https://sputnik-abkhazia.info/20240103/eleonora-kooniaa-akhatsa-roup-usura-akhshara-azarts-zylsho-1049680949.html
Елеонора Коӷониаԥҳа: аԥхьаҩцәа роуп ҳусура ахәшьара азҭарц зылшо
Елеонора Коӷониаԥҳа: аԥхьаҩцәа роуп ҳусура ахәшьара азҭарц зылшо
Sputnik Аҧсны
2023-тәи ашықәс аихшьалақәа ҟалҵоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа. 03.01.2024, Sputnik Аҧсны
2024-01-03T14:00+0300
2024-01-03T14:00+0300
2024-01-04T13:53+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/08/07/1047362214_0:161:3067:1886_1920x0_80_0_0_4961dd5b82c8380f3abf35a448334d61.jpg
Ҽаанбзиала, аинформациатә маҵзура Спутник Аԥсны асаит аԥхьаҩцәа. 2023 шықәса уажәшьҭа имҩасит, ҳҭалеит ашықәс ҿыц. Ус анакәха, алкаақәа рыҟаҵара иаамҭоуп. 2023-тәи ашықәс азы ҳтәылаҿы Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраҿы иаҳгаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра азгәарҭон, ус анакәха, аколумнистцәа ҳусумҭақәа рӷьырак аибашьра аҭоурыхқәа ирызкын. Ииасыз ашықәс азы 30 материал иреиҵамкәа аибашьра адаҟьақәа ирзыскит. Имариамыз дҵан - уамак ахӡыргара иашьҭамыз аибашьра аветеранцәа рырцәажәара. Анҵамҭақәа санрылагозгьы еиҳарак хықәкыс исымаз зыхьӡ маҷны ирҳәахьаз афырхацәа рҭоурыхқәа ранҵара акәын. Абарҭ аусумҭақәа ирылскаар сылшоит аветеран Нодар Шьаҟрыл иеибашьратә мҩа иазкыз анҵамҭа. Уи иахьӡын "Шеварднаӡе спалата дааҩналеит, мамазаргьы ақырҭуа политикатә спектакль". Иара убас, аибашьра атематиказы сколонкақәа ирылскаауеит "Аџьар зныз абираҟ шкәакәа" захьӡыз анҵамҭа. Уи рызкын Маркәылатәи абаталион иатәыз Лариса Ҳаџьымбеи Марина Бжьаниеи. Анҵамҭа асиужет аҿы, дара аҭыԥҳацәа ргәымшәара аиԥш, урҭ зааӡаз анацәа рҭоурых еиҳагьы хшыҩзышьҭра ауҭар ауеит. Зыӡбахә сымоу аколонкақәа Аԥсны ажурналистцәа реидгыла имҩаԥнагоз аицлабрахь идәықәҵан, алҵшәақәа ҳазҭалаз ашықәс жәабран мзазы ишәаҳауеит. Аинформациатә маҵзура Спутник Аԥсны аҿы сусура атәы сҳәозар, иазгәасымҭар ауам Инал Лазбеи сареи ҳазлагаз арадио проект "Аҳәатәи аҳәашьеи". Адырраҭара аефир ахь ишиашоу ицоит. Бзиа избо ари ажанр азыхынҳәра даара ихҭыс бзианы сахәаԥшуеит сжурналисттә ԥсҭазаараҿы. Макьаназы еиԥҟьарада есымчыбжьа аефир ахь ҳҭыҵуеит, уаҟа ҳрылацәажәоит аполитика, асоциалтә, акультуратә уҳәа хра злоу ахҭысқәа. Аԥсышәала ицәажәо аспикерцәа рыԥшаара уадаҩуп ҳәа агәаанагара шыҟоугьы, сымҩанызеи сареи макьаназы иҳалҳаршоит аполитикатә хҭысқәа ахҳәаа рызҭаша, еиуеиԥшым агәаанагарақәа змоу ауаа адырраҭара радԥхьалара. Арҿиаратә гәацԥыҳәара атәы ҳҳәозар, зегь реиҳа аџьабаа здызбалаз аусумҭақәа иреиуан ашәҟәыҩҩы Даур Занҭариа 70 шықәса ихыҵра иазкны иҟасҵаз анҵамҭақәа. Ас еиԥш иҟоу аматериалқәа аамҭа рацәеи, гәцаракрыла автор иҩымҭақәа реиҭарыԥхьареи аҭахуп. Зааӡа здунеи зыԥсахыз апоет, апрозаик, апублицист ифилософиатә прозеи, иальбомтә жәеинраалақәеи рмотивқәа ҳсаит аԥхьаҩцәа имыруадаҩкәа ирыдгалан ҳәа азысыԥхьаӡоит. Есышықәсеиԥш аганахь инымхеит аиубилиеи змаз Владимир Аҵнариа изку анҵамҭақәа, иара убас Таиф Аџьба игәаларшәара. Ииасыз ашықәс азын иҟан акультуратә хҭысқәа маҷымкәа, ҳәарада урҭгьы сызрывсуамызт, Русдрам аҿы имҩаԥысуаз арежиссиортә лабораториа, аԥсуа театр арежиссиор Мадина Аргәын, актиор Даур Арухаа, акинорежиссиор Наур Гармелиа рыҿцәажәара уҳәа акультуратә жәабжьқәагьы анҵамҭақәа рзыскит. Ашықәс аҩнуҵҟа аналитикатә ҟазшьа змаз аматериалқәагьы скьыԥхьуан асаит аҿы, уи Закан Нанба, Ҭемыр Надараиа, Муҳаммад Кьылба иҟарҵаз аибашьра ахҳәақәа роуп . Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз ирызкыз анҵамҭақәа уҳәа, иахьынӡасылшоз аибашьра адаҟьақәа раартра сҽазысшәон. Ашықәс ахыркәшамҭаз исҩыз иреиуоуп "Ачара асезон хыркәшауа" захьӡу аколонка. Даҽа аамҭанык еиԥшымкәа ииасыз ашықәс азы ачарақәа рахь ныҟәатәыс исоуит. Афинансқәа ртәы ҳамҳәозар, исҳәарц сылшоит ииасыз ашықәс агәырӷьаратә хҭысқәа маҷмызт ҳәа. Ииашоуп, уи санҵамҭаҿы ишысҩыз еиԥш, иҟоуп исгәамԥхо ачаратә традициа ҿыцқәа, аԥша иаанаго амода. Сгәыӷуеит ҳаԥхьаҟа уи аҭра иҭалап ҳәа, избанзар ажьымдыр еиԥш ҳаԥсҭазаара иацраҳәоу атрадициа ҿыцқәа рацәахеит. Иҳамбаӡакәа имҩасит шықәс наҟьак, аԥхьаҩцәа роуп ҳәарада ҳусура ахәшьара азҭарц зылшо. Акәты иалшо акәтаӷь ауп рҳәоит, саргьы исылшаз асаит адаҟьаҿы ишьҭоуп. Ахатә ԥсҭазаара атәы сҳәозар, еиҭакра дукгьы ыҟам, сыҷқәын аиҵбы Санткт- Петербургтәи арратә академиа далганы дахьааз атәы сымҳәозар. Актриса лаҳасабла исоуз алшарақәа иреиуоуп иҭыҵыз асериал Ҭемраз Кәакәасқьыр режиссиорс дызмоу, продиусерс иара убас ароль хада анагӡаҩыс Ҭемраз Ҭаниа дызмоу "Старт" аплатформазы иҭырхыз "Ҽнак зны Аԥсны" (Однажды в Абхазии) аҿы аепизод аҿы ацәырҵра. Уаҟа сара инасыгӡон амчраҿ иҟаз апрезидент идгылоз ашкол адиректор лроль. Иалҵыз ахәшьара аҭара сцәыуадаҩуп, аха акино-ԥышәа хшыҩзышьҭра зысҭо жанруп. Исоур алшара даҽа зныкгьы сақәшаҳаҭхон уи акино иацу аҿы ахәмарра. Акультуратә ԥстазаараҿы ииасыз ашықәс азы иалскаауеит Ибрагим Ҷкадуа Фазиль Искандер ипремиа дахьаԥсахаз. Ашықәс ахыркәшамҭаз аныҳәатә хәылԥазы, аԥсуа театраҿ А. Островски илакә "Асҭыԥҳа" уҳәа, агәалаҟара бзиа узҭо ахҭысқәагьы сԥыхьашәеит, аполиткатә хынҭаҩынҭарақәа Апарлмент аԥхьа ишцәырҵызгьы. Ҽаанбзиала, ҳазҭалаз ашықәс иаҳзаанагааит илашоу ажәабжьқәа. Шьардаамҭа!
https://sputnik-abkhazia.info/20230610/shevardnae-spalata-daanaleit-ma-ayrua-politikat-spektakl-nodar-sharyl-iourykh-1046162991.html
https://sputnik-abkhazia.info/20231004/sputnik-asny-aradio-adyrraara-yts-aati-aashei-khatsnarkit-1048448774.html
https://sputnik-abkhazia.info/20231217/achara-asezon-khyrkshaua-1049394702.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/08/07/1047362214_169:0:2898:2047_1920x0_80_0_0_c0cc64169877973ef02982f4cdbb60f2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аԥсны
Елеонора Коӷониаԥҳа: аԥхьаҩцәа роуп ҳусура ахәшьара азҭарц зылшо
14:00 03.01.2024 (ирҿыцуп: 13:53 04.01.2024) 2023-тәи ашықәс аихшьалақәа ҟалҵоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Ҽаанбзиала, аинформациатә маҵзура Спутник Аԥсны асаит аԥхьаҩцәа. 2023 шықәса уажәшьҭа имҩасит, ҳҭалеит ашықәс ҿыц. Ус анакәха, алкаақәа рыҟаҵара иаамҭоуп.
2023-тәи ашықәс азы ҳтәылаҿы Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраҿы иаҳгаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра азгәарҭон, ус анакәха, аколумнистцәа ҳусумҭақәа рӷьырак аибашьра аҭоурыхқәа ирызкын. Ииасыз ашықәс азы 30 материал иреиҵамкәа аибашьра адаҟьақәа ирзыскит. Имариамыз дҵан - уамак ахӡыргара иашьҭамыз аибашьра аветеранцәа рырцәажәара. Анҵамҭақәа санрылагозгьы еиҳарак хықәкыс исымаз зыхьӡ маҷны ирҳәахьаз афырхацәа рҭоурыхқәа ранҵара акәын.
Абарҭ аусумҭақәа ирылскаар сылшоит аветеран Нодар Шьаҟрыл иеибашьратә мҩа иазкыз анҵамҭа. Уи иахьӡын "Шеварднаӡе спалата дааҩналеит, мамазаргьы ақырҭуа политикатә спектакль".
Имариамызт сара сзын Шьаҟрыл аицәажәара иазаагара, аха иареи сареи анкьа аамҭак азы аҵара ахьеицаҳҵоз схы иархәаны дсырцәажәеит. Шьаҟрыл иҭоурых акинорежиссиорцәа рзы исиужет шьахәуп ҳәа сгәы иаанагоит, избанзар иара аԥсра иахыԥара нашанатә ҵакык аманы избоит. Шрома дырхәит, нас аӷацәа дрымпыҵашәан Қарҭ днанагеит. Уаҟа курск аҿы аҵара ицызҵоз комендантс иҟаз иԥсы даԥшәмахеит, ашьҭахь ахәшәтәырҭаҿы дахьышьҭаз ипалата Шеварднаӡе дыҩналеит зҳәаз еиԥш илахьанҵаҿы ухаҿы иузаамго ахҭысқәа мҩаԥысуан.
Иара убас, аибашьра атематиказы сколонкақәа ирылскаауеит "Аџьар зныз абираҟ шкәакәа" захьӡыз анҵамҭа. Уи рызкын Маркәылатәи абаталион иатәыз Лариса Ҳаџьымбеи Марина Бжьаниеи. Анҵамҭа асиужет аҿы, дара аҭыԥҳацәа ргәымшәара аиԥш, урҭ зааӡаз анацәа рҭоурых еиҳагьы хшыҩзышьҭра ауҭар ауеит. Зыӡбахә сымоу аколонкақәа Аԥсны ажурналистцәа реидгыла имҩаԥнагоз аицлабрахь идәықәҵан, алҵшәақәа ҳазҭалаз ашықәс жәабран мзазы ишәаҳауеит.
Аинформациатә маҵзура Спутник Аԥсны аҿы сусура атәы сҳәозар, иазгәасымҭар ауам Инал Лазбеи сареи ҳазлагаз арадио проект "Аҳәатәи аҳәашьеи". Адырраҭара аефир ахь ишиашоу ицоит. Бзиа избо ари ажанр азыхынҳәра даара ихҭыс бзианы сахәаԥшуеит сжурналисттә ԥсҭазаараҿы. Макьаназы еиԥҟьарада есымчыбжьа аефир ахь ҳҭыҵуеит, уаҟа ҳрылацәажәоит аполитика, асоциалтә, акультуратә уҳәа хра злоу ахҭысқәа. Аԥсышәала ицәажәо аспикерцәа рыԥшаара уадаҩуп ҳәа агәаанагара шыҟоугьы, сымҩанызеи сареи макьаназы иҳалҳаршоит аполитикатә хҭысқәа ахҳәаа рызҭаша, еиуеиԥшым агәаанагарақәа змоу ауаа адырраҭара радԥхьалара.
Арҿиаратә гәацԥыҳәара атәы ҳҳәозар, зегь реиҳа аџьабаа здызбалаз аусумҭақәа иреиуан ашәҟәыҩҩы Даур Занҭариа 70 шықәса ихыҵра иазкны иҟасҵаз анҵамҭақәа. Ас еиԥш иҟоу аматериалқәа аамҭа рацәеи, гәцаракрыла автор иҩымҭақәа реиҭарыԥхьареи аҭахуп. Зааӡа здунеи зыԥсахыз апоет, апрозаик, апублицист ифилософиатә прозеи, иальбомтә жәеинраалақәеи рмотивқәа ҳсаит аԥхьаҩцәа имыруадаҩкәа ирыдгалан ҳәа азысыԥхьаӡоит. Есышықәсеиԥш аганахь инымхеит аиубилиеи змаз Владимир Аҵнариа изку анҵамҭақәа, иара убас Таиф Аџьба игәаларшәара.
Ииасыз ашықәс азын иҟан акультуратә хҭысқәа маҷымкәа, ҳәарада урҭгьы сызрывсуамызт, Русдрам аҿы имҩаԥысуаз арежиссиортә лабораториа, аԥсуа театр арежиссиор Мадина Аргәын, актиор Даур Арухаа, акинорежиссиор Наур Гармелиа рыҿцәажәара уҳәа акультуратә жәабжьқәагьы анҵамҭақәа рзыскит. Ашықәс аҩнуҵҟа аналитикатә ҟазшьа змаз аматериалқәагьы скьыԥхьуан асаит аҿы, уи Закан Нанба, Ҭемыр Надараиа, Муҳаммад Кьылба иҟарҵаз аибашьра ахҳәақәа роуп . Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз ирызкыз анҵамҭақәа уҳәа, иахьынӡасылшоз аибашьра адаҟьақәа раартра сҽазысшәон.
Ашықәс ахыркәшамҭаз исҩыз иреиуоуп "Ачара асезон хыркәшауа" захьӡу аколонка. Даҽа аамҭанык еиԥшымкәа ииасыз ашықәс азы ачарақәа рахь ныҟәатәыс исоуит. Афинансқәа ртәы ҳамҳәозар, исҳәарц сылшоит ииасыз ашықәс агәырӷьаратә хҭысқәа маҷмызт ҳәа. Ииашоуп, уи санҵамҭаҿы ишысҩыз еиԥш, иҟоуп исгәамԥхо ачаратә традициа ҿыцқәа, аԥша иаанаго амода. Сгәыӷуеит ҳаԥхьаҟа уи аҭра иҭалап ҳәа, избанзар ажьымдыр еиԥш ҳаԥсҭазаара иацраҳәоу атрадициа ҿыцқәа рацәахеит.
Иҳамбаӡакәа имҩасит шықәс наҟьак, аԥхьаҩцәа роуп ҳәарада ҳусура ахәшьара азҭарц зылшо. Акәты иалшо акәтаӷь ауп рҳәоит, саргьы исылшаз асаит адаҟьаҿы ишьҭоуп.
Ахатә ԥсҭазаара атәы сҳәозар, еиҭакра дукгьы ыҟам, сыҷқәын аиҵбы Санткт- Петербургтәи арратә академиа далганы дахьааз атәы сымҳәозар. Актриса лаҳасабла исоуз алшарақәа иреиуоуп иҭыҵыз асериал Ҭемраз Кәакәасқьыр режиссиорс дызмоу, продиусерс иара убас ароль хада анагӡаҩыс Ҭемраз Ҭаниа дызмоу "Старт" аплатформазы иҭырхыз "Ҽнак зны Аԥсны" (Однажды в Абхазии) аҿы аепизод аҿы ацәырҵра. Уаҟа сара инасыгӡон амчраҿ иҟаз апрезидент идгылоз ашкол адиректор лроль. Иалҵыз ахәшьара аҭара сцәыуадаҩуп, аха акино-ԥышәа хшыҩзышьҭра зысҭо жанруп. Исоур алшара даҽа зныкгьы сақәшаҳаҭхон уи акино иацу аҿы ахәмарра.
Акультуратә ԥстазаараҿы ииасыз ашықәс азы иалскаауеит Ибрагим Ҷкадуа Фазиль Искандер ипремиа дахьаԥсахаз. Ашықәс ахыркәшамҭаз аныҳәатә хәылԥазы, аԥсуа театраҿ А. Островски илакә "Асҭыԥҳа" уҳәа, агәалаҟара бзиа узҭо ахҭысқәагьы сԥыхьашәеит, аполиткатә хынҭаҩынҭарақәа Апарлмент аԥхьа ишцәырҵызгьы. Ҽаанбзиала, ҳазҭалаз ашықәс иаҳзаанагааит илашоу ажәабжьқәа. Шьардаамҭа!