https://sputnik-abkhazia.info/20240101/agylshap-zkadyryz---agylshap-mtsapsh-asua-mifologiay-aarshysha-1049704258.html
"Агәылшьап зкәадырыз" - агәылшьап-мцаԥшь аԥсуа мифологиаҿы аарԥшышьа
"Агәылшьап зкәадырыз" - агәылшьап-мцаԥшь аԥсуа мифологиаҿы аарԥшышьа
Sputnik Аҧсны
Ҳазҭалаз 2024 шықәса символс иамоу агәылшьап мрагыларатәи амзар алоуп ишыԥхьаӡоу, аха уи ахаҿсахьа аԥсуа мифологиаҿы, афольклор аҿы, иара убас алитератураҿы... 01.01.2024, Sputnik Аҧсны
2024-01-01T10:00+0300
2024-01-01T10:00+0300
2024-01-03T13:28+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/1f/1049707519_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_6b6f0ba5364bd53e9e0790e63d47c255.jpg
Адунеи ауаа ықәнагалаанӡа раԥхьаӡа иҟаз агәылшьапқәа ракәын рҳәоит. Иара даараӡа уацәшәаратәы уамажә ԥшра змоу хырзаманӡак оуп. Аԥсуа мифологиаҿы ажәабжьҳәаҩцәа уи асахьа ҭырхуеит аблақәа ыркьыкьны, аҟәаҟәа иаҵәаны, агәаҵахьы амцабзеиԥш иҟаԥшьны, ԥшь-шьапык аҵаны. Ҳәамҭақәак рҿы иара ацәырҵшьа анаҟә, аԥсҭҳәа, ацәаҟәа иадырҳәалоит. Агәылшьап иара аԥшра аарԥшышьа инаҷыданы ахьӡгьы еиуеиԥшымкәа иршьоит. Уи аблаҩа ҳәа азырҳәоит, мамзаргьы атыҩ иадыркылоит – амра ма амза "атыҩ иакит" ҳәа анырҳәо, атыҩ ҳәа изҿу гәылшьапуп ҳәа рҳәоит џьоукы. Аблаҩа ҳәа акәзар, Уачамчыра араион, Кәтол ақыҭа иаду аҳабла хьӡыс иахоуп. Иара иҭацәуа, анхара ахьыманшәалам аҳаблақәа иреиуоуп, аиҳарак уи зыхҟьо ари аҭыԥ аҿы инхо рахь аӡы аагара ахьыманшәалам ауп, "агәылшьап иҭанарбеит" ҳәа ражәа иалоуп.Агәылшьап реиҳа ибзианы иаарԥшуп аԥсуа нарҭтә епос аҿы. Нарҭаа агәылшьапқәа ирабашьуан. Нарҭаа рыбзоуралоуп ауаа адгьыл аҿы анхара ишақәиҭха, уаанӡа урҭ агәылшьапқәа ирыцәшәаны аҵлақәа рхаҿы рыҩнқәа ықәыргылан иҟарҵон, адгьыл инықәлар агәылшьапқәа ирфон. Руслан Гәажәба ианҵамҭақәа рҿы ҳаԥхьоит Нарҭаа акыр шықәса агәылшьапқәа ирабашьуан, 200, 400, даҽаџьара ҩ-нызқь гәылшьап ршьит ҳәа. "Агәылшьап еибашьраҿы Сасрыҟәа иаԥхьагылара нарҭаа урҭ ириааит, иқәырхит". Аҭоурыхҭҵааҩ ианҵамҭақәа рҿы иаҳбоит ишыҟаз агәылшьапқәа раҳ, уи жәаҩа хы аман. Иҟоуп агәылшьапқәа х-хык, ф-хык, жә-хык зхагылоугьы. Убри азоуп иара ашьрагьы зыцәгьоу. Агәылшьапеибашьра еибашьрак еиԥшмызт, нарҭуаагьы усҟан иуаа дуқәан, иӷәӷәақәан, ррашьқәеи рлақәеи уажәтәи аҽқәеи алақәеи иреиԥшмызт, аха Сасрыҟәа диаанӡа урҭ ирызиааиуамызт.Агәылшьап аԥшра маҷк ишәҳардырит, ҳахәаԥшып тәарҭас, нхарҭас иамоу аҭыԥ зеиԥшроу. Ажәабжьҳәаҩцәа еиҭарҳәоит, атыша, атыша дуӡӡа, атыша бааԥс, мамзаргьы ҵа змаӡам атыша иҭоуп. Даҽакала иуҳәозар, адгьыл аҵан - ари нарцәы аанарԥшуеит ҳәа азгәаҳҭар ҟалоит. Агәылшьап аӡы ахьчоит, ауаа аӡы рынаҭаӡом аӡәы даҿарымҵакәа. Аиҳарак иара иаго аҭыԥҳацәа роуп. Атыша ианҭыҵуа адунеи зегь ардыдуеит "анаҟә ҭыҩрызшәа". Нарҭаа рҳәамҭақәа рҿы иҟоуп асиужет Сасрыҟәа атыша аҵахь дылбааны агәылшьап шьны аӡы ахы иахьақәиҭитәуа, нас уи атыша аҟынтәи ашьауардын адгьыл ахь дханагалоит.Акыр азҿлымҳара амоуп аԥсуаа рҟны иуԥыло амшынӡы иадҳәалоу аныха Аг-ных. Уи иамҵаныҳәо Амԥараа рыжәлантә еиуоу ишеиҭарҳәо ала, рныҳәара зыхҟьаз абас ала агәылшьап иагоз аҭыԥҳацәа рҿыхра ауп. 2019 шықәсазы сара сасра сызҭааз ари аныҳәараҿы уи аӡбахә сзеиҭарҳәеит абас: Ари аҿырԥштәы заазгаз иара агәылшьап иадҳәаланы еиҭарҳәо абасала иахылҵыз аныҳәароуп.Агәылшьап аӡӷабцәа шагоз аарԥшуп алакәқәа "Хҩеишьцәеи агәылшьапи", "Аҭакәажәи хҩык лԥацәеи", "Быжьҩеишьцәеи раҳәшьазаҵәи агәылшьапи" уҳәа рҟны.Агәылшьап ахаҿсахьала иаҳбоит уи ауаҩы зда дхәарҭам, аԥсҭазаара хыҵхырҭас иамоу аӡы анеҩсгьы, амца ишадҳәалоу. Амцабз агәыҵашуп, мамзаргьы амцабз аҿыддуеит. Абар Баграт Шьынқәба зеиԥш еиҿырԥшроу ихы иаирхәо "Ацынҵәарах" аҟны, ажәлар иаарылаҩыз ажәабжь хлымӡаах азы:"Агәылшьап хырзаман ац еихҳәа, ахәышҭаара агәы рбганы, амца иҽҳәатәаз иааҳалагьежьызшәа, ҳааиланарӡыӡеит иҳаҳаз" - ҳәа иҩуеит ашәҟәыҩҩы аԥсуа жәлар рҳәамҭақәа имаҷымкәа еизызгахьаз. Уи иагьмашәырымзар ҟалап агәылшьап ахәшҭаара иахьадикылаз, "ахәшҭаара агәы рбганы" ҳәа. Ари инарҵауланы уазхәыцыр ухаҿы ицәырҵуеит ахәшҭаареи амцеи ирыдҳәалоу аԥсуаа разгәаҭарақәа. Аха уи зегьы ара ҳалалом, ихараны ҳагоит…Абасала агәылшьапқәа ириааиз "агәылшьап зкәадырыз" ҳәа рзыумҳәаран излаҟоузеи?! "Агәылшьап атыша иҭызцаз" аԥҳәысгьы дҟалахьеит! Хымԥада агәылшьап ашықәс мариамхаргьы нарҭуаа ршьа злоу уи рнапахьы аагара рылшоит!
https://sputnik-abkhazia.info/20231231/aisha-arkhiara-inarkny-ashaty-ayna-agylshap-ashys-iaaany-1049664957.html
https://sputnik-abkhazia.info/20181104/amparaa-rnyhuara-ag-nyh-azhyti-achati-rechyrpshra-amyala-1025502400.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/1f/1049707519_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_3a3a1caea0f20a777747b204fca26f8f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
жәлар рдоуҳа, аԥсны
"Агәылшьап зкәадырыз" - агәылшьап-мцаԥшь аԥсуа мифологиаҿы аарԥшышьа
10:00 01.01.2024 (ирҿыцуп: 13:28 03.01.2024) Есма Ҭодуаԥҳа
НААР аҭҵаарадырратә усзуҩ
Ҳазҭалаз 2024 шықәса символс иамоу агәылшьап мрагыларатәи амзар алоуп ишыԥхьаӡоу, аха уи ахаҿсахьа аԥсуа мифологиаҿы, афольклор аҿы, иара убас алитератураҿы иаарԥшуп. Ишәыдаагалоит аԥсуаа рҿы агәылшьап иааннакыло аҭыԥ маҷк иадамхаргьы иаазырԥшуа Есма Ҭодуаԥҳа ланҵамҭа.
Адунеи ауаа ықәнагалаанӡа раԥхьаӡа иҟаз агәылшьапқәа ракәын рҳәоит. Иара даараӡа уацәшәаратәы уамажә ԥшра змоу хырзаманӡак оуп. Аԥсуа мифологиаҿы ажәабжьҳәаҩцәа уи асахьа ҭырхуеит аблақәа ыркьыкьны, аҟәаҟәа иаҵәаны, агәаҵахьы амцабзеиԥш иҟаԥшьны, ԥшь-шьапык аҵаны. Ҳәамҭақәак рҿы иара ацәырҵшьа анаҟә, аԥсҭҳәа, ацәаҟәа иадырҳәалоит. Агәылшьап иара аԥшра аарԥшышьа инаҷыданы ахьӡгьы еиуеиԥшымкәа иршьоит. Уи аблаҩа ҳәа азырҳәоит, мамзаргьы атыҩ иадыркылоит – амра ма амза "атыҩ иакит" ҳәа анырҳәо, атыҩ ҳәа изҿу гәылшьапуп ҳәа рҳәоит џьоукы. Аблаҩа ҳәа акәзар, Уачамчыра араион, Кәтол ақыҭа иаду аҳабла хьӡыс иахоуп. Иара иҭацәуа, анхара ахьыманшәалам аҳаблақәа иреиуоуп, аиҳарак уи зыхҟьо ари аҭыԥ аҿы инхо рахь аӡы аагара ахьыманшәалам ауп, "агәылшьап иҭанарбеит" ҳәа ражәа иалоуп.
Агәылшьап реиҳа ибзианы иаарԥшуп аԥсуа нарҭтә епос аҿы. Нарҭаа агәылшьапқәа ирабашьуан. Нарҭаа рыбзоуралоуп ауаа адгьыл аҿы анхара ишақәиҭха, уаанӡа урҭ агәылшьапқәа ирыцәшәаны аҵлақәа рхаҿы рыҩнқәа ықәыргылан иҟарҵон, адгьыл инықәлар агәылшьапқәа ирфон. Руслан Гәажәба ианҵамҭақәа рҿы ҳаԥхьоит Нарҭаа акыр шықәса агәылшьапқәа ирабашьуан, 200, 400, даҽаџьара ҩ-нызқь гәылшьап ршьит ҳәа. "Агәылшьап еибашьраҿы Сасрыҟәа иаԥхьагылара нарҭаа урҭ ириааит, иқәырхит". Аҭоурыхҭҵааҩ ианҵамҭақәа рҿы иаҳбоит ишыҟаз агәылшьапқәа раҳ, уи жәаҩа хы аман. Иҟоуп агәылшьапқәа х-хык, ф-хык, жә-хык зхагылоугьы. Убри азоуп иара ашьрагьы зыцәгьоу. Агәылшьапеибашьра еибашьрак еиԥшмызт, нарҭуаагьы усҟан иуаа дуқәан, иӷәӷәақәан, ррашьқәеи рлақәеи уажәтәи аҽқәеи алақәеи иреиԥшмызт, аха Сасрыҟәа диаанӡа урҭ ирызиааиуамызт.
Агәылшьап аԥшра маҷк ишәҳардырит, ҳахәаԥшып тәарҭас, нхарҭас иамоу аҭыԥ зеиԥшроу. Ажәабжьҳәаҩцәа еиҭарҳәоит, атыша, атыша дуӡӡа, атыша бааԥс, мамзаргьы ҵа змаӡам атыша иҭоуп. Даҽакала иуҳәозар, адгьыл аҵан - ари нарцәы аанарԥшуеит ҳәа азгәаҳҭар ҟалоит. Агәылшьап аӡы ахьчоит, ауаа аӡы рынаҭаӡом аӡәы даҿарымҵакәа. Аиҳарак иара иаго аҭыԥҳацәа роуп. Атыша ианҭыҵуа адунеи зегь ардыдуеит "анаҟә ҭыҩрызшәа". Нарҭаа рҳәамҭақәа рҿы иҟоуп асиужет Сасрыҟәа атыша аҵахь дылбааны агәылшьап шьны аӡы ахы иахьақәиҭитәуа, нас уи атыша аҟынтәи ашьауардын адгьыл ахь дханагалоит.
Акыр азҿлымҳара амоуп аԥсуаа рҟны иуԥыло амшынӡы иадҳәалоу аныха Аг-ных. Уи иамҵаныҳәо Амԥараа рыжәлантә еиуоу ишеиҭарҳәо ала, рныҳәара зыхҟьаз абас ала агәылшьап иагоз аҭыԥҳацәа рҿыхра ауп. 2019 шықәсазы сара сасра сызҭааз ари аныҳәараҿы уи аӡбахә сзеиҭарҳәеит абас:
"… Абра ианааилак анаҟә хылон, еиқәаҵәаӡа, иҿаасҭаны, аԥсышәала ишԥасҳәари, как морское чудовище, чудище. Аҭыԥҳацәа агон. Шықәсык аҭыԥҳацәа руаӡәы лашьа длыцны днеит. Агаҿы иштәаз агәылшьап дуӡӡа ҭыҵны иаауеит аӡӷаб дагарц, лашьа дамхацәеит. Аӡӷаб лылаӷырӡ ахьынкашәаз лашьа ианиқәҭәа дарҿыхеит. Дихьчеит. Иҭаирхеит. Аха убасҟан иднаҵеит аҿаҭахьа ацә шкәакәа азааргаларц. Уи аҿаҭахьа анырзынамыгӡа, атыша иҭабгеит зегьы, зцәазтәымыз аӡә лыда. Убри лылагьы ҿыц аизҳара роуит. Убринахыс инаҵаа-ааҵаан абас ашьтәашьра иалагеит" - ҳәа сзеиҭаиҳәеит Беслан Амԥар.
Ари аҿырԥштәы заазгаз иара агәылшьап иадҳәаланы еиҭарҳәо абасала иахылҵыз аныҳәароуп.
Агәылшьап аӡӷабцәа шагоз аарԥшуп алакәқәа "Хҩеишьцәеи агәылшьапи", "Аҭакәажәи хҩык лԥацәеи", "Быжьҩеишьцәеи раҳәшьазаҵәи агәылшьапи" уҳәа рҟны.
Агәылшьап ахаҿсахьала иаҳбоит уи ауаҩы зда дхәарҭам, аԥсҭазаара хыҵхырҭас иамоу аӡы анеҩсгьы, амца ишадҳәалоу. Амцабз агәыҵашуп, мамзаргьы амцабз аҿыддуеит. Абар Баграт Шьынқәба зеиԥш еиҿырԥшроу ихы иаирхәо "Ацынҵәарах" аҟны, ажәлар иаарылаҩыз ажәабжь хлымӡаах азы:
"Агәылшьап хырзаман ац еихҳәа, ахәышҭаара агәы рбганы, амца иҽҳәатәаз иааҳалагьежьызшәа, ҳааиланарӡыӡеит иҳаҳаз" - ҳәа иҩуеит ашәҟәыҩҩы аԥсуа жәлар рҳәамҭақәа имаҷымкәа еизызгахьаз. Уи иагьмашәырымзар ҟалап агәылшьап ахәшҭаара иахьадикылаз, "ахәшҭаара агәы рбганы" ҳәа. Ари инарҵауланы уазхәыцыр ухаҿы ицәырҵуеит ахәшҭаареи амцеи ирыдҳәалоу аԥсуаа разгәаҭарақәа. Аха уи зегьы ара ҳалалом, ихараны ҳагоит…
Агәылшьап абас иџьашьахәу, ихырзаманны иҟоу хаҿсахьаны ишаарԥшугьы аԥсуаа ("нарҭуаа") ирылшеит уи аиааира, ааскьатәи аамҭақәа иртәу анҵамҭақәа рҿы "агәылшьап збахьеит…шәарацара сшыҟаз оуп, абас аӡы иҭыҵны, ишҩеиуаз збеит" ҳәа асахьа ҭыхны еиҭаҳәоуп. Мамзаргьы даҽа лакәк аҿы ҳаԥхьоит агәылшьапқәа рбызшәа рыман, ицәажәон ҳәа, иара анарҭуаҩ имчра иацәшәаны ахәда дықәыртәангьы иҩныҟа иԥҳәыс лахь даанагахьан… "Аԥсны агәылшьап баҩқәеи адаумыжьхақәа рыбаҩқәеи рацәаны иахькаԥсаз азоуп аҵәыҵәыра иҟанаҵаз аиаҵәара рацәаны изаргылаз" ҳәагьы ҳаԥхьоит даҽа ҳәамҭак аҟны.
Абасала агәылшьапқәа ириааиз "агәылшьап зкәадырыз" ҳәа рзыумҳәаран излаҟоузеи?! "Агәылшьап атыша иҭызцаз" аԥҳәысгьы дҟалахьеит! Хымԥада агәылшьап ашықәс мариамхаргьы нарҭуаа ршьа злоу уи рнапахьы аагара рылшоит!