https://sputnik-abkhazia.info/20231227/ostrovski-ipiesa-asya-asua-teatr-any-ashysytsyzti-aspektakl-1049623846.html
Островски ипиеса "Асҭыԥҳа": Аԥсуа театр аҟны ашықәсҿыцызтәи аспектакль
Островски ипиеса "Асҭыԥҳа": Аԥсуа театр аҟны ашықәсҿыцызтәи аспектакль
Sputnik Аҧсны
Арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа лықәыргыламҭа ашықәсҿыцазтәи аспектакль "Асҭыԥҳа" аԥхьарбара мҩаԥысит Аԥсуа драматә театр аҟны. 27.12.2023, Sputnik Аҧсны
2023-12-27T15:34+0300
2023-12-27T15:34+0300
2023-12-27T16:15+0300
аԥсны
афотосахьақәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/19/1049610096_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_f17802984262c2b2dbc03347888d66a0.jpg
Александр Островски ипиеса иалху аспектакль "Асҭыԥҳа" атеатр аҟны адырбара иалагеит ԥхынҷкәын 25 инаркны, иара мҩаԥыслоит ԥхынҷкәын 30 рҟынӡа.Ақәыргыламҭа даара ибзиоуп, ари аамҭазы ашықәсҿыцызтәи анашана иазыԥшу ахәыҷқәа рзын адыррақәа рызҭо ҳамҭоуп. Аурыс жәлар рлакә аҟынтәи иаагоу ахҭыс, ахәыҷқәа хнахуеит аҵакы мацара акәымкәан, актиорцәа рыхәмарреи, рышәҵатәи, асцена архиашьеи рыла.Sputnik аспектакль иаҭааит, иалкаау ахҭыс афотасахьақәа шәыцеиҩнашоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/19/1049610096_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_0f5c51ac18e61962cdeba9ce50812687.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
афотосахьақәа, фото, аԥсны
афотосахьақәа, фото, аԥсны
Островски ипиеса "Асҭыԥҳа": Аԥсуа театр аҟны ашықәсҿыцызтәи аспектакль
15:34 27.12.2023 (ирҿыцуп: 16:15 27.12.2023) Арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа лықәыргыламҭа ашықәсҿыцазтәи аспектакль "Асҭыԥҳа" аԥхьарбара мҩаԥысит Аԥсуа драматә театр аҟны.
Александр Островски ипиеса иалху аспектакль "Асҭыԥҳа" атеатр аҟны адырбара иалагеит ԥхынҷкәын 25 инаркны, иара мҩаԥыслоит ԥхынҷкәын 30 рҟынӡа.
Ақәыргыламҭа даара ибзиоуп, ари аамҭазы ашықәсҿыцызтәи анашана иазыԥшу ахәыҷқәа рзын адыррақәа рызҭо ҳамҭоуп. Аурыс жәлар рлакә аҟынтәи иаагоу ахҭыс, ахәыҷқәа хнахуеит аҵакы мацара акәымкәан, актиорцәа рыхәмарреи, рышәҵатәи, асцена архиашьеи рыла.
Sputnik аспектакль иаҭааит, иалкаау ахҭыс афотасахьақәа шәыцеиҩнашоит.

Аспектакль "Асҭыԥҳа" аԥхьарбара мҩаԥысит Аԥсуа драматә театр аҟны.

Илахҿыху, иҳалалу спектакльуп аҭаацәа зегьы рзы.

Аспектакль "Асҭыԥҳа" ықәыргылоуп Островски ипиеса ала.

Ахҭыс шьаҭас иамоуп аурыс жәлар рлакә.

Аспектакль гәыцә хаданы иагәылоуп - Аҵаа Бабаду, Асҭыԥҳа, Ааԥын, Амра анцәахәы, Аҵаа иара убас абнахьчаҩ.

Аныҳәатә ҭагылазаашьа аԥырҵоит актиорцәа рыхәмарреи, зҽызыԥсахуа адекорациеи, ԥшшәы рацәала еилаԥсоу рымаҭәеи.

Ахҭыс мҩаԥысуеит амифтә аамҭа иаҵанакуа тәылак аҿы.

Хымԥада ахәыҷқәа ргәалаҟазаара шьҭнахуеит, аӡынтәи алакә иагәыланархалоит.

Актиорцәа рышәҵатәы лаԥшхырԥоуп.

Аԥсуа драма актиор хатәрақәа, еснагь еиԥш ҟазара ҳаракыла рроль нарыгӡоит.

Ахәыҷқәа шанханы асценаҿ имҩаԥысуа ахҭыс иахәаԥшуеит.

Аамҭагь иразгәамҭаӡакәан инҵәеит.

Ишаԥу еиԥш агәыразра аиааира агоит, аҵыхәтәан аныҳәа хыркәшахоит шәаҳәарыла кәашарыла.