Урыстәыла

"Азов" алахәыла иԥсахьынӡаҭоу дҭакхоит Мариуполь аҭаацәара ахьишьыз азы

© Sputnik / Томас Тхайцук Судебный молоток
Судебный молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2024
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы аҭынч уааԥсыра рганахьала украинатәи аруаа имҩаԥырго ацәгьоурақәа ҭырҵаауеит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 16 - Sputnik. Иҷыдоу ахықәкы назыгӡо аотриад "Азов" апулемиотчик Сергеи Михаиленко иԥсахьынӡаҭоу зрежим ӷәӷәоу аколониаҿы аҭакра иқәҵоуп ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Михаиленко ахара идҵоуп аоккупациа зызуу аҵакырақәа рҿы ҩыџьеи ҩыџьа инареиҳани ауаа рышьреи мҽыӷрыла аҭынч уааԥсыра рызныҟәареи рзы.
Аусӡбарҭеи аусҭҵаареи ишьақәдыргылеит 2022 шықәса хәажәкырамзазы Мариуполь административтә хыбрақәа руак аҿы имаҵзура анынаигӡоз, амашьына ахәыҷқәа назлоу аҭынч уааԥсыра шақәтәоу азы аҩыра анны ишиасуаз шибаз.
Сергеи Михаиленко адҵа иоуит хҩык ахәыҷқәа назлаз аҭынч уааԥсыра мҩанызгоз автомашьына автомат ала деихсырц. Ҩыџьа ахацәа, аԥҳәыс, хышықәса зхыҵуаз ахәыҷы аҭыԥ аҿы рыԥсҭазаара иалҵит. Андуи ҩыџьа ахәыҷқәеи еиқәхеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0