Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ҩына-ҩына, ҩаԥа-ҩаԥа": ахәыҷы ирныҟәаразы дыррақәак

© Sputnik / Леон Адлейба Новорожденный ребенок
Новорожденный ребенок   - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.01.2024
Анапаҵаҩра
Ахәыҷы ирныҟәара иазку дыррақәак ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Ахәыҷра гәырӷьароуп, ччароуп,
Ахәыҷра иеҵамхо зҳароуп.
Ахәыҷра ашәҭқәа реиԥш иԥшӡоуп,
Иазхьаауа даара ирацәоуп.
Леуа Леиба
Ахәыҷра дунеи дуӡӡак амҽханакуеит! Агәалашәарақәа ирчықьмаџьоуп, анаҩс ԥхыӡушәа инаумпыҵабо. Иагьа ус иҟазаргьы, ухәыҷра агьама наунагӡа иуцзаауеит.
Иуҳәаз раԥхьатәи ажәа, иҟауҵаз раԥхьаӡатәи ашьаҿа, иууз раԥхьатәи ацәиккра ргәалашәараҿы иаанхоит, ргәы инҭаршәны ирҵәахуеит иузааигәоу, бзиа узбо ауаа.
Новорожденный ребенок   - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2023
Ажьамкреи ашьапныҳәеи: ахәыҷы игәабзиара иазку ақьабзқәа

Раԥхьатәи ашьаҿа

Ауаҩы дани инаркны идунеи иԥсахаанӡа иԥсҭазааратә мҩа дануп. Убри инамаданы ахәыҷы изы раԥхьатәи ашьаҿа аҟаҵара акыр зҵазкуа хҭысуп.
Ԥаса аԥсуа ҭаацәарақәа рҿы асаби данилак, агара дахьгараз иан агарашәа изҳәо, дырҵысуа длырцәон. Ахәыҷы данхыжәхалак, аныҟәара иҽаныназикуаз аамҭазы, ҷыдала ахәыҷы аныҟәашьа анидырҵо ирҳәо ашәа изҳәо аныҟәара дадыршьцылон. Ахәыҷтәы фольклор иагәылоу урҭ ашәақәа руак абас иалагоит:
Ҩына-ҩына,
Ҩаԥа-ҩаԥа,
Ҩаԥа-рашәа,
Сауан Дыка,
Дыка ԥхӡы,
Шалубаҭ,
Баҭа-шаҟәа,
Шаҳангьери,
Қауаҷа.
Новорожденный ребенок с матерью - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2018
Раԥхьатәи анапхыц, раԥхьатәи ахаԥыц: ахәыҷы шықәсык ихыҵаанӡа имҩаԥырго ақьабзқәа

Ахәыҷы аныҟәара ицәыуадаҩхазар

Зны-зынла убас иҟалалоит, ахәыҷы шықәсыла иныҟәара аамҭа ианахыԥо, арахь ихаҭа аныҟәара аницәыуадаҩхо. Ари аҩыза ахҭыс иақәшәаз аҭаацәа рқыҭаҿы, рҳаблаҿы ма уи анҭыҵ инхо аԥҳәыс цқьа дааԥхьаны ддырныҳәоит, ахәыҷы даниз амш инақәыршәаны. Аныҳәаҩ ахәыҷы ихьӡала ачашә мгьал лӡуеит, акы ианҵаны ашәхымс аҟны иқәылҵоит. Ишьапқәа еилыхны, ачашә инақәыргыланы, ҳәызбала, ишьап хәыҷқәа иаарываргьежьны амгьал ԥылҟоит. Дныҳәа-ныԥхьо илҳәоит: "Иахьарнахыс Ҳазшаз имчала ахәыҷы имҩа аатхарц, аныҟәара игәаԥхо дҟаларц".
Ашьҭахь ҩыџьа ахәыҷқәа ааганы, наҟ-ааҟ изымныҟәо ахәыҷы ижәҩахырқәа иаҵалыргылоит. Нас амгьал чашә еиҩшаны рыцыԥхьаӡа амхны инадлыркуеит. Ахәыҷқәа рҩыџьагьы иара ахәыҷы дырхәмаруа дрыман агәарԥ ахь ицоит. Иҭаԥҟаны иаанхаз ачашә аҩны иҟоу дхәыҷума-ддуума, гәык-ԥсыкала иқәныҳәауа ирфоит. Ачашә мгьал зегьы ианырзылшалак ашьҭахь, аныҳәаҩгьы агьама лбоит.
Аныҳәара ашьҭахь, мышқәак рыла ахәыҷы аныҟәара далагоит.
Адәныҟа ҳәа ахәыҷы иныҳәара - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2018
"Адәныҟа" ҳәа ахәыҷы иныҳәара аҵаки амҩаԥгашьеи

Асаби ԥхыӡла дубар

Аԥхыӡқәа рдунеи аҿы ахәыҷы ибара еиуеиԥшым адыррақәа узаадыртыр рылшоит. Убри инамаданы абра иаазгоит сеиҳабацәа рҿынтә исаҳахьаз "ахәыҷы ԥхыӡла ибара иаанаго" ҳаилзыркаауа аҿырԥштәқәа акык-ҩбак:
Аӡҟы дукәабо уеиԥхыӡыр – акыраамҭа иузымыӡбацыз аус аӡбара иазҳәоуп.
Ахәыҷы уицыхәмаруа ԥхыӡла иубар – угәҭакы наӡоит.
Ԥхыӡла асаби дыкны дубар – ачымазара иамааноуп.
Ԥхыӡла агара ааухәауа убар – аҵеи иира, аизҳара иазҳәоуп.
Аԥҳәыс ахәыҷы ԥшқа дылгәыдкылан ԥхыӡ илбар – аҩнаҭа аиҳабацәа гәамбзиарак роуеит.
Астатиа аиқәыршәараҟны ахархәара азун агазеҭ "Агара" №4, 2007 шықәсазтәи аҭыжьымҭа.
Ажәабжьқәа зегьы
0