаз, аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рцәырҵшьа уҳәа ирызку. Аха адунеи аниша нахысгьы уи аԥсахрақәа азиухьан "адунеи ааҳәрала".
Празднование дня Победы в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2023
Аԥсны
Ажәлар рышьаҭамырӡга рбызшәеи рҵарадырреи ауп
Аԥсуа мифологиаҿы иаҳԥылоит аҳәамҭақәа адунеи ааҳәра аӡхыҵралеи мцалеи иҟалахьан ҳәа зҳәо. Амцала адунеи ааҳәра ҟалеит аҵанаа адәы ианықәыз. Урҭ иаарҭаху ҟаҵо ишынхоз, убранӡа инеит Анцәагьы ицәымшәо аҟынӡа. Аԥшасра, ақәаура закәызгьы рыздырамызт, дара рзы еснагь кашырран. Ҳара иаҳиааиуа ыҟам ҳәа рҳәо иахьыҟалаз Анцәа ддыргәааит. Убри иахырҟьаны уи иҽырҩашьаны амаалықь дырзылбааишьҭын, изыцәшәоз еиликааит: аԥша арсны, абамба сы аруны амца аркны зегь лықәццышәаа игеит. Абас мцала иҟалеит актәи адунеи ааҳәра.
Аҩбатәи адунеи ааҳәра аӡхыҵра иазку алегендақәа рыла иаарԥшуп. Аҩбатәи адунеи ааҳәрагьы зыхҟьаз ауаа рхамхаҧагьара ауп, акы иацәымшәо, арыцҳаибашьара рыламкәа, аицхыраара рыламкәа иахьыҟалаз ауп. Ас еиԥш ала адунеи ааҳәра шыҟалаз атәы зҳәо аҳәамҭақәа иреиуоуп аӡиас Риҵа шыҟалаз, Папанҵҟәыр ирызку алегендақәа, иҟоуп абиблиатә мотивқәа зныԥшуа аҳәамҭақәагьы – иаҳҳәап: "Ныҳә Ԥааимбар иӷба" асиужетқәеи авариантқәеи.
Амифологиаҿы алагамҭа змоу зегьы анҵәамҭа шрымоу, нҵәара змам адоуҳаразаҵәык ауп. Убас адунеи Анцәа ишишаз еиԥш, иқәӡаарцгьы иҟоуп, "акаамеҭ" ҟалоит ҳәа зҳәо амифологиатә ҳәамҭақәа ыҟоуп. Иҟалараны иҟоу атәы еиҭазҳәоз дреиуан ажәабжьҳәаҩ ҟаза ду Минџьора Гамгьиа. Уи иҟынтәи аетнолог Марина Барцыц иҟалҵаз анҵамҭаҿы ҳаԥхьоит абас еиԥш:
"…Ишнеишнеиуа милаҭла аибашьра ҟалоит иҳәеит. Иреиҵоу ҳәынҭқаррак иахҟьаны адунеи зегь аибашьра ҟалоит, баба. Иреиҵоу ҳәынҭқаррак иахҟьаны!
- Сҭампыл, - иҳәеит, - хымз зхыҵуа аҽҵыс ашьа иарӡсоит ҳәа аҳәоит. Убра еилгоит иҳәеит. 36 шықәса зхыҵуа аԥҳәызба ҳәынҭқарс дҟалоит. Убри ҩышықәса лтәы аҳәоит. Убри нахыс сыздыруам нас иҟало, - иҳәеит."
Анна Сангулия - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2019
"Изыԥҵәоу аамҭа": алахьынҵа аԥсуаа ртрадициатә дунеидкылашьаҿы
Ахԥатәи адунеи ааҳәра зеиҧшрахо ҳәа еиҭарҳәоит "адунеи ахәа ықәыббы" иҟалоит ҳәа.
Иахьа адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа уанрызхәыцуа арҭ амифологиатә ҳәамҭақәеи ҳдунеи аҽыԥсахшьеи реиԥшзаара умбар залшом. Адунеи изныкымкәа ахықә ихықәгылахьан, аха дара убарҭ акаамеҭрақәа рышьҭахьгьы аҿыц аԥсҭазаара ҟалоит, дырҩегьых зегь ҿыцны иалагоит. Адунеи шьаҭанкыла аҽаԥсахуеит, аԥсҭазаара акырӡа еиӷьхоит, иразхоит ҳәа еиҭарҳәоит ажәабжьҳәаҩцәа, уи агәра ргоит. "Бзиа нагӡа шыҟам еиԥш, цәгьа нагӡагьы ыҟам" рҳәоит, "ацәгьеи абзиеи рышьхәа еивҵоуп" - ус ишоуп аԥсабара, ацәгьеи абзиеи, аҳалалреи аҳарамреи, алашьцареи алашареи еснагь еисуеит, рҽеиҭнырыԥсахлоит. Адунеи ахықә аҟынӡа иназгогьы ҳара, ауаа ҳауп – акы иацәымшәо, Анцәагьы иеисарц иалаго…
Очаг - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2018
Ашацәа, мамзаргьы алахьынҵазы аԥсуаа ргәаанагара
Ажәабжьқәа зегьы
0