Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апрокурор хада ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аоппозициаа рмитинг инадҳәаланы

© Sputnik / Томас Тхайцук Адгур Агрба
Адгур Агрба - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.12.2023
Анапаҵаҩра
Аоппозициатә мчрақәа ирыгәҭакуп ззин ыҟам амитинг мҩаԥыргарц ԥхынҷкәын 27 рзы ҳәа иҳәеит атәыла Апрокурор хада.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 – Sputnik. Аԥсны Апрокурор хада Адгур Агрба ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵоит ззин ҟаҵам аоппозициаа рмитинг аҽалархәра рҽацәхьаркырц.
Иара иҳәеит, атәыла аиҳабыра ахьтәоу ахыбрақәа иаарыкәыршаны уахи-ҽни авидеохылаԥшра шымҩаԥысуа.
Ԥхынҷкәын 27 рзы аусбарҭабжьаратә оператив-усҭҵааратә гәыԥ аҷаԥшьара мҩаԥнагоит иааиԥмырҟьаӡакәа.
"Ауааԥсыра рганахь ала ашәарҭара ҟалар, ареспубликаҿы аҭагылазаашьа еиҵаҟьахар, азинхьчаратә усбарҭақәа рнапы иану аус инақәыршәаны асеиԥш иҟоу аҭагылазаашьа алдмыршароуп, аиҿкааҩцәеи аилаҩеиласрақәа рлахәылацәеи азакәан ишаҳәо ала аҭакԥхықәра раҵаргылараҟынӡа", - ҳәа иҳәеит Апрокурор хада.
Ахаша, ԥхынҷкәын 27 рзы иазгәаҭоуп Апарламент аилатәара. Амшхәаԥштә азҵаарақәа иреиуоуп аҳәынҭқарратә дача "Пицунда" Урыстәыла аҭаразы аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара. Аоппозициатә мчрақәа ирыгәҭакуп абри амш азы амитинг амҩаԥгара.
Ажәабжьқәа зегьы
0