https://sputnik-abkhazia.info/20231225/aparlament-akti-akharala-iadnakyleit-atanchakhyt-gasa-asistemay-aagalarazy-azakan-1049609110.html
Апарламент актәи аԥхьарала иаднакылеит атәанчахәытә ԥгаԥса асистемаҿы аҭагаларазы азакәан
Апарламент актәи аԥхьарала иаднакылеит атәанчахәытә ԥгаԥса асистемаҿы аҭагаларазы азакәан
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Апарламент актәи аԥхьарала иаднакылеит "Хымԥадатәи атәанчахәытә ԥгаԥса асистемаҿы хазхаҭалатәи (аперсоналтә)... 25.12.2023, Sputnik Аҧсны
2023-12-25T18:15+0300
2023-12-25T18:15+0300
2023-12-25T18:15+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/0a/1045192013_0:161:3068:1887_1920x0_80_0_0_78d850c641d6f0bc86a2d0c4990b74e0.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Апарламент актәи аԥхьарала иаднакылеит "Хымԥадатәи атәанчахәытә ԥгаԥса асистемаҿы хазхаҭалатәи (аперсоналтә) ашәҟәҭагаларазы" азакәан. Апроект азырхоуп атәанчахәытә еиқәыршәара азакәан иаҵанакуа атәылауаа рзы адыррақәа хра рыманы рышәҟәҭагалара амҩаԥгара зылшо асистема аԥҵара. Апарламент аҿы ахада ихаҭарнак Анри Барцыц ишиҳәаз ала, азакәан апроект атәанчаҩцәа рзы адыррақәа хра рыманы рышәҟәҭагалара амҩаԥгара зылшо асистема аԥҵара иазырхоуп. Апроект иазԥхьагәанаҭоит дарбанзаалак атәанчахәытә ԥгаԥсазы ашәҟәы зҽанызҵаз иҷыдоу аршаҳаҭга иҭара. Уи ала иаартхар ҟалоит ахатәы ԥхьаӡамҭа – астаж, аԥгаԥсатә лагалақәеи ашәарақәеи уҳәа егьырҭ адыррақәеи зныԥшуа. Аилыркаагатә шәҟәаҿы иазгәаҭоуп Аԥсны атәылауаа ашәҟәы автоматла ишҭаргало ахшара данроуеи атәылауаҩшәҟәы анроуеи. Убри аан аԥгаԥса иаҵанакуа ахаҿқәа ркатегориақәа зегьы ирылшоит Атәанчахәытә фонд ахь идҵааларц аԥгаԥсатә ршаҳаҭга аиуразы. Арҭ аусқәа идырмариоит иагьдырццакуеит атәанчахәы аиура аԥҟара.
https://sputnik-abkhazia.info/20231225/asny-aparlament-atylauaa-rkategoriaak-rtanchakha-shnakhit-1049607337.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/0a/1045192013_169:0:2900:2048_1920x0_80_0_0_d05bab9aad261bd3823495083923ab6f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Апарламент актәи аԥхьарала иаднакылеит атәанчахәытә ԥгаԥса асистемаҿы аҭагаларазы азакәан
АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Апарламент актәи аԥхьарала иаднакылеит "Хымԥадатәи атәанчахәытә ԥгаԥса асистемаҿы хазхаҭалатәи (аперсоналтә) ашәҟәҭагаларазы" азакәан.
Апроект азырхоуп атәанчахәытә еиқәыршәара азакәан иаҵанакуа атәылауаа рзы адыррақәа хра рыманы рышәҟәҭагалара амҩаԥгара зылшо асистема аԥҵара.
Апарламент аҿы ахада ихаҭарнак Анри Барцыц ишиҳәаз ала, азакәан апроект атәанчаҩцәа рзы адыррақәа хра рыманы рышәҟәҭагалара амҩаԥгара зылшо асистема аԥҵара иазырхоуп.
Апроект иазԥхьагәанаҭоит дарбанзаалак атәанчахәытә ԥгаԥсазы ашәҟәы зҽанызҵаз иҷыдоу аршаҳаҭга иҭара. Уи ала иаартхар ҟалоит ахатәы ԥхьаӡамҭа – астаж, аԥгаԥсатә лагалақәеи ашәарақәеи уҳәа егьырҭ адыррақәеи зныԥшуа.
Аилыркаагатә шәҟәаҿы иазгәаҭоуп Аԥсны атәылауаа ашәҟәы автоматла ишҭаргало ахшара данроуеи атәылауаҩшәҟәы анроуеи.
Убри аан аԥгаԥса иаҵанакуа ахаҿқәа ркатегориақәа зегьы ирылшоит Атәанчахәытә фонд ахь идҵааларц аԥгаԥсатә ршаҳаҭга аиуразы. Арҭ аусқәа идырмариоит иагьдырццакуеит атәанчахәы аиура аԥҟара.