Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟазацәа рхәышҭаара: Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла 85 шықәса ахыҵит

© Sputnik / Леон Адлейба Национальная картинная галерея Республики Абхазия_ФЛ
Национальная картинная галерея Республики Абхазия_ФЛ - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла аԥҵан Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа арҵаҩцәа раԥшьгарала 1939 шықәса рзы. Раԥхьаӡакәны аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа еиҿкаан 1940 шықәса рзы.
"Аҵара наркомс дыҟан Занҭариа, уи иажәалагала 1936 шықәсазы иаԥырҵеит асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ҳәа. Уи аамҭазы, аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа ҳәа аӡәгьы дыҟамызт, иҟаз аурысцәеи ақырҭцәеи ракәын. Дара рыӡбахә ҳҳәозар дыҟан Садокеевич ҳәа, Бухов, Контеров, Петров. Дара рымчала ишьақәгылеит ари Аидгыла. 1937 шықәсазы Лакоба ибзоурала иаартын асахьаҭыхратә школ. Ари ашкол аҟны ҩышықәса ахәыҷқәа аҵара рҵон, уи ашьҭахь ари ашкол ҟарҵоит училишьены. 1939 шықәсазы ари ашкол аҵаҩцәа рыцхыраарала иаартын ацәыргақәҵа. Уи ашықәс инаркны ауп изыԥхьаӡоу асахьаҭыхыҩцәа рхеидкыла шьақәгылеит ҳәа", - иҳәеит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Витали Џьниа.
Шықәсыктәи аусурала раԥхьатәи зшьаҿақәа ҟазҵоз Аидгыла ҿыц иалнаршеит Аԥсны аус зуаз асахьаҭыхҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аартра, уи нахыс асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла мҽхакы ҭбаала аусура иалагеит, еиҵагыло иалагеит раԥхьатәи аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа.

"Аԥсуаа рҟынтә раԥхьатәи асахьаҭыхыҩ ҳәа дыԥхьаӡоуп Марина Ешԥҳа, лара акыр шықәса дахагылан асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла. Лара ллагала дууп,Марина Ешԥҳа дҟаза дуӡӡан, адырра ду лыман. Лара леиԥш иҟаз асахьаҭыхыҩцәа ҳамаӡамызт усҟантәи аамҭазы. Ашьҭахь, раԥхьатәи асахьаҭыхыҩцәа Академиа иалганы иааз иреиуоуп: Хәыта Аҩӡба, Зоиа Џьынџьалԥҳа, Иури Ҷкадуа, Станислав Иванба – дара аиҳабыратәи абиԥарахь иаҵанакуеит. Дара рышьҭахь Витали Лакрба, Сергеи Ҵәыџьба, Уасил Мхонџьиа уҳәа реиԥш иҟаз цәырҵуа иалагеит. 70-тәи ашықәсақәа рзы даараӡа ишьҭыҵуеит аԥсуа аҟазара, аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа еиҵагылоит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра 1992-93 ашықәсқәа рзы ааха ӷәӷәа аиуит асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла.
"Аԥсны арыцҳара ианақәшәа асахьаҭыхыҩцәа 17-ҩык аиааира рхы ақәырҵеит, урҭ рҟынтә фҩык Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьыӡ ҳаракы рыхҵоуп, хәҩык Леон иорден ранашьоуп, ԥшьҩык "Агәымшәараз" амедал иаԥсахеит. Аибашьра ашьҭахь Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба аҟазара иадҳәалаз зегьы дацклаԥшуан, уи ашьҭыхра дашьҭан. Аԥсны ахы аҵыхәа цәыргақәҵак ҳаманы иҟазар, иара дымнеикәа ҟаломызт. Аибашьра анцоз Санкт-Петербург ааԥхьара ҳаман, ҳара ацара ҳҭахымызт, аха иара дҳацәҳаны ҳишьҭит, уи аҵакы еиликаауан иара", - иҳәеит иара.
Витали Џьниа ҷыдала иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аидгыла абзоурала иҟаҵоу аусқәа шырацәоу. Аиҳабыратәи абиԥара иаҵанакуа асахьаҭыхыҩцәа аҿарацәа ишрывагылоу.
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахнтәаҩы ихаҭыԥуаҩ Витали Џьниа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.09.2016
Арадио
Џьниа: асахьаҭыхыҩцәа аиҳабыратә биԥара аҿарацәа зегь рыла ирыцхраауеит
Витали Џьниа иажәақәа рыла ацәыргақәҵатә зал аҟны иазԥҳьагәаҭоуп лассы-лассы аԥсуа аурыс сахьаҭыхцәа рцәыргақәҵақәа рымҩаԥгара.
85 шықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла еиҵанааӡеит абаҩхатәра злоу, агьама ҷыда змоу асахьаҭыхыҩцәеи, аҿыханҵаҩцәеи, аграфикцәеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0