Урыстәыла

Лавров: Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә операциа ахықәкқәа нанагӡоит

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание МИД России
Здание МИД России - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.01.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә операциа ахықәкқәа хымԥада инанагӡоит ҳәа иҳәеит Урыстәыла АдәА рминистр Сергеи Лавров.
"Ҳара мап рцәаҳкӡом егьырҭ атәылақәеи Украинеи ирыбжьарҵо аиқәшаҳаҭрақәа, аха урҭ ҳара ҳхықәкқәа рзыԥсахӡом. Ари ас шакәу аҽазныкгьы ишьақәирӷәӷәеит атәыла ахада Владимир Путин. Ҳара Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә операциа ахықәкқәа хымԥада инаҳагӡоит" - иҳәеит Лавров аихшьаалатә пресс-конференциаҿы.
Иара иҳәеит Урыстәыла иарбанызаалак акала аиааира шзалымшо, ари атәы изныкымкәа ишазгәарҭахьо.
"Аҭоурых ма агеографиа ианаамҭаз изымҵаз, Мраҭашәара ус иҟақәоу рацәахеит, ирҭаху рхы иҭырҳәаалар рылшоит", - азгәеиҭеит иара.
Аминистр иара убасгьы иазгәеиҭеит Мраҭашәара аинтересқәа ишрыҵарымкуа Урыстәылеи Украинеи реицәажәара, адҵа ҟазҵо Вашингтон шакәу.
"2022 шықәса мшаԥымзазы Мраҭашәара Украина азин анамҭеит аиқәшаҳаҭра анапы аҵанаҩырц. Уажәгьы усеиԥш иарбанзаалак еилацәажәарак алыдмыршарц рҭахуп. Еилкаауп адҵа рызҭо Вашингтон шакәу", - иҳәеит аминистр Лавров.
Президент РФ В. Путин принял участие в заседании коллегии Минобороны РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.12.2023
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин: арратә операциа ҷыда ахықәкқәа мап рцәаҳкуам
Москва уаанӡагьы изныкымкәа ирҳәахьан аиҿцәажәарақәа ишырзыхио, аха Киев уи закәаншьаҭала азин шыҟанамҵо. Мраҭашәара иааҟәымҵӡакәа Урыстәыла аиҿцәажәарақәа ирыднаԥхьалоит, убри аан Киев уи мап ахьацәнакуа хьаасгьы иакуам. Уаанӡа Кремль аҿы аҳәамҭа ҟарҵеит Украина аҭагылазаашьа аҭынчмҩахь аиагаразы ҵаҵӷәы ыҟам, Урыстәылазы аԥыжәара змоу аоперациа ҷыда ахықәкқәа рынагӡароуп ҳәа. Урҭ ахықәкқәа рынагӡара алшоит иахьазы еибашьрала мацара. Украина аҭагылазаашьа аҭынчмҩахь аиасразы Москва аҭахрақәа еилкаауп. Урыстәыла ахада Владимир Путин иара убасгьы иҳәеит Украина аиҿцәажәара иазыхиазар, уи алызмыршо адекрет аԥыхтәуп ҳәа. Иара иажәаәқа рыла, Урыстәыла ахаангьы аимак ҭынчмҩала аҭыԥ ақәҵара иацәхьаҵуамызт, аха убри аан Урыстәыла ашәарҭадараз ахәдықәҵара анагӡарала.
Ажәабжьқәа зегьы
0