Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа аҩбатәи ашкол артҟәацга аҵоуп ҳәа Аԥсны АҶА ашҟа адырра ҟарҵеит

© SputnikВторая средняя школа в Сухуме
Вторая средняя школа в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа аҩбатәи ашкол артҟәацга аҵоуп ҳәа Аԥсны АҶА ашҟа адырра ҟарҵеит. Аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи ашкол идәылҵит.
Аҭыԥ аҟны аус руеит иҷыдоу аусбарҭақәеи АҶА аусзуҩцәеи. Ашкол ахыбра хыркааит. Аҭыԥаҟны днеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа.
Акинологцәа ргәыԥ ашкол ахыбра иҩналеит. Апроспект Леон аквартал аркуп.
Аԥсны АҶА аиҳабы Лев Кәыҵниа ашкол артҟәацга аҵоуп ҳәа иҟоу аҳәамҭа аҭагылазаашьа ахҳәаа аҭо иазгәеиҭеит, аусбарҭа аусзуҩцәеи акинологцәеи аинформациа аус шадыруло, аус шыруо ашәарҭадаратә абжьгарақәа ирықәныҟәаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0