Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны 2023 шықәса аҩнуҵҟа 700-ҩык инареиҳаны аҳәаатә закәанԥҵара еилазгаз ауаа аанкылоуп

© Sputnik / Марианна Кубрава Граница по реке Ингур
Граница по реке Ингур  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.01.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 23 - Sputnik. 2023 шықәса аҩнуҵҟа 700-ҩык инареиҳаны аҳәаатә закәанԥҵара еилазгаз ауаа аанкылоуп Аԥсны АШәМ аусзуҩцәеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәеи рымчала.
Иаԥырҟәҟәаауп 30 рҟынӡа закәаншьаҭада Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа аидарақәа рахыгара, илгоуп 900 ҭоԥ аконтрабандатә сигарет, амаининг азы ахархәагақәа фба.
Ихацыркуп 15 шьаус закәаншьаҭада аҳәаа ахысразы.
Илегалым аусурақәа мҩаԥызго ауааи аиҿкаарақәеи рганахь ала, Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны ирыдкылоуп азин ахархәарала анырра аҟаҵаразы ауснагӡатәқәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0