Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Уеиԥхыӡыр, узқәымгәыӷуа амҩа уоуеит": ашаха ахархәареи аԥхыӡқәа рҿы ҵакыс иамоуи

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЭкспедиция учебного парусного судна "Седов" по маршруту Северного пути
Экспедиция учебного парусного судна Седов по маршруту Северного пути  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2024
Анапаҵаҩра
Ашаха иазкны аматериал ҳзеиқәлыршәеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Абзазараҿы ахархәара ҭбаа змоу амаҭәарқәа ирыҵанакуеит – ашаха (урысшәала "веревка"). Анхараҿы ицхыраагӡоу ашаха иаҿырԥшны аԥсуаа идырҿиаз ажәаԥҟақәоуп: "Ашаха иазҿамҳәаз - ажәа иҿанаҳәоит", "Ашаха аузар, ажәа кьаҿзароуп", "Ашаха - аузароуп, иӷәӷәазароуп, ажәа - кьаҿзароуп, иҟәышзароуп", "Ашаха бзиоуп иаузар, ажәа кьаҿзар".

Ашаха злырхуаз

Ҳазҭагылоу аамҭазы ашаха ааухәар улшоит уназыдгыло, зхыԥхьаӡара рацәоу абзазаратә дәқьанқәа рҟны. Амала есымша ус иҟамызт. Акыр шықәсақәа раԥхьа аԥсуаа ашаха рнапала иҟарҵон.

Аныцә (азгә. "конопля посевная") – зыжәла азеҭ злыҵуа, зцәа ашаха алырхуаз, шықәсык нызҵуа иҳараку ҳаскьынжәлоуп. Ауаҩы дҵызшәаауа, ԥсабарала иалоу анаркотикатә маҭәашьарқәа аҵырдыраанӡа аус бзиақәа ирызкын.

Аԥсуаа ажәытәан аныцә аарыхны зхаҭабзиара ҳаракыз ашахақәа, аҷапырхәақәа, ашашәақәа алырхуан.
Аныцә ашаха шалырхуаз атәы далацәажәо Ӡаӡ Дарсалиа иавтобиографиатә повест "Аԥсҭазаара аҟнытә" аҿы иҩуан: "Изазо ана-ара еилагылан ипеихәа-пеихәаӡа иҟаз аныцә. Аныцә ацәа шаханы аршара здыруаз ираҳҭон бжала, ма ҳара ҳзы амала ашаха дыршарц".

Ашахеи ацәеи

Аԥсуа жәлар рмифологиа данубаалоит ацәа анцәахәы Цәаблаҟы. Лара ауаҩы даныцәоу игәы дықәтәаны, ихәда кны дылхәаҽырц далагоит, мамзаргьы иблақәа лкуеит, дааԥшыр луӡом. Убри инаҿырԥшны ашьыжь агылара зцәыуадаҩу, лассы изымгыло изы ирҳәоит "Цәаблаҟы дылкит (дыхҭалкит)" ҳәа.
Тихий час - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2018
Цәаблаҟи Напкылҵәеи: аԥсуа мифологиаҿы ауаҩы ицәа анцәахәқәа
Цәаблаҟы ауаҩы дихаԥазар, ицәа ҭынчымхо, ма дзалымҵуа далагазар, ихчы аӷәра, ма ашаха аҵарҵон. Анцәахәы уи дацәшәаны дцоит, уаҳа имԥан дықәлаӡом, ауаҩгьы ихы дақәиҭхоит ҳәа азгәарҭон.

Ашаха аԥхыӡқәа рҿы

Абзазараҿы имаҭәахәу ашаха аԥхыӡқәа рыҟны иҳанаҳәо маҷым. Иаагозар:
Ашаха удыркуа уеиԥхыӡызар – узқәымгәыӷуа амҩа уоуеит.
Ашаха шьҭухуа убар – узқәымгәыӷуа мҩа бзиак алухуеит.
Ашаха еиларшә аиԥхыӡра – аныҳәараз амҩа ақәлара иазҳәоуп.
Ашаха аӡиас ахыршәлара – ахҵәара, аџьынџь ахыҵра иазҳәоуп.
Ашаха аиԥхыӡра – амҩа ақәлара иазҳәоуп.
Ашаха ҩбаны аидыхра уеиԥхыӡыр – иухугахьоу ҩ-уск еиҭа еилыргатәхоит.
Сон - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.01.2021
"Аӡы цқьа ухыԥшылозар - ажәабжь бзиа иатәуп": аԥхыӡқәа ирыдҳәалоу ажәлар разгәаҭарақәа
Ажәабжьқәа зегьы
0