Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аишәа архиара инаркны ашәҵатәы аҟынӡа": агәылшьап ашықәс иаҳҳәааны

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПодготовка к Новому году в Крыму
Подготовка к Новому году в Крыму - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.12.2023
Анапаҵаҩра
Агәылшьап ашықәс иахҳәааны аматериал ҳзеидылкылеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Ашықәс ҿыц азгәазҭо егьырҭ амилаҭқәа жәпакы реиԥш аԥсуаагьы аҵыхәтәантәи аамҭазы амрагыларатәи амзар ҳазҿлымҳауп. Уи ишаҳәо ала ҳазҭалоу ашықәс амҿтәы гәылшьап иаҵәа иашықәсуп. Иара убас иаҳхысхьоу – 1928, 1940, 1952, 1964, 1976, 1988, 2000, 2012 шықәса агәылшьап иашықәсқәан.
Китаиаа рмифологиатә культура иарҿиаз агәылшьап − амҵәыжәҩақәа амаӡам, аҳауаҟны изырԥыруа иалоу анашанатә мчқәа роуп. Агәылшьап аԥшеи ақәеи ирықәиҭуп, амш аҳауатә ҭагылазаашьа аиҭакра алшоит. Убасгьы аамысҭашәара, аманшәалара, ақәҿиара, амчра ӷәӷәа ирсимволны иаарԥшуп.

Агәылшьап амзар ишанылаз

Мрагыларатәи амзар жәаҩа ԥстәы еиднакылоит. Дара иалкаау аишьҭагылашьа рымоуп. Амзар аҟны агәылшьап ианашьоуп ахәбатәи аҭыԥ.
Китаи аларҵәара амоуп агәылшьап ахәбатәи аҭыԥ занашьахаз атәы зҳәо алегенда. Уи абас иҟоуп:
"Ари ахҭыс ҟалеит аимператор Иу-ду ихаан. Иара амзар аҿы аԥстәқәа реишьҭагылашьа шьақәирӷәӷәарц азы иааизиган, рыбжьара аицлабра рылаиҳәеит.
Ари аицлабраҟны агәылшьап аԥхьагылара аман. Иԥырны ишаауаз акәымкәа, зыдгьыл акгьы ықәымӷьацаз, аарҩара иқәнахыз ақыҭа алаԥш иҵашәеит. Ақыҭауаа рыцҳанашьан, ҵәҩанҵәыҟа ихалан, аԥҭақәа рахьтә ақәа лбаанашьҭит. Ақыҭауаа анеиқәнарха, амҩа иацнаҵеит.
Иԥыруа ишнеиуаз, аӡхыҵрақәа идыргәаҟыз даҽа қыҭак абеит. Арыцҳашьара злаз агәылшьап ақыҭауаа ирыҵалаз аӡы зегьы ажәит, адгьыл арԥшшеит. Абас дырҩеигь амҩа иқәлеит.
Зегьы раԥхьа инеирц рацәак агмызт. Ус аицлабра иалахәыз ажьа абга шашьҭалаз абеит. Агәылшьап ажьа аԥсы еиқәнархарц ԥхьаҟа иашьҭит, иара абга ԥханаҵарц ихынҳәит.
Абарҭ аусқәа рызынтәык еидбаланы агәылшьап аныхынҳә, ахәбатәи аҭыԥ ауп иааннакылаз. Амзар аишьҭагылашьаҟны: аҳәынаԥ, ацә, абжьас, ажьа рнеиҩсан ауп иара анцо.
Кролик - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.01.2023
Аԥсны
"Злымҳа кьацәу ашықәс": ажьа иазку гәаанагарақәак

Аишәа архиара инаркны ашәҵатәы аҟынӡа

Ашықәс ҿыц ушаԥылаз еиԥш ашықәс зегьы умҩасуеит рҳәоит. Убри аҟнытә маҷк иадамзаргьы ҳазхьаԥшып уи аԥылара шахәҭоу атәы.
Аишәа архиара аганахьала ашәыр ҟаԥшьқәа (аҵәа, амыҵмыџь, аца, аҵыҵындра уахь иналаҵаны), акәац, акәац лыхқәа, ауҭраҭых, аиаҵәара, араса уҳәа агәылшьап еиҳа агәы иақәшәо фатәқәоуп.
Астрологцәа ишазгәарҭо ала 2024 шықәса амҿтәы гәылшьап иаҵәа иахьасимволу аҟнытә Ашықәс ҿыц аԥыларазы ашәҵатәы алхраан аиаҵәеи аҳалуаԥшәи аԥыжәара рымазар бзиоуп.
Одуванчик  погода  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.07.2020
Зхы калакәыту, зыгәҭы лаҳәару, зҵыхәа цәыламсу: амаҭ аԥсуаа разгәаҭарақәа рҿы

Алитературахьтә

Адунеитә литературахьтә аӡәырҩы авторцәа агәылшьап асахьа хархәара азыруан. Уи аҩыза аҭагылазаашьаҿы аԥсуа рҿиаҩцәагьы аганахь иаанымхеит. Ҳарзааҭгылар алшоит агәылшьап знубаало абас еиԥш иҟоу аҿырԥштәқәа:
Агәылшьап иаҩызаз арԥарцәа рԥыжәҩақәа неидыргыланы ианааибаклак, адгьыл аазқәаршәшәон. (Мушьни Миқаиа)
Рӡыхтарҭаҿ данынхықәгыла, Дәаб аӡы хәашьҟаҟҟараӡа, еибаха-еибафауа, агәылшьап еиԥш илеиуан. (Алықьса Џьонуа)
Агәылшьап хырзаман ац еихҳәа, ахәышҭ¬аара агәы рбганы, амца иҽҳәатәаз иааҳалагьежьызшәа, ҳааиланарӡыӡеит иҳаҳаз. (Баграт Шьынқәба)
Аҳаԥы нзыжьуа агәылшьап еиԥш икылсуеит ашьхарахь џьара, ацҳа иқәлоит ахыҭҟьеиԥш Днепр, Волга, аҽаџьара. (Алықьса Џьонуа)
Агәылшьап ҭыҵит аҳаԥы, амшә ашьцылеит анапы. Аха… аӷьычра дзаҟәымҵит Ӷьычкәыр. (Платон Бебиа)
Ихы-иҿы убас илашеит, сҩызеи сареи агәылшьап ҳааҿыҵихызшәа. (Џь. Аҳәба)
Ахыркәшамҭазы, ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиареи, агәамчи, агәыхәтәыхьӡареи! Ҽаанбзиала шәгәырӷьо шәнеилааит!
Ажәабжьқәа зегьы
0