Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Хыԥсҭа ақыҭан амшцәгьақәа рыхҟьаԥҟьақәа зегьы аԥыхуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Уборка территории
Уборка территории  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.01.2024
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион аҿы ԥхынҷкәын 23-24 руха иасыз аԥшаӷәӷәа иахҟьаны ахатәыҩнқәа 15, аинфраструктура ааха роуит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 8 - Sputnik. Хыԥсҭа ақыҭан амшцәгьақәа рыхҟьаԥҟьақәа зегьы аԥыхуп ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз ақыҭа ахада Геннади Ԥҳазариа.
"Иацы аусурақәа зегьы ҳрылгеит. Араион ахадара атехника ҳарҭеит, зегь ықәаҳгеит, иаҳрыцқьеит. Зышьаҭақәа уашәшәыраз аҵлашьаҭақәа жәаба ԥаҳҟеит, иқәаҳгеит", - иҳәеит иара.
Ԥҳазариа иажәақәа рыла, иасуаз аԥша ақыҭа ахадара ахыбра иакәыршаз аанда 150 метра канажьит, уи аиҭашьақәыргылара азҵаара иалацәажәан аԥыза-министр Александр Анқәаб иҿы.
Гәдоуҭа араион аҿы ԥхынҷкәын 23-24 руха иасыз аԥшаӷәӷәа иахҟьаны ахатәыҩнқәа 15, аинфраструктура ааха роуит. Ԥҳазариа иажәақәа рыла, Хыԥсҭа ақыҭан аҩнқәа ҩба рхыбқәа шеибгаз ирыхнахит, даҽа ԥшь-ҩнык аԥхасҭа роуит. Анхацәа рхатәы мчқәа рыла аамҭалатәи ахыбқәа рхырҟьеит, аха уи ашьҭахь даҽа мшқәак иауаз ақәа урҭ ирзаанымкылеит, анхацәа рмазара бжьнахит. Ахыб ҿыцқәа ықәырҵеит ажьырныҳәа 2-3 2024 шықәса рзы.
Аԥхасҭа зауз аматериалтә цхыраара рыҭара азҵаара акәзар, уи мышқәак ирылагӡаны араион ахадара ирыӡбараны иҟоуп. Шаҟа рызшәатәу ҭырҵаауеит Гәдоуҭа араион ахадараҿы иаԥҵоу акомиссиа.
Центр города Гудаута  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.12.2023
Аԥсны
Амшцәгьа иахҟьаны аԥхасҭа зауз ауаа рырзаҳалқәа рыдыркылоит Гәдоуҭа
Ажәабжьқәа зегьы
0