Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Амаининг аппаратқәа аԥсуа-аурыс ҳәаа ахыгара аԥырҟәҟәаан

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМайнинг-ферма на территории технополиса "Москва"
Майнинг-ферма на территории технополиса Москва - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Аԥснытәи аҳазалхыҩцәа амаининг аппаратқәа аԥсуа-аурыс ҳәаа ахыгара аԥдырҟәҟәааит, абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы.
Иазгәаҭоуп, аппаратқәа ҳԥа шаарԥшыз амашьына Nissan Terrano агәаҭараан. Аԥсҟы икын Берулаа П.Г.
Иара убас даҽа х-аппаратк WhatsMiner M30S+ зымчхара 104 Тх/с иҟоу рбеит Аԥсныҟа аҳәаа иахысуаз амашьына Toyota Alphard, аԥсҟы икын Нарманиа Б.И.
Административтә зинеилагаразы ашьаусқәа хацыркуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0