Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Тәым лаԥш иаҟәыгазааит": Маркәыла Ашәуаа Ажьырныҳәа шымҩаԥырго

© Foto / сзаалышьҭит Оқсана АшәуаАжьырныхуа в с.Маркула. Семья Ашуа
Ажьырныхуа в с.Маркула. Семья Ашуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.01.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа жәытәнатәаахыс икамыжькәа, абиԥарала еимдо иаарго Ажьырныҳәа Маркәыла ақыҭан инхо Ашәуаа рҭаацәараҿы ишымҩаԥырго атәы ҳзеиҭалҳәоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Аԥсуаа ртрадициатә ныҳәара Ажьырныҳәа ишдыру еиԥш иазгәарҭоит жәытәла Ашықәс ҿыц аназгәарҭо ауха. Аха ажьира ахаҭаҵәҟьа иаҵагылоу иҟоуп макьана ари аныҳәа азгәазымҭац, избанзар урҭ дара ианрықәу аҽны ауп ианныҳәо, мамзаргьы даҽа мзызқәак ирыхҟьаны ари амза иҭагӡаны иазгәазҭарц згәы иҭоу. Аиҳарак ари аныҳәара иазалху амшқәаны иԥхьаӡоуп ашәахьеи аԥшьашеи. Иазгәаҭатәуп, бзыԥаа рҿы атрадициатә ныҳәарақәа раӷьырак шәахьалеи ԥшьашалеи ишымҩаԥырго, уи Ажьаҳара аума, ахәыҷы иныҳәара аума, аԥаҭлыка акныхра (аарыхра иазку аныҳәара), даҽа ҿаҭахьак аума уҳәа жәпакы. Абжьыуаа рҟны акәзар, шамахамзар, арҭ еиқәаҳаԥхьаӡаз аныҳәарақәа еиҳарак мҽышалоуп ианымҩаԥырго, Ажьырныҳәа – иара ианақәшәо иарбан мшызаалакгьы иҟарҵоит.
Ажьырныҳәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.01.2024
Аԥсны
Ажьырныҳәа ашьаҭақәа рызхьаԥшреи уи иахьатәи аҵаки
Очамчыра араион Маркәыла ақыҭа Чақа иԥа Митиа Ашәуа иҭаацәараҿы Ажьырныҳәа иаԥылоит иара ианақәшәо амш азы. Чақа ԥшьҩык аҷкәынцәеи ԥҳазаҵәыки иман, иара иҟынтәи ихәыҷқәа, имаҭацәа ишраҳахьаз ала, Ашәуа ҳәа ажәла иныҟәырго Ашәынтәи (Нхыҵ Кавказ, иахьа абазақәа - ашәуаа ахьынхо) аҟынтәи иаауеит.
"Сабду еиҭеиҳәо саҳахьан, ашәыуак ашьра иахҟьаны дхыҵны дааит. Уи дзықәтәаз аҽы ҟамчыла ианас, иара ихьымӡӷишьан, ашьра ҟаиҵеит. Иара хҩык аԥацәа иман: руаӡәы Маркәыла дынхеит, егьи – Кындыӷ, ахԥатәи – Гал (Самырзаҟан). Сабду Чақа иара жәытәнатәаахыс ишибахьаз убас имҩаԥигон Ажьырныҳәа. Иара игәы бзиамкәа, имч цаны, илымшо даныҟала, аишьцәа иреиҳабыз саб иакәын, саб даҵаиныҳәан, ацәашьы ииркит. Саб ари аныҳәа ҽнакгьы иахимгац, Анцәа иумҳәан, цәгьарак ҟалар, иахигоит акәымзар, ҽнак иахимгац, есышықәса иара ианақәшәо, ажьырныҳәа 13 ауха иҟаиҵоит", - ҳәа еиҭалҳәоит Чақа Ашәуа имоҭа Оксана Ашәуа.
Праздник Ажьырныхуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2024
Аԥсны
"Азҩа-ԥхӡы Анцәа иаҳзааумган": аԥсуаа Ажьырныҳәа шымҩаԥырго
Чақа иҷкәынцәа реиҳабы Митиа Ашәуа иаб ишиҿиҵааз еиԥш ари аныҳәара мҩаԥигоит. Иара данаҵаиныҳәоз, ажьираҿы днаганы, ашьтәа шьны диныҳәеит, ацәашьы ииркит, "шьҭарнахыс амаа укуп" ҳәа. Убринахысгьы Маркәыла, иаб игәараҭаҿы иныҳәо иара иоуп. Чақа ихылҵыз еиҿыҵны хаз-хазы ишынхогьы, Ажьырныҳәа аухаз раб игәараҭаҿ аҭаацәара ду зегь еизоит. Митиа иашьцәа, иаҳәшьа; урҭ ирыхшаз, рмаҭацәа дара зегь џьарак иныҳәоит. Ашәуаа рҭаацәара еизҳацыԥхьаӡа, аҵеи-аҷкәын шықәсык анихыҵлак, ажьира даҵаиныҳәоит ачгара ианыҵам мшык налхны, ашьтәа шьны, убринахыс ауп Ажьырныҳәахь анеира азин аниоуа. Иазгәаҭатәуп, Митиа Ашәуа иҭаацәараҿы ажьира аӡӷаб дшаҵадмыргыло хаҵа дцаанӡа. Аӡӷаб аҭаацәара даналала инаркны ауп лмарҭхә лыманы дааны ажьира данаҵагыло.
© Foto / сзаалышьҭит Оқсана Ашәуа

Ашәуаа рҭаацәара аиҵбыратә абиԥара

Ашәуаа рҭаацәара аиҵбыратә абиԥара  - Sputnik Аҧсны
1/4

Ашәуаа рҭаацәара аиҵбыратә абиԥара

© Foto / сзаалышьҭит Оқсана Ашәуа

Митиа, Гарри, Клава Ашәуаа

Митиа, Гарри, Клава Ашәуаа - Sputnik Аҧсны
2/4

Митиа, Гарри, Клава Ашәуаа

© Foto / сзаалышьҭит Оқсана Ашәуа

Игор, Гарри, Митиа (аишьцәа гәакьацәа роуп, жьирак еицаҵагылоуп, дныҳәоит реиҳабы Митиа - арыӷьарахь итәоу)

Игор, Гарри, Митиа (аишьцәа гәакьацәа роуп, жьирак еицаҵагылоуп, дныҳәоит реиҳабы Митиа - арыӷьарахь итәоу) - Sputnik Аҧсны
3/4

Игор, Гарри, Митиа (аишьцәа гәакьацәа роуп, жьирак еицаҵагылоуп, дныҳәоит реиҳабы Митиа - арыӷьарахь итәоу)

© Оксана Ашуа

Митиа Ашәуа ииныҳәо иарбаӷь ихыганы диныҳәоит.

Митиа Ашәуа ииныҳәо иарбаӷь ихыганы диныҳәоит. - Sputnik Аҧсны
4/4

Митиа Ашәуа ииныҳәо иарбаӷь ихыганы диныҳәоит.

1/4

Ашәуаа рҭаацәара аиҵбыратә абиԥара

2/4

Митиа, Гарри, Клава Ашәуаа

3/4

Игор, Гарри, Митиа (аишьцәа гәакьацәа роуп, жьирак еицаҵагылоуп, дныҳәоит реиҳабы Митиа - арыӷьарахь итәоу)

4/4

Митиа Ашәуа ииныҳәо иарбаӷь ихыганы диныҳәоит.

Аныҳәара ахаҭа ачысхә ҳәа иԥхьаӡоуп: арбаӷь, ачашә, ацәашьы. Аныҳәаҩ ихаҭа хышықәса рахь знык рбаӷьла акәымкәа, шьтәала ихы иныҳәоит, иабацәа ишидырбаз ала.
"Абарҭ роуп ҳара иҳақәу, ашьтәа ҳақәӡам" ҳәа еиҭарҳәоит аныҳәа мҩаԥызго Ашәуаа. Есышықәса рыцыԥхьаӡа арбаӷьқәа ршьуеит, ачашә ҟарҵоит, ацәашьы адыркуеит. Аныҳәаҩ аԥхьа "абзара аирбоит", зегь аӡәаӡәала рарбаӷьқәа рхыганы дныҳәоит. Ииныҳәо иарма шьапы арсны иарӷьа шьапыла дшьамхнышгылоит. Анаҩс зегь еицхырааны рчысхә дырхиоит, досу иара иарбаӷь, ичашә, ицәашьы меиларҩашьакәа иҟарҵоит. Ахәылԥаз абарҭ рчысхәқәа рыманы аныҳәаҩ раԥхьа дгыланы ажьирахь инеиуеит. Уаҟа аныҳәаҩ деиҭаныҳәоит, зегьы рарбаӷьқәа агәи агәаҵәеи агьама дирбоит, дара аԥхьа ишыҟарҵаз еиԥш рызшьамхык арсны (аха уаанӡеиԥш аӡәаӡәала акәымкәа), еикәшаны инышьамхнышгылоит, иара рцәашьқәа зегь неидкыланы иаркны дырхыкәшоит, аҵыхәтәан иара ихгьы инахыркәшаны инаган икыдиҵоит.
"Ажьира Аҳ дуӡӡа! Абра ҳааины ушьапы ҳкуеит! Улԥха ҳаманы, угәыԥха ҳаманы! Абар амзагьы аҟалара (агылара - Е. Ҭ.) иаҿуп, ҽааны абри ашҭа дуӡӡа ҳазымкуа, ҳаҟара ҳацло, аизҳара ҳауҭаразы, аманшәалара ҳауҭаразы ҳуҳәоит!" - ҳәа, амзаҿа анкыду еиԥш, агьежь амыркӡакәа, ихагьежьаан зызшьамхык арсны итәоу иҵакыра, амза рықәыҷҷа иныҳәоит Митиа Ашәуа жәын ишыҟарҵалоз еиԥш.
Иалкаатәуп, Митиа Ашәуа иҭаацәара Ажьырныҳәа архаикатә шьаҭақәа еиқәырханы ишаарго. Урҭ иреиуоуп иара ари аныҳәараҿы аҩы шҭоу аҵәца кны дахьымныҳәо Ажьырныҳәа аҽны. Убриаан ажьира-ҳаԥшьа, лымкаала Ажьырныҳәа мацара иазку изыҵоуп, еснагь ҭагалан аҩы анҭарҭәо, егьырҭ иҳаԥшьақәа раԥхьа ирҭәуа. Аха уи хыртны данахныҳәо Амшаԥы хымш шагу ауп.
"Амшаԥы хымш шагу, аҿбаара иахьыҵоу азыҳәан, ахәажәақәа ашә агәыламҵакәаны дахныҳәоит, Ажьырныҳәа иаҵагылоу зегьы-зегь ҳаҟоуп аҳаԥшьа аныхиртло. Убраҟагьы досу ҳмарҭхәқәа ааҳгоит – ацәашьы. Убасоуп ҳара ишҳақәу", - ҳәа еиҭалҳәоит аныҳәаҩ имоҭа.
Аҳаҧшьа - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2019
Аҳаԥшьа – аныҳәагатә иадыргало "инымҵәаӡо аҩы"
Иара ихаҭа урҭқәа аиҭаҳәара иҭахӡам, бзиа ибаӡом, ҳара ҳаниазҵаауагьы иҳаиҳәаӡом ҳәа салҳәеит лара. Иҟалап, аҷкәын бзиа иибаз аҭыԥҳа, ҽа блак дамбандаз ҳәа, егьырҭ рылаԥш дацәиҵәахыр аниҭаху еиԥш иаҩызазар уи аӡбахә ахьимҳәо. Ҳаргьы ари анҵамҭаҿы амаӡақәа зегь ааҳартуам, иара егьырҭ ҳанҵамҭақәа рҟын еиԥш, аинформациатә ҵакы заҵәык ада.
Ҳныхахәқәеи, ҽаӡә изныҟәымго ҳаԥсуареи, ҳҭыԥҳа ԥшӡа Аԥсни тәым лаԥш иаҟәыгазааит!
Барцыцԥҳа Ажьырныҳәазы: ақәра дуӡӡа змоу ныҳәоуп - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.01.2024
Арадио
Барцыцԥҳа Ажьырныҳәазы: ақәра дуӡӡа змоу ныҳәоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0